АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Ԥхынгәы.2023

Нанҳәамза 5 рзы Гал ақалақь аҿы аконцерти ақыҭанхамҩатә хәаахәҭратә цәыргақәҵеи мҩаԥгахоит.

Аҟәа. Ԥхынгәмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 5, 2023 шықәса рзы акультура Аминистрреи Гал араион Ахадареи рыцхыраарала Гал ақалақь аҿы араионтә рҿиаратә коллективқәа злаху аконцерти ақыҭанхамҩатә хәаахәҭратә цәыргақәҵеи мҩаԥгахоит.

Аԥсны атылауааи асасцәеи игәыҟаҵагоу амузыка азыӡарҩреи атәыла аҿы иҭрыжьуа афатә аалыҵқәа ргьама абареи рзы алшара рзаԥҵахоит.

Ахәаахәҭратә цәыргақәҵа алахәхаразы ааԥхьара рыҭахоит уи азы агәазыҳәара змоу зегьы: асахьаҭыхыҩцәа, анапҟазацәа,  афермертәи ахатәы нхамҩақәеи ныҟәызго, иара убас хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәеи аиуристә хаҿқәеи.

Алахәхаразы азыҳәамҭақәа нанҳәамза 1,  2023 шықәса аҟынӡа ирыдыркылалоит.  

Алахәхаразы аҽҭаҩра мҩаԥгахоит абри аҭел ала: +7 (940) 744-50-05.

 


Read 274 times - Ашәахьа, 17 Ԥхынгәы 2023 19:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.