АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Ԥхынгәы.2023

Ахада усуратә визитла Гал араион даҭааит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа усуратә визитла Гал араион даҭааит. Аҳәынҭқарра Ахада Гал Ақалақьтә парк хадаҟны дыҟан.

Администрациа ахада ихаҭыԥуаҩ Нарсоу Џьопуа Аслан Бжьаниа адырра ииҭеит 2022 шықәсазы ихацыркыз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥысуазы.

«30 шықәса раахыс апарк аҟны иақәнагоу аусурақәа мҩаԥгамызт. Шьҭа иԥсахуп асоветтә аамҭазы аӡымҩангаразы ишьақәыргылаз ажәытәтәи ажрақәа, ахаҳәтә цәхыԥқәа, арлашагақәа», - иҳәеит Џьопуа, арҭ аусурақәа аҭыԥантәи абиуџьет аҟнытә 5 млн мааҭк шырзаужьыз азгәаҭаны. Имҩаԥгоу аусурақәа ирылаԥхьаӡоуп ашьаҟамҩатә хаҳәҟьаԥсқәа рышьҭаҵара, асқамқәеи агәам-самҭрақәеи рыргылара.

Аусуратә ныҟәараан Аҳәынҭқарра Ахада ицын аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут.


Read 247 times - Ашәахьа, 17 Ԥхынгәы 2023 19:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.