АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Ԥхынгәы.2023

Очамчыра араион абиуџьет ахашәалахәқәа иазԥхьагәаҭаз арбагақәа раасҭа 83 млн. 523 нызықь мааҭ рыла еиҵахеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа араион актив алархәны Аҳәынҭқарра Ахада имҩаԥиго аусуратә еилатәара аҿы дықәгыло, 126 млн. 210 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоз иазԥхьагәаҭаз абиуџьет ахашәалахәқәа  рҟынтәи анагӡара 42 млн. 677 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит ҳәа адырра ҟаиҵеит. (33,8%).

«Уи 83 млн. 523 нызықь мааҭ рыла иазԥхьагәаҭаз ахашәалахәқәа раасҭа еиҵоуп. Абиуџьет анагӡара алмыршара, араион аҿы аус зуа аԥсыӡусдуларатә наплакқәа фба рҿы  аҭыжьратә аӡа – аҳамшьиа  аҟамлара ишиашоу иадҳәалахеит», – ҳәа иҳәеит Беслан Бигәаа.

Араион ахь адотациақәа 18 млн. 467 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.


Read 689 times - Аҩаша, 18 Ԥхынгәы 2023 13:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.