АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Ԥхынгәы.2023

Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №10 аҿы IT-акласс аатит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Н. Лакоба ихьӡ зху  Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №10 аҿы  IT-акласс аатит. Уи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр, ари ашкол аужьҭымҭа Инал Арӡынба ицхыраара иабзоурахеит.

Акласс ауада аҿы шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган, иахәҭоу аиқәыршәагақәа рыла еибыҭан 20 аҵаратә ҭыԥқәа, зылшарамч ӷәӷәоу аноутбукқәа аахәан.

Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа акомпиутертә техника азы аспециалист Левон Малхасиан иажәақәа рыла, ашколхәыҷқәа рзы акомпиутертә программаҟаҵара, адизаин, акомпиутертә графика аҵара азы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегьы рзаԥҵоуп.  

Ашкол адиректор Аида Кәарҷелиа Инал Арӡынба иҭабуп ҳәа иаҳәо, иара уажәадагьы ашкол ацхыраара шаиҭахьо азгәеиҭеит.  

«Иара уажәаԥхьагьы адгылареи ацхыраареи ҳаиҭахьан, ашкол акомпиутерқәа, аинтерактивтә ӷәқәа ҳамҭас иаиҭеит, алингафонтә класс ҳзааиртит», - ҳәа илҳәеит лара.


Read 269 times - Аҩаша, 18 Ԥхынгәы 2023 13:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.