АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Ԥхынгәы.2023

Апрокуратура Хада асоциалтә еиқәыршәареи адеографиатә политикеи рзы Аминистрра аҿы агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа хнаркәшеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Апрокуратура Хада Атәылауаҩра-ӡбаратә усбарҭа асоциалтә  еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рзы Аминистрра 2021 – 2022 шш. аусура амҩаԥгараан аџьатә закәанԥҵара ақәныҟәара ахьынӡазалыршаз агәаҭара иазкыз аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагеит.  Абри атәы аанацҳауеит апрокуратура Хада аофициалтә саит.

2021 шықәсазы имҩаԥгаз агәаҭара аихшьаалақәа рыла, Аминистрра ахь инашьҭын иаарԥшыз аилагарақәа рырҽеиреи аринахысгьы рыҟалара алмыршареи рзы азԥхьанҵа, убри аан Аминистрра аҿы аџьа азы аҳәынҭқарратә инспекциа аусура ишахҭоу ала аиҿкааразы инагӡатәу ауснагӡатәқәа инарҭбааны иалкаан.  

Иабоу азԥхьанҵа иахәаԥшит, анаҩс иарбаз агхақәа рырҽеира алыршахеит, насгьы азгәаҭарақәа зегьы ахшыҩзышьҭра рыҭоуп ҳәа адырра ҟаҵан.

Аха, анаҩс имҩаԥгаз агәаҭарақәа раан аџьа азы аҳәынҭқарратә инспекциа аусураҿы ҩаԥхьа агхақәа аарԥшхеит. Убри инамаданы, аминистрцәа Реилазаара ахь азакәанԥҵара иарбоу аилагарақәа ҟазҵаз ахаҿқәа алеишәатә хьырхәра рыҭарала  агхақәа рырҽеиреи аринахыс ралмыршареи рзы азԥхьанҵа дәықәҵахеит.


Read 479 times - Аҩаша, 18 Ԥхынгәы 2023 15:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.