АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Ԥхынгәы.2023

Аԥсны ачаӡыҩцәа реидгыла аҳәара ҟанаҵоит икоммерциатәу аиҿкаарақәа рзы ача ахәԥсақәа рҳәынҭқарратә ҳәаақәҵара аԥыхразы алшара рырҭарц.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиқәеи рзы Аилак инарҭбаау аилатәара аҿы иахәаԥшит икоммерциатәым апартниорра «Аԥсны ачаӡыҩцәа реидгыла» аҟнытә иааиз ааԥхьара. Ари аидгыла иҟанаҵаз ааԥхьараҟны ачашыла ахә еиԥш егьырҭ афатә аалыҵқәагьы рыхәқәа иахьрыцлаз, иара убас афымцамч иадҳәалоу азҵаарақәагьы азгәаҭаны, акоммерциатәу аиҿкаарақәа рзы ача ахәԥсақәа рҳәаақәҵара аԥыхразы алшара рырҭарц  аҳәара  ҟанаҵоит.  

Апарламент аҟны Бадрик Ԥлиа ихантәаҩрала имҩаԥысыз аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиқәеи рзы Аилак аилатәара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Апарламент аҿы ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, уи лхаҭыԥуаҩ Емма Голеузова, уҳәа ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Амистрра егьырҭ ахаҭарнакцәа, иара убас ачеи ача аалыҵқәеи ҭзыжьуа аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа. 

Аекономика аминистр анагӡаратә мчра иарбоу аусхкы аҿы ахәқәҵара азҵаара аӡбара шынанагӡо азы адырра ҟалҵеит. Уи лажәақәа рыла, ахәҭакахьала, ача ахәԥса ашьақәыргылара аметодика ашьақәырӷәӷәареи ари аалыҵ ҭзыжьуа анаплакқәа ррентабелра аҩаӡара ашьақәыргылареи  рзы аусура мҩаԥнагоит.

Аилак алахәылацәа ирыӡбеит ари ааԥхьара инарҭбааны иарбоу аусхкы иадҳәалоу егьырҭ аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа алархәны иацырҵарц.

Ари азҵаара ала ажәалагалақәа рылацәажәара иазинтересу ахаҿқәа зегьы алархәны имҩаԥгахоит.


Read 369 times - Аҩаша, 18 Ԥхынгәы 2023 16:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.