АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Ԥхынгәы.2023

Ашықәс актәи азыбжазы Гал араион ашәахтәқәа раҳасабала иалагалаз ашәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 32 млн. мааҭ иреиҳауп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса актәи азыбжазы аусура аихшьаалақәа рыла, Гал араион ашәахтәқәа раҳасабала иалагалаз ашәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 32 млн. 207,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит;  иааизакны аплан ахыхь анагӡара 9 млн. 754,3 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ашәахтәқәа реизгара аганахьала азԥхьагәаҭаратә рбагақәа рынагӡара  143% рҟынӡа инаӡеит. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа араион актив алархәны имҩаԥигаз аусуратә еилатәара аҿы абри атәы иҳәеит араион ашәахтә инспекциа анапхгаҩы Роберт Жьиба.    

Ахашәалахәы азы ашәахтә: аплан иарбаз  2 млн. 32 нызықь мааҭ  аан, анагӡара 2 млн. 480,1нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит. (122%).

Ахашәалахәытә шәахтә: аплан иарбаз 13 млн. 50,4 нызықь мааҭ аан, анагӡара 21 млн. 387 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. (164%).

Иназыцҵоу ахәԥса ашәахтә:  аплан иарбоу 1 млн. 630,8 нызықь мааҭ аан, иалагалахеит 1 млн. 731,І нызықь мааҭ. (106%).

Адгьыл ашәахтә:  аплан иарбоу 2 млн. 798,9 нызықь мааҭ аан, анагӡара 3 млн. 370,1 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. (120%).

Амазара азы ашәахтә: аплан иарбаз 45,0 нызықь мааҭ аан, иалагалахеит 65,8 нызықь мааҭ. (146%).

Иҷыдоу ашәахтә:  аплан иарбоу 1 млн. 700 нызықь мааҭ аан, анагӡара 1 млн. 939,3 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит. (114%).

Апатент: аплан иарбоу 1 млн 105 нызықь мааҭ аан иалагалахеит  1 млн 107,6 нызықь мааҭ. (102%).


Read 178 times - Аҩаша, 18 Ԥхынгәы 2023 16:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.