АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Ԥхынгәы.2023

Алеқсандр Анқәаб: апарт-отельқәа ракәӡам изыцәшәатәу, акоронавирустә ҿкы чымазареи аԥстәбара зцу амҩатә машәырқәеи роуп изыцәшәатәу!

Аҟәа. Ԥхынгәымза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарт-отельқәа ракәӡам изыцәшәатәу, акоронавирустә ҿкы чымазареи аԥстәбара зцу амҩатә машәырқәеи роуп изыцәшәатәу! Абри атәы ԥхынгәымза  18 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион актив алархәны имҩаԥигаз инарҭбаау аусуратә еилатәара аҿы иҳәеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

Аԥыза-министр ареспубликаҿы ииуа ауаа рхыԥхьаӡареи зыԥсҭазаара иалҵуа рхыԥхьаӡареи рзы арбагақәа ааигеит.

Алеқсандр Анқәаб иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 1994 шықәсазы Аԥсны ииз рхыԥхьаӡара  48 520 –ҩык рҟынӡа инаӡон, зыԥсҭазаара иалҵыз – 40 163-ҩык. Ииз ауаа рхыԥхьаӡара иԥсыз раасҭа 8 357-ҩык рыла еиҳан.

«Абар иизи иԥсызи аԥсуаа рхыԥхьаӡара: иит 31 462-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 12 833 - ҩык. Араҟа иԥсыз ауаа рхыԥхьаӡара ииз раасҭа 18 629 – ҩык рыла еиҳауп. Арт арбагақәа раҳар сҭахуп адемографиа азҵаара апарт-отельқәа, асасааирҭақәа, аекскурсиақәа ирыдызҳәало», – ҳәа иҳәеит аԥыза-министр.

Атәыла Анапхгара ахада агәра ганы дыҟоуп апарт отельқәа рыргылара аҿагылара амыцхәрас  COVID еиԥш иҟоу аҿкы чымазарақәа роуп изыцәшәатәу.

«Абар иааҳгозар COVID ахҟьаԥҟьақәа  ирыдҳәалоу  ацифрақәа. 2020 шықәсазы иит  955-ҩык аԥсуаа, 2021 шықәсазы ииз аԥсуаа рхыԥхьаӡара  100-ҩык рыла еиҵахеит.  2022 шықәсазы аԥсуаа рхыԥхьаӡара даҽа 200-ҩык рыла еиҵахеит. Абри ауп агәҭынчымра узцәырызгаша, абраҟоуп ҵабыргны  адемографиа азы ашәарҭара дуӡӡа ахьыҟоу», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр  Анқәаб.

Уи иажәақәа рыла, ас еиԥш иҟоу ачымазарақәа, ачымазара ӷәӷәала ирылаҽаанӡа раарԥшра азҵаара, амедицина аҩаӡара ашьҭыхра, иара убас амҩақәа рҿы лассы-ласы иҟало авариақәа, анаркотикқәа,- абри ауп адемографиа азы ишәарҭара дуӡӡаны иҟоу.

«Амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны иҭахо рҟынтәи 90 процент – аԥсыуаауп. Абри ауп ашәарҭара дуӡӡа. Абраҟоуп аполемика ӷәӷәа ахьаҭаху. Еилкаатәуп амҩатә машәырқәа рҿы, ачымазарақәа ирыхҟьаны аԥсуаа рҭахара аанкыларазы  иҟаҵатәу. Ари аполемика адгылара аҭара ахәҭаны иҟоуп. Егьи зегьы – аекономика акәша-мыкәша «аполитика» ҳәа изышьҭоу ахәша ала еиҵарԥхьоу абжьахәаахәҭратә  цәажәарақәа роуп.  Уи атезис абас иҟоуп: «Ҳара урҭ уи аҟаҵара раҳҭаӡом, ҳара иааулакгьы амчра ҳнапахьы иааҳгоит, анаҩс уи ҳхала еиҿаҳкаауеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Алеқсандр Анқәаб.


Read 660 times - Аԥшьаша, 20 Ԥхынгәы 2023 12:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.