Амшцәгьақәа раан Кәыдры аӡиас лассы-лассы иахьхыҵуа иахҟьаны, ааигәа иҟоу ақыҭақәа аӡы рыҵалоит, аҭыԥантәи ауааԥсырагьы ӷәӷәала азарал роуеит. иаиуоит.
18.Ԥхынгәы.2023
Аҳәынҭқарра Ахада ирезервтә Фонд аҟынтәи Кәыдры аӡиас аӡышьҭрарҽеиратә усурақәа рзы 60 млн. мааҭ инареиҳаны иазоужьуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аӡҩыбжьа ақыҭан Кәыдры аӡиас аӡышьҭрарҽеиратә усурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит.
Аусурақәа абар шьҭа хымз ҵуеит имҩаԥысуеижьҭеи. Иарбоу аусурақәа ахьымҩаԥысуа аҵакыра аура 2 километрак рҟынӡа инаӡоит, аҭбаара акәзар - 200 метр. Аусурақәа рынагӡара азы Аҳәынҭқарра Ахада ирезервтә Фонд аҟынтәи иазоужьхеит 60 млн. мааҭ инареиҳаны .