АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Ԥхынгәы.2023

Цәыббрамза 30 иахымгакәа автотрасса «Аҟәа-Очамчыра» арлашара иазку аусурақәа хыркәшахоит!

Аҟәа. Ԥхынгәымза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәеи Очамчыреи еимаздо ареспубликатә мҩаду арлашара иазку аусурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит.

Шьаҭанкыла аргыларақәа рзы Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба аусурақәа рымҩаԥгара аҩбатәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гәылрыԥшь инаркны Аӡәҩыбжьа аҟынӡа 300 шьаҟа инарзынаԥшуа ишьақәыргылахеит ҳәа адырра ҟаиҵеит.  

Актәи аетап аҿы Аӡҩыбжьа ақыҭан амҩа-ԥыԥшырҭаҭыԥ аҟынтәи Лабра ақыҭанӡа атрасса аҿы 600 инарзынаԥшуа ашьаҟақәа шьақәҳаргылеит.

«Уажәы Лабра инаркны Очамчыранӡа афымцамҩангага анагара мҩаԥысуеит», - ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба.

Цәыббрамза 30 аҟынӡа аусурақәа зегьы хыркәшахоит.

«Ишьақәыргылахаз 600 шьаҟа рҟынтәи еиуеиԥшым амзызқәа рыла  12 шьаҟа хыржәеит, аха Амшынеиқәафымцамч ҵәахык аҳасабала иаман  60 шьаҟа, убарҭ рыла ааха зауз ҳаԥсахит.  «Амшынеиқәафымцамч» иамоу аматериал даҽа ҩба-хԥа шықәса иҳазхаратәы иҟоуп»,  – ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба. 


Read 641 times - Аҩаша, 18 Ԥхынгәы 2023 12:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.