
pressadmin-2
Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра аррахәышәтәырҭа Хада даҭааит.
Аҟәа. 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Агәыӡера иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара Аминистрра аррахәышәтәырҭа Хада даҭааит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра Ахада иусуратә ныҟәараан игәеиҭеит ааигәа еиҭашьақәыргылаз аԥҟарҭатә ҟәша, ареанимациеи анестезиологиеи рыҟәша, иара убас аԥҟарҭатә уадақәа.
Аҳақьым хада Алиас Џьынџьал аҳәынҭқарра Ахада изеиҭеиҳәеит аҳәышәтәырҭа аинфраструктура шьаҭанкыла ишырҿыцу, иара убас амедицинатә мыругақәа шаахәоу.
Аҳақьым хада иажәақәа рыла, мчыбжьык анаҩс ирылагоит аполиклиникатә ҟәшақәа реиҭашьақәыргылара, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи уи иазоужьуп 30 млн. мааҭ. «Ас еиԥш аусура хымԥада иаҭахын, ари аҟәшаҿы 1967 шықәса раахыс арҿыцратә усура мҩаԥгаӡамызт», - ҳәа иҳәеит Алиас Џьынџьал.
Уи аԥхьа ибиуџьеттәым аинвалидцәа р-Фонд ахарџьқәа рыла иаахәан алапароскопиатә, аендоскопиатә мыругақәа, астационартә УЗИ аппарат налаҵаны.
Агәабзиарахьчара аминистрра иара убас ахәышәтәырҭа ацхыраара ҟанаҵеит, ианаҭеит аԥҟарҭа аишәа, аԥҟарҭазы лампа, арбагаршыгатә шькаԥ, автоклав, амаҭәахәқәа реизгеи арентгентә аппарати. «Агәабзиарахьчара аминистрра аррахәышәтәырҭа Хадеи Араионтә хәышәтәырҭа Хадеи адгылара рынаҭоит. Араион дууп, ачымазацәа рацәаҩны ахәышәтәырҭа иадҵаалоит»,- ҳәа иҳәеит агабзиархьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Жәлар Реизара-Апарламент аҿы аҵыхәтәантәи аԥхьарала «Ачымазара ҿыкқәа рыларҵәара аԥхьырҟәҟәаара иазку апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы» азакәан апроект рыдыркылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала «Ачымазара ҿыкқәа рыларҵәара аԥхьырҟәҟәаара иазку апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы» азакәан апроекти уи иадҳәалоу «Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроекти рыдыркылеит.
«Ачымазара ҿыкқәа рыларҵәара аԥхьырҟәҟәаара иазку апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы» азакәан апроект ачымазара ҿыкқәа рзы аиммунопрофилактика амҩаԥгара аганахьала аҳәынҭқарратә политика ашьаҭақәа шьақәнаргылоит.
Иарбоу азакәан апроект, уи авторцәа ргәаанагарала, алаҵақәа рыҟаҵаралеи егьырҭ апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәеи реиҿкааралеи ачымазара ҿыкқәа раԥыхреи рыларҵәара аанкылареи азаардырреи иазырхоу аусмҩаԥгатәқәа еффективла рынагӡара иацхраауеит.
Адепутатцәа Аҳәынҭқарра Ахада изы азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.
Аҟәа. Рашәарамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьарала «Ареспублика Аԥсны Ахада изы» Ареспублика Аԥсны Азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект рыдыркылеит.
Ареспублика Аԥсны Аконституциа ахәҭаҷ 51 инақәыршәаны, Ареспублика Аԥсны Ахада имаҵура данахагыло Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы Аԥсны Аконституциатә Ӡбарҭа аӡбаҩцәа алархәны аҭоуба шьҭаиҵоит.
Иара убри аамҭазы, «Ареспублика Аԥсны Ахада изы» Ареспублика Аԥсны Азакәан ахәҭаҷ 7, ахәҭа 1 инақәыршәаны, ҿыц иалырхыз Ахада имаҵура данахагыло Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа алахәылацәа алархәны аҭоуба шьҭаиҵоит.
Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш инарҭбааны иазгәарҭоит Аҟәа ақалақь аҿы.
Аҟәа. Рашәарамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 1 азы традициала ишаԥу еиԥш иазгәарҭоит Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш. Аха сынтәа иҟаз амшцәгьақәа ирыхҟьаны ари аныҳәа азгәаҭара рашәарамза 3 ахь ииаган.
Ари амш аҽны Аҟәа ақалақь, Ареспублика Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рыҟны еиԥш, ахәыҷқәа рзы еиҿкаан арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа жәпакы. Аҟәа ақалақь, Т. Шамба ихьӡ зху апарк аҿы азеиԥшҵараиурҭақәа рааӡамҭацәа злаху аныҳәатә концерт еиҿкаахеит.
Гәылрыԥшь араион Ахадара Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат аус ацура иазхиоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиеи уи ихаҭыԥуаҩцәа – Беслан Ҵнариеи Ливтина Ажьибеи дырԥылеит, ҳәа адырра ҟаҵоуп аомбудсмен лофициалтә саит аҿы. Аиԥылара иалахәын иара убас араион Ахадара аструктуратә ҟәшеиҵақәа рхаҭарнакцәа, Гәылрыԥшь араионтә Еизара ахантәаҩы, араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи араион апрокуратуреи рнапхгара.
Аиԥылараҿы ирылацәажәеит Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарати араион Ахадареи реимадара, русеицура аԥышәа, араион аҿы ицәырҵуа актуалра злоу, Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат алахәхара зҭаху азҵаарақәа, араион ауааԥсыра Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат ахь адҵаалара шрылшо азы адырра рыларҵәара, араион иҷыдоу амаҵзурақәа русура, Ауаҩы изиқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарати араион Ахадареи астатистикатә дыррақәа рыла аимадара рыбжьаҵара, аҭаацәа-бзазаратә амч ахархәара, уҳәа азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит.
Аӡиа Риҵа ахь уназго амҩаду аҿы амҩа-транспорттә машәыр зхарала иҟалаз административтә ҭакԥхықәра дақәыршәоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра рашәарамза 30 рзы аӡиа Риҵа ахь уназго амҩаду аҿы иҟалаз амҩа-транспорттә машәыр афакт ала агәаҭарақәа мҩаԥнагоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
Амашәыртә хҭыс зыблала избаз ҟалеит, аха амашәыр иақәшәаз рҟынтәи аӡәгьы азинхьчаратә усбарҭақәа рахь иадымҵаалакәа аҭыԥ ааныжьны ицеит.
Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Автоҳәынҭинспекциа авзвод акомандаҟаҵаҩ Алан Вазиев иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа амҩа-транспорттә хҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь ианнеи амашәыр иақәшәаз амашьынарныҟәцаҩцәа рхаҭара шьақәдыргылеит, урҭ анаҩс рыҿцәажәаразы аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша ахь инаган.
Ахәыҷқәа рыхьчара Амш азгәарҭеит Очамчыра ақалақь аҿы.
Аҟәа. Рашәарамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш инарҭбааны иазгәарҭеит Очамчыра ақалақь аҿы.
Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш Очамчыра ақалақь аҿы азгәаҭара иалагеит «илахҿыху астартқәа» рыла. Анаҩс ахәыҷқәа ирзыԥшын акатер иақәтәаны амшын ала аныҟәара, иара убас шаҟа узыфо аршәы.
Амш аҩбатәи азыбжазы ақалақь Ахадара ахыбра аҿаԥхьа иҟоу апарк аҿы аныҳәа зызкыз зегьы ирзеиҿкаахеит аинтерес зҵоу аконкурсқәеи аҟаза иклассқәеи. Ахәылбыҽханӡа изҭахыз зегьы ахыци ахәымпали рыла ахысразы алшара рзаԥҵан.
35 цыра амаининг-аппаратқәа ԥшааны ирымырхит Очамыра араион аҿы.
Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аоперативтә ҟәшеиҵақәа русзуҩцәеи Очамчыра аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи, Очамчыра араион Аҭара ақыҭан ирыԥшааит 35 цыра акриптовалиута арҳара иазку амаининг-аппаратқәа. Амаининг ферма ахатәы ҩны иаҵанакуа адгьылҵакыра аҿы игылоу аԥхьакырҭа хыбра аҿы иҩнагылан, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.
Заанаҵтәи ахәшьарақәа рыла, иарбоу аппаратқәа иадырхәоз афымцамч азеиԥш мчхара 122 кВт/м рҟынӡа инаӡоит.
Шьамтәылеи Аԥсни рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи фышықәса ҵит.
Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәеи Дамаски рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи фышықәса ҵит. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылаҟа адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Аҟәеи Дамаски рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи фышықәса аҵра иазкны.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.
Аҟәа. Лаҵарамза 29,2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны Жәлар Реизара – Аапарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, уи ихаҭыԥуаа, иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь Џьгьарда ақыҭан иԥсыжырҭаҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аҩбатәи Ахада игәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын иара убас Аиҳабыра алахәцәа, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь (хәажәкырамза 4, 1949ш. – лапҵарамза 29, 2011 шықәса) иԥсҭазаара далҵит 13 шықәса раԥхьа, 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы Москва, Урыстәыла амедицина-биологиатә усбарҭа 83-тәи аклиникатә хәышәтәырҭаҟны ирԥҳаҿы иҟаҵаз аԥҟара анаҩс мчыбжьык ашьҭахь.
Ихыҵуан 62 шықәса.