
pressadmin-2
Аминистрцәа Реилазаара аҿы Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа рԥылара мҩаԥысит.
Аҟәа. Лаҵарамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аппарат Хада ахаҭарнакцәа идикылеит.
Аиԥылара аҿы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рматериал-техникатә еиқәыршәара шьаҿа-шьаҿалатәи аиӷьтәреи Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа рсоциалтә гарантиақәеи рџьаԥса ашәареи рзы аицфинансыркра амҩаԥгара азы жьҭаарамза 23, 2020 шықәсазы знапаҵыҩра мҩаԥгаз аԥсны-урыстәылатәи аҩганктәи аиқәшаҳаҭра анагӡара изаамҭанытәиу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Ашәба Лаша ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Аҟәа. Рашәарамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
Акыр иаԥсоу аҩызцәа!
Иахьа, рашәарамза 1 азы ҳреспубликаҟны адунеи зегьы аҟнеиԥш, ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаатәи Амш азгәарҭоит.
Аҳәыҷқәа насыԥ рыманы аҟазаара, ршәарҭадара алыршара аҳәынҭқарратә политика ахырхарҭа хадақәа ируакуп. Аҵак дуӡӡа амоуп ҳара ҳзы ахәыҷқәа ргәы бзианы, адыррақәа рыманы, доуҳала ибеианы, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩра иаԥсаны реиҵааӡара. Инаӡалааит ахәыҷқәа рыгәҭакы лашақәа, ԥхаррала, бзиабарала иҭәызааит иахьрызҳауа аҭаацәарақәа рыҟны зегьы!
Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Рашәарамза 1, 2024 шықәса. Рашәарамза 1 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, иҳәоуп:
« Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, еизҳауа абиԥара!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш.
Ахәыҷқәа - ҳаԥсҭазаараҟны зегьы иреиӷьу аҭыԥ ааныркылоит. Ҳара ргәы бзиазарц, насыԥ рымазарц, аҵарадырра бзиа роурц, раԥхьаҟа аԥсҭазаараҟны амҩа лаша ианыларц азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалар ҳҭахуп.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра: Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитет изеиԥшразаалак аиҭахәаԥшра зыҟалаӡом.
Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахьиӡе Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ҩаԥхьа Қырҭтәыла аилазаара ахь ирхынҳәтәуп ҳәа иҳәамҭа ахҳәаа ҟанаҵеит.
«Еилкаауп, ас еиԥш апопулисттә ҟазшьа змоу аҳәамҭақәа ааигәа имҩаԥысраны иҟоу апарламентә алхрақәа раламҭалазы ишыҟаҵоу, насгьы урҭ, раԥхьа иргыланы аҩныҵҟатәи аудиториа ишазырхоу. Қырҭтәыла анапхгара Ареспублика Аԥсны Қырҭтәыла шьҭахьҟа азырхынҳәра азы изеиԥшразаалак аҽазышәарақәа зегьы лҵшәадахоит, урҭ аперспектива злам усуп», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз ахҳәаа аҿы.
Аԥсны имҩаԥысуеит Ареспубликатә ашколхәыҷқәа рыспартакиада.
Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны имҩаԥысуеит 14 спорттә хкы рыла ХVII Ареспубликатә ашколхәыҷқәа рыспартакиада.
Аспартакиада аартра иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысит амҽыша, лаҵарамза 26, Ареспубликатә стадион аҿы.
Лаҵарамза 26 - 28 аҟынӡа атлетика лас азы аицлабрақәеи мҩаԥгахоит (Ареспубликатә стадион аҿы) ашахматқәа рзы аицлабрақәа мҩаԥысуеит (А. Карпов ихьӡ зху ашахматтә школ аҿы).
Лаҵарамза 29 – 31 рзы – абокс азы аицлабрақәа мҩаԥгахоит (Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә абокси аиқәԥареи рышкол аспортзал).
Лаҵарамза 29 – 30 рзы – аӡиудо азы аицлабрақәа мҩаԥгахоит (Аҟәатәи Афымцатә Станциа иатәу азал аҿы).
Рашәарамза 1 - З рзы – астолтә ԥкьаҭмпыл азы аицлабрақәеи (Ареспубликатә Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә хәмаррақәа рышкол аспортзал) зхы иақәиҭу аиқәԥара азы аицлабрақәеи (аспортзал «Гәымсҭа»).
Аԥсны ахаҭарнакцәа Санкт-Петербург имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аекономикатә форум рхы аладырхәраны иҟоуп.
Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 5 инаркны рашәарамза 8-нӡа Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаԥыслоит Жәларбжьаратәи аекономикатә форум (ПМЭФ). Сынтәа афорум атема хаданы иҟоуп — «Аҳәынҭқаррақәа реиҟарара апринцип ала ишьақәгылоу адунеиеиҿкаара - иҿыцу аҿиара ахыҵхырҭақәа рыԥшаара».
«Аҳәынҭқаррақәа реиҟарара апринцип ала ишьақәгылоу адунеи аҿы аҭышәынтәалареи аиашареи рышьақәыгылара алшоит иҿыцу аныра ацентрқәа раԥҵарала мацара. Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аплошьадка иҳаракӡоу аҩаӡара аҿы адискуссиақәа рымҩаԥгаразы алшара аԥнаҵоит», - ҳәа иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иабжьгаҩ, Санкт-Петербург имҩаԥысуа Жәларбжьаатәи аекономикатә Форум Аиҿкааратә комитет аҭакзыԥхықә маӡаныҟәгаҩ Антон Кобиаков.
«Ахьӡ-Аԥша» аорден ианашьоуп Урыстәылатәи Афедерациа аҿы иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ.
Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҿы Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Знаур Гассиев «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьара ацеремониа мҩаԥысит.
Лаҵарамза 14, 2024 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Знаур Гассиев Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыжәларқәа рыбжьара аусеицуреи реиҩызара арӷәӷәареи рҟны хаҭалатәи илагала ду азы аорден «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара ианашьара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Иҷыдоу Арратә Операциа амҩаԥгараан иҭахаз Урыстәылатәи аруаа рхәыҷқәа Пицунда рыԥсы ршьалоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр Ҭемраз Хишба Калугатәи аобласт аҟынтәи ԥсшьараҳәа Аԥсныҟа иааз аҭаацәа рацәа иалҵыз, Иҷыдоу Арратә Операциа амҩаԥгараан иҭахаз Урыстәылатәи аруаа рхәыҷқәа дырԥылеит.
29 - ҩык ахәыҷқәа акурорт Пицунда иаҭааит.
У. Царгәыш ихьӡ зху Аԥсны Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы аҳәынҭқарратә ансамбль Ориол ақалақь имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афестиваль «Традиции Святой Руси» аҿы иқәгылеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. У. Царгәыш ихьӡ зху Аԥсны Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы аҳәынҭқарратә ансамбль раԥхьаӡа акәны Ориол ақалақь аҿы аиашахаҵаратә культуреи жәлар рҟазареи VII жәларбжьаратәи афестиваль «Традиции Святой Руси» аҿы иқәгылеит.
Аамҭала Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр афестиваль аиҿкааҩцәа адкылара бзиа азы иҭабуп ҳәа ралҳәеит, анаҩс Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.
«Ари афестиваль – аиашахаҵаратә культуреи жәлар рҟазареи абеиара аилкаара азы иуникалу лшароуп.
Абжьарашәышықәса инаркны Абасгиеи Урыстәылеи иаку аиашахаҵаратә қьырсиантә дин ала еимадан. Ари адоуҳатә еидгылара ҳажәларқәеи ҳҳәынҭқаррақәеи реимабзиаратә еизыҟазаашьақәа, рыиашьаратә еимадара ашьақәгылара иашьаҭаны иҟалеит. Ҳара иаҳзеиԥшу анцәахаҵара еиуеиԥшым аамҭақәа раан ицәырҵуаз ауадаҩрақәа раиааира аҿы ацхыраара адагьы, акультуратәии адоуҳатәии аимадара, аилибакаара, аҳаҭырқәҵара рзы ашьаҭа аԥнаҵон.
Иахьа ҳара иаабоит Урыстәыла аиашара ахьчара, ахатә культура, аҷыдаҟазшьара, атрадициақәа реиқәырхара ишаҿу. Ари акыр зҵазкуа аамҭа азы Аԥсны иалшо зегьы ҟанаҵоит ари ақәԥара аҿы Зегь Зымчу иҳаҭәеишьаз аиашареи ахәдуқәеи аԥыжәара ргарц азы», - ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә текст аҿы.
Аслан Бжьаниа «Традиции Святой Руси» еиԥш иҟоу афестивальқәа рҿы иҿыцу атрадициақәа шаԥҵахо, ажәларқәа реидкылареи акультуратә ҭынха аиқәырхареи алзышо ажәытә традициақәа еиҳагьы ишыӷәӷәахо азгәеиҭеит.
Едуард Быҭәба «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҳақьым» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьоуп.
Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҳақьым» ҳәа ахьӡ ихҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
«Агәабзиарахьчара аҿиареи, ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара аиӷьтәразы илагалақәа рзы «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҳақьым» ҳәа ахьӡ ихҵазааит Быҭәба Едуард Валериан-иԥа», — ҳәа иазгәаҭоуп Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа атекст аҟны.