Уи иажәақәа рыла иара азҵаара ирҭеит Аԥсны Урыстәыла ацхыраара ыҟамкәа ҳхала ҳҳәаақәа ҳзыхьчома ҳәа:
«Сара аҭакс уи теориала иҟалоит, аха даара ахарџь ду ацуп ҳәа. Иаҭаххоит атехникатә, афинанстә лшарақәа маҷымкәа. Аха рыцҳарас иҟалаз, ҳара иахьатәи аамҭазы ус еиԥш алшарақәа ҳамаӡам ҳәа иазгәасҭеит».
Дмитри Кәычбериа абаталион «Пиатнашка» акомандаҟаҵаҩ Ахра Аҩӡбеи уи ицу ауааи ареспублика аҿы рыҟазаара аганхьала аҽԥынкылара ирҭеит.
«Анаҩс ҳаицәажәараан араҟа Донбасынтәи атәылауаа ыҟоуп, абригадақәак, абаталион «Пиатнашка» иалоу аруаа, уҳәа. Урҭ рыҟазаара ҵаҵӷәымс иамоу еилкаамкәа иаанханы изыҟои, абриаҟара урыстәылатәи амаҵурауаа иҟарҵои араҟа?,- ҳәа ишиашоу азҵаара соуит. – Ус анакәха, уара унапынҵақәа рынагӡара улшаӡом», — ҳәа сарҳәеит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Дмитри Кәычбериа.
Кәычбериа Дмитри дахьыҟаз Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо икабинет ааныжьны даныхынҳә ашьҭахь сааҭк ааҵуаны иара иахь днеит Валери Бганба. Уи изнеигеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы имаҵура аҟынтәи дшамху азы Аусԥҟа.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы аамҭала инапынҵақәа наигӡалоит ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алхас Чычба.