Аҟәа. Жәабранмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь, ателецентр «Останкино» аҿы ихыркәҳахеит ашколхәыҷқәа рзы Урыстәылазегьтәи ателехәаԥшратә гуманитартә олимпиада «Умницы и умники». Ари аинтеллектуалтә еицлабра рхы аладырхәит Урыстәыла зегьы, ааигәатәии ихароуи аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟынтәи аконкурсантцәа. Урҭ рыбжьара дыҟан А.С. Пушкин ихьӡ зхоу аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 аҵаҩы Нестор Ҭарба. Аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла Нестор ателедырраҭара «Умницы и умники» афинал аҟынӡа днаӡеит.
Уаанӡа Нестор Ҭарба арегионалтә етап аҿы аиааира игахьан. Уи ашьҭахь иара активла аолимпиада иҽазыҟаиҵо далагеит. Москва иара қәҿаиарала дықәгылеит, ииашоу аҭакқәа рзы амедалқәеи аорденқәеи иоуит. Нестор иоуп раԥхьаӡа азҵааратә мҩахәасҭа аҿы дшыҟаз аорден зауз. Аҵыхәтәан иара алахәалацәа зегьы раасҭа аҳамҭақәа ианашьахеит.
Аконкурсантцәа ралкаара, разыҟаҵара, анаҩс аолимпиада ахь рдықәҵара абар шьҭа ԥшьышықәса инеиԥынкыланы имҩаԥнагоит Аԥсны аҵара Аминистрра.