АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Жәабран.2025

Апрокуратура Хада ижәны атранспорттә хархәага аԥсҟы акреи анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкыланы атранспорттә хархәага аԥскы акреи рзы аилкаарақәа реиҟәыҭхара азы ажәалагала ҟанаҵоит.

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокурор Хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа азакәанԥҵаратә аԥшьгара асубиект азинқәа змоу иаҳасабала Апарламент ахь инеигеит «Ареспублика Аԥсны административтә зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла аҿы Ахәҭаҷқәа 117, 119 аиҭакрақәа ралагалареи иҿыцу  ахәҭаҷ 119.2 аԥҵареи рзы», иара убас Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷқәа   53, 263 аиҭакрақәа ралагалареи рзы азакәан апроект.

Иарбоу азакәан апроект ала Ареспублика Аԥсны Административтә зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла «ишәарҭоу амашьынарныҟәцара», «атранспорттә хархәагақәа рымхра» реиԥш иҿыцу аилкаарақәа алагалахоит, иара убас ижәны атранспорттә хархәага аԥсҟы акреи анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкыланы атранспорттә хархәага аԥскы акреи рзы аилкаарақәа еиҟәыҭхахоит.

Азакәан апроект амҩаҿы аныҟәара аганахьала азинеилагарақәа рыԥхьырҟәҟәаара иазырхоуп.


Read 109 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.