pressadmin-2
АНАУКА АҾЫ АУСУРАЗЫ ГЬ.А.ӠИӠАРИА ИХЬӠ ЗХУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ПРЕМИА АИУРАЗЫ АКОНКУРС РЫЛАҲӘОУП.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа азы Акомиссиа, анаука аҿы аусура азы Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху апремиа аиуразы аконкурс шымҩаԥгахо азы алаҳәара ҟанаҵеит.
Гь.А.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ауаажәларратә зхаҵара ду зауз, Аԥсны анаука аҿиара аҿы илагала дуны иԥхьаӡахаз, агуманитарттәии аԥсабарадырратәии анаукақәа рҿы иналукааша аихьӡарақәа рзы иранашьахоит.
Аҳәынҭқарратә премиа аирузы иқәыргылахар ҟалоит афундаменталтә наукатә ҭҵаара дуқәа реиԥш, авторцәа ртеориатә ҭҵаарақәа рыла ишьаҭарку аҵараиурҭақәа рзы иоригиналу арҵагашәҟәқәагьы.
Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәыргылахар ауеит аҵыхәтәантәи хы-шықәса (2020 - 2022 шш.) рыла икьыԥхьыз аусумҭақәа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аусумҭақәа рықәыргылара анаукатә усбарҭақәеи аҵараиурҭақәеи рколлективқәа рыла имҩаԥгахоит.
Аконкурс ахь ицәыргоу аусумҭақәа рыдкылахоит жәабранмза 1 инаркны хәажәкырамза 1, 2023 шықәса аҟынӡа, Аҟәа ақалақь, Академик Марр имҩаду, аҩны №9 аҿы иҟоу Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа азы Акомиссиа аҟны.
АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА ИАКЬЫԤХЬИТ 1990 – 2022 ШШ. РЗЫ ИҞАЛАЗ АМҨА-ТРАНСПОРТӘ ХҬЫСҚӘА РЫСТАТИСТИКА.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра асаит аҿы икьыԥхьхеит 1990 - 2022 шш. иҟалаз амҩа-транспорттә хҭысқәа рыстатистика. 1992- 1993 шш. азы аинформациа ыҟаӡам, уи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз аамҭа ауп.
Аибашьра ҟалаанӡа ҩы-шықәса рыла (1990 – 1991 шш.) ашәҟәы иҭагалан 884 амҩа-транспорттә машәыр, урҭ ирыхҟьаны иҭахеит 307-ҩык, еиуеиԥшым ахәрақәа роуит 904-ҩык.
Аибашьрашьҭахьтәи аамҭахәҭа азы ( 1994 -2022 шш.) амҩа-транспорттә хҭысқәа аиҳарак ҟалеит 2015 шықәсазы – 220. Еиҳа ауаа ҭахеит 2016 шықәсазы – 80-ҩык. Амҩа-транспорттә хҭысқәа ирыхҟьаны зегьы реиҳа еиуеиԥшым ахәрақәа роуит 2019 шықәсазы – 332-ҩык.
АԤСНЫ АУСДКЫЛАҨЦӘА РЫРДЫРРА АЗЫ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аԥснытәи аусдкылаҩцәа 2023 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу жәларбжьаратәи аусмҩаԥгатә дуқәа рзы адырра рынаҭоит. Убас:
XI Петербургтәи жәларбжьаратәи азиндырратә форум (Аконгресс-цәыргақәҵатә центр EXPOFORUM, лаҵарамза 11-13, 2023 ш.) https://legalforum.info/
XXXVI Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум (Аконгресс-цәыргақәҵатә центр EXPOFORUM, лаҵарамза 14-17, 2023 ш.) https://forumspb.com/?lang=ru
Аҩбатәи аекономикатә форум «Россия – Африка» (ақ. Санкт-Петербург, ԥхынгәымза 26 – 29, 2023 ш.) https://summitafrica.ru/ VIII Мрагыларатәи аекономикатә форум (ақ. Владивосток, цәыббрамза 5-8, 2023 ш.) https://forumvostok.ru/ VI Жәларбжьаратәи афорум «Российская энергетическая неделя» (ақ. Москва, жьҭаарамза 11-13 , 2023 ш.) https://pmfz.expoforum.ru/ru/
254–ҨЫК АМАШЬЫНАРНЫҞӘЦАҨЦӘА ИЖӘНЫ АМАШЬЫНА АԤСҞЫ АХЬЫРКЫЗ АЗЫ АДМИНИСТРАТИВТӘ ХЬЫРХӘРА ИАҚӘЫРШӘАХЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акомплекстә реидттә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иалҵшәаны иҳаҩсыз амчыбжь азы иаарԥшхеит 2182 амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа реилагара иадҳәалоу афактқәа, урҭ рахьынтә 203 – автомашьынақәа рсаркьақәа рыԥшшәахәыркра анормақәа реилагара ауп. 254-ҩык амашьынарныҟәҵаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы ахьыркыз азы админитративтә хьырхәра иақәыршәоуп. Амаҵуратә машьынаргыларҭақәа рҿы иргылоуп 19-ҩык азинеилагара ҟазҵаз рмашьынақәа.
«Аҟәшеиҵа хаҭалатәи аилазаара аусура амҩа-транспорттә хҭысқәа рыпрофилактика амҩаԥгареи урҭ рыхҟьаԥҟьақәа излауа ала реиҵатәреи еиуеиԥшым аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа активла рылахәхареи иазырхоуп. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аппарат Хада аҟәшеиҵқәа, аҳәынҭқарратә ватоинспекциа Аусбарҭа хаҭалатәи аилазаареи аҩныҵҟатәи аусқәа ақалақьтә усбарҭақәеи араионтә ҟәшақәеи русзуҩцәеи», - ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.
УРЫСТӘЫЛЕИ АԤСНИ ИРЫБЖЬОУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲӘАА АҾЫ АҬАҬЫН ААЛЫҴ ЗҬАЗ АМАШЬЫНАҚӘА ԤШЬБА ААНЫРКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз амчыбжь азы Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҟы аҳазылхратәии аҳәаахьчаратәии агәаҭара амҩаԥгараан Аԥснынтәи Урыстәылаҟа изакәанымкәа аҭаҭын аалыҵ злаиаргоз ԥшь-автомашьынак ааныркылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Ҳазылхратә Маҵзура аофициалтә саит.
Автомашьынақәа ргәаҭараан урҭ рыҩныҵҟа ирыԥшааит 34 400 пачка асигареҭ.
Краснодартәи аҳазылхратә Усбарҭа Ганрацәалатәи автомашьынатә аужьҭра-гәаҭаратә Ԥыԥшырҭа «Адлер» аҿы амобил-инспекциатә гәаҭара акомплекс ахархәарала анаҩстәи аҳазылхратә гәаҭараан, автомашьына FORD GALAXY ашәқәа, атәарҭақәа рыҵҟьақәеи, иара убас агьежьтә хыргьагьа ацҟьеи рыҩныҵҟа иҭаҵәахыз асигареҭқәа рыԥшааит.
Краснодартәи аҳазылхратә Усбарҭа Ганрацәалатәи ашьаҟамҩатә аужьҭра-гәаҭаратә Ԥыԥшырҭа «Адлер» аҿы иара убас атәылауаа рымаҭәа иҵаҵәахны (250 пачка), иара убас анапылаеидаралагьы: ачемоданқәа, апакетқәа, асумкақәа рыла (3000 пачка) асигареҭ пачкақәа рыиагара азы рҽазышәарақәа ԥхьырҟәҟәаахеит.
АСЛАН БЖЬАНИА АԤСНЫ ЖӘЛАР РАРТИСТ ЛИУДМИЛА ГӘЫМԤҲА ЛИРА АМШ ЛЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Жәлар рартист Лиудмила Гәымԥҳа лира амш лыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Лиудмила Хьыцкәыр-иԥҳа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәирамш! Шәара шәырҿиара бзианы ирдыруеит ҳтәылаҟнеиԥш уи анҭыҵгьы. Шәара аԥсуа музыкатә культура шәахаҿроуп, шәашәақәа уи иузаҟәымҭхо иалоуп.
Авокалтә инструменталтә ансамбль "Аԥсны-67" агәыԥ аҟны ианҵаз амузыкатә аԥҵамҭақәа "Фама", "Наныкьара", "Ачара ду" аԥсуа естрадатә ашәақәа бзиа избо зегьы еицырдыруеит. Жәлар рыбзиабара, разхаҵара, раҳаҭыр шәаԥсахеит аҟнытә Шәара ишәыхҵоуп Аԥсны Жәлар артист ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.
ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУ АПАРЛАМЕНТ АСЕССИА АИЛАТӘАРА АҨБАТӘИ АԤХЬАРААН «АФИНАНСТӘ ҚЬЫРА (АЛИЗИНГ) АЗЫ» АЗАКӘАН АПРОЕКТ АДКЫЛАРАЗЫ АДГАЛАРА ҞАҴОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент аҟны Беслан Ҳалуашь ихантәаҩрыла имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара.
Аилак алахәцәа алацәажәеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ақалақьргыларатә закәанеидкыла аусура аларгаразы» азакәан апроект. Иӡбан ари азакәанапроект Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент изаамҭанытәиу асессиа аилатәара амш азҵаара алаҵара.
Аилатәара иалахәын Апарламент адепутатцәа, Апарламент аҟны Аԥсны Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата ахантәаҩы Роберт Аршба.
Аилак алахәцәа ахәаԥшит 2021 шықәса цәыббрамза 29 рзы актәи аԥхьараан ирыдыркылаз «Афинанстә қьыра (лизинг) азы» азакәан апроект.
Азакәан апроект хықәкы хаданы иамоуп афинанстә қьыра (лизинг) аҳәаақәҵара азинтә шьаҭақәа реиӷьтәра. Азакәан апроект азкуп афинанстә қьыра ашьаҭала аарыхра ахархәагақәа ирзынархоу аинвестициа аформақәа рырҿиара, ахатәтәра азинқәа, аинвестициатә процесс алахәцәа рзинқәа рыхьчара, аинвестициа алагалараҟнытә алҵшәақәа ралыршара.
Азакәан апроект иҳәаақәнаҵоит афинанстә қьыра азинтәи аиҿкаара-економикатә ҷыдарақәа. Иазгәаҳҭап, афинанстә қьыра аусхк аҟны азинеизыҟазаашьақәа рҳәаақәҵара зинтә шьаҭас ишамоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылауаҩратә Закәанеидкыла. Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылауаҩратә Закәанеидкыла ахәҭаҷқәа 652–657 рнормақәа рырҿиаразы Азакәан апроект ишьақәнаргылоит аҳәаақәҵара амаҭәари ақьыра аформеи асубиекти, ишьақәнарӷәӷәоит ализинг амаҭәар азы ахатәтәра азин ахьчара амеханизм, иара убас ишьақәнаргылоит ализингтә зинеизыҟазаашьақәа рсубиектқәа рзин хадақәеи рхыдҵақәеи.
Азакәан апроект ишьақәнаргылоит ақьыразы аиқәшаҳаҭра ашәҟәы аҭаҩразы аԥҟара, ақьыраҭаҩ иаҳасабалеиԥш, ақьырадкылаҩгьы изинқәеи ихыдҵақәеи. Иара убас уа иазгәаҭоуп ақьыра асубиектқәа аҭакԥхықәра рыдҵаразы аԥҟара.
АҲАЗЫЛХРАТӘ ԤЫԤШЫРҬА “ЕГРЫ” АҾЫ АШӘҞӘЫ ИҬАГАЛАМЫЗ АТАУАР АҲӘАА АХГАРА АԤХЬЫРҞӘҞӘААРА АЛЫРШАХЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аконтрбати аҳазылхратә цәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы аҳазылхратә усбарҭа «Гал» аусзуҩцәа рыла ироуз аоперативтә информациа ала, жәабранмза 9 рзы аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Егры» аҟны аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа иаауаз атәылауаҩ инапылаеидара агәаҭара мҩаԥыргеит. Уи идырбалеит иагьимырхит амра фымцатә батареиа ала еиқәыршәоу апортативтә фымцатә станциа акомплект. Уи иҟоу аԥҟарақәа инақәыршәаны ишахәҭоу ала ашәҟәы иҭагалаӡамызт.
АПАРЛАМЕНТТӘ ЕИЛАКЫ АҞНЫ «АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҚЫҬАНХАМҨАЗЫ» АЗАКӘАН АПРОЕКТИ «АГЕОДЕЗИАТӘИИ АХСААЛАҨЫРАТӘИ УСУРЕИ АНАӠААӠАРАТӘ РБАГАҚӘЕИ РЗЫ» АЗАКӘАН АПРОЕКТИ ИРЫХӘАԤШИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аграртә политикеи, аԥсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак аилатәара. Ахантәаҩы Ҭемыр Беиа имҩаԥигаз Аилак иалахәын Апарламент адепутатцәа, Апарламент аҟны иҟоу Аԥсны Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.
Амш азҵаара инақәыршәаны иахәаԥшын «Аԥсны Аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект. Ари азакәан адкылара алшарақәа аԥнаҵоит ақыҭанхамҩатә усхк, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аџьармыкьа, аӡеи афатә аалыҵи рҳәаақәҵаразы апринцип хадақәа рзы, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аарыхра амаҵ аура аусхкгьы налаҵаны.
Аусураан Аилак алахәцәа азыӡба рыдыркылеит Аҳәынҭқарратә программала ақыҭанхамҩа аусхк ашықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет аҟнытә 5% иреиҵамкәа иартәозароуп ҳәа финансла аиқәыршәара амҽхак апрограмма анагӡара анымҩаԥысуа аамҭа зегьы, УА аҟнытә иааиуа афинанстә цхыраагӡақәа аламҵакәа, иагьадгылеит азакәанапроект иақәнагоу арҽеирақәа ралагалара.
Иара убас адепутатцәа «ақыҭанхамҩа аусхк аҟны аиҭаусадулара аҿиареиԥш» иҟоу ахырхарҭа аҳәынҭқарратә дгылара иадҳәалоу аҟәша харҭәаатәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.
АПАРЛАМЕНТТӘ ЕИЛАКЫ АҞНЫ «АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҚАЛАҚЬРГЫЛАРАТӘ ЗАКӘАНЕИДКЫЛА АУСУРА АЛАРГАРАЗЫ» АХАКӘАН АПРОЕКТ ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Сухум. 13 февраля 2023. Апсныпресс. Апарламент аҟны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак аилатәара.
Аилак алахәцәа алацәажәеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ақалақьргыларатә закәанеидкыла аусура аларгаразы» азакәан апроект. Иӡбан ари азакәанапроект Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент изаамҭанытәиу асессиа аилатәара амш азҵаара алаҵара.
Аилатәараҟны иахәаԥшын иара убас «Ареспубликатәи амуниципалтәи хатәтәра априватизациа азуразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» Азакәан апроект.
Азакәанапроект авторцәа аус зуа азакәан иалгатәуп ҳәа азырыԥхьаӡеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара иазнархиаз ареспубликатәи амуниципалтәи хатәтәра аобиектқәа реиқәыԥхьаӡа.
Азакәан апроект азы аилыркаагатә шәҟәыбӷьыц аҟны иҳәоуп: «Ари аԥҟара иара убас аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәагьы аҵанакуеит, ҷыдала, ас еиԥш иҟоу азнеишьақәа азԥхьагәазҭо анорма аныхтәуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа рганахьалагьы.
Убри аан, Аилак алахәцәа апроект ала Аминистрцәа Реилазаара азинмчқәа харҭәаатәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, априватизациа ззухо ареспубликатәи амуниципалтәи хатәтәра ахә ақәҵаразы аԥҟарақәеи аметодқәеи Аминистрцәа Реилазаара иазнархиоит, Жәлар Реизарахь ашьақәырӷәӷәаразы иагьнанагоит ҳәа азгәаҭаны.
Ари аҿыцра хықәкы хаданы иамоуп априватизациатә процесс еиҳа лыҵшәа аманы амҩаԥгара, избан акәзар ари арҽеира адкыларала Апарламент априватизациа апроцесс анырра аҭаразы алшара аиуеит».





