pressadmin-2
ЖӘАБРАНМЗА 17 -19 РЗЫ ТАМШЬ АҚЫҬАН ИМҨАԤЫСЛОИТ АШАХМАТТӘ ФЕСТИВАЛЬ «АБХАЗИЯ. ТАМЫШ-VILLAGE 2023».
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 17 – 19 рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан имҩаԥгахоит есышықәса имҩаԥысуа, 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџыьанџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара 30-шықәса ахыҵра иазку Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «АБХАЗИЯ. ТАМЫШ-VILLAGE 2023».
150 НЫЗЫҚЬ МААҬ ИНАРЕИҲАНЫ ЕИЗЫРГЕИТ АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСЫЗ АГӘЫҲАЛАЛРАТӘ КОНЦЕРТ АҾЫ.
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 150 нызықь мааҭ инареиҳаны еизыргеит Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз адгьылҵысра аҿы ааха зауз ацхыраара рыҭара иазкны жәабранмза 11 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз агәыҳалалратә концерт аҿы.
Аконцерт еиҿыркааит акультура аминистрреи арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилаки.
Аконцерт рхы аладырхәит Аҳәынҭқартә хортә капелла, Аԥсны жәлар рартист Давид Терзиан напхгара зиҭо Аҳәынҭқарратә камертә оркестр, Аԥсны жәлар рартист Нинель Бжьаниа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Гәылиза Аҩӡба, Нана Черқезиа, Алхас Ферзба, Елена Ҳагба, Мариа-Емилиа Терзиан-Ҳагба.
Агәыҳалалратә акциа онлаин режим ала иацҵахоит абри азхьарԥш ала https://clck.ru/33VPcr (Хәытаба Инал Лавренти-иԥа – арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы аџьынџьуаа рымадара азы аҟәша анапхгаҩы).
Адгьылҵысра аҿы ааха зауз агуманитартә цхыраара рыҭара аиҿкаара анаҭоит иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра.
ДАУР АҚАҨБА ЛИУДМИЛА ГӘЫМҨА ЛИУБИЛЕИ ЛЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны жәлар рартистка, «Ахьӡ-Аԥша» ll аҩаӡара аорден занашьоу Лиудмила Гәымба ашәахьа, жәабранмза 13 рзы 70 шықәса лхыҵит.
Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба ашәаҳәаҩ длыдныҳәалеит, агәабзиара, агәамч, аԥсҭазаара бзиа, даҽа акыр шықәса лзыӡырҩцәа лырҿиаратә усура ала илыргәырӷьаларц азы азеиӷьашьара ҟаиҵеит.
«Гәык-ԥсыкала ишәыдыснышәалоит шәиубилеи. Шәара – ажәлар рыбзиабара иаԥсахаз уаҩуп. Шәыԥсҭазаара зегьы шәыжәлар рымаҵ аура иазышәкит, шәырҿиаратә мҩа – иахьатәи аҿар рзы иҿырԥшыганы иҟоуп, уи арҿиареи аҟазареи ишрызныҟәатәу зеиӷьаҟам ала иунарбоит», - ҳәа иазгәеиҭеит акультура аминистр.
ЖӘАБРАНМЗА 13 ИНАРКНЫ АӠИА РИҴА АХЬ АӠЫНТӘИ АГЬЕЖЬХАРԤАҚӘА ЗМАМ АМАШЬЫНАҚӘА РЫЛА АНЫҞӘАРА ҞАЛАӠОМ.
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 13 инаркны Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк ахырхарҭа ала ашәарҭадара атехника анормақәа реилагарала аныҟәара азы азин ҟалаӡом.
«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны, Риҵатәи атрассеи ареликтә милаҭтә парки иахьрыҵанакуа иуадаҩу аҭыԥқәа рҿы амҩатә шәарҭадара аиқәыршәара хықәкыс иҟаҵаны, аӡынтәи агьежьхарԥақәа змам амашьынақәа рыла аныҟәара азы азин ҟалаӡом», - ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.
Ари ауснагӡатә аӡынтәи аамҭахәҭа азы амҩаҿы амашәыртә хҭысқәа рыԥхьырҟәҟәаареи иара убри ала Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи ргәабзиареи рыԥсҭазаареи рыхьчареи рзы ихымԥадатәиуп.
214 – ҨЫК АМАШЬЫНАРНЫҞӘЦАҨЦӘА ИЖӘНЫ АМАШЬЫНА АԤСҞЫ АХЬЫРКЫЗ АЗЫ АДМИНИСТРАТИВТӘ ХЬЫРХӘРА ИАҚӘЫРШӘОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥгаз апрофилактикатә реидтә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, иҳаҩсыз амчыбжь азы иаарԥшхеит 1 963 инарзынаԥшуа амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа реилагара, ҳәа иаанацҳауеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура. Урҭ рахьынтә:
185-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа автосаркьақәа рыԥшшәахәыркра анормақәа реилагара азы;
214-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы акра азы административтә хьырхәра иақәыршәоуп.
АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АҞНЫ АЖЬЫРНЫҲӘАМЗА, 2023 ШЫҚӘСАЗЫ АРХӘҬАҚӘА РАЗЫҞАҴАРА АИХШЬААЛАҚӘА ҞАРҴЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2022 шықәса. Апсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҟны ажьырныҳәамза, 2023 шықәса аламҭалазы архәҭақәа рырратә зыҟаҵара иазкны инагӡаз аусмҩаԥгатәқәа реихшьаалақәа ҟарҵеит.
Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада анапхгаҩы, аинрал-леитенант Владимир Савченко ихантәаҩрала имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩцәа, арратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа, атәылахьчаратә хылаԥшырҭа аҟәшақәеи амаҵзурақәеи рнапхгаҩцәа, арратә хәҭақәа ркомандаҟаҵаҩцәа, амедицинатә маҵзура анапхгаҩы, ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи ркомиссарцәа.
Ажәахәқәа ҟаҵо иқәгылеит: арратә комендант (азинеиҿкаара аҭагылазаашьа азы), аԥшыхәра анапхгаҩы (арра-политикатә ҭагылазаашьа азы), аибашьратәии аморал-психологиатәии ҽазыҟаҵара аусбарҭа анапхгаҩы (архәҭақәеи арратә ҟәшеиҵақәеи рҿы аибашьратә ҽазыҟаҵара аҭагылазаашьеи ааӡаратәии акультура-ԥсшьаратә усура аиҿкаареи рзы), Аԥсны Аҳәынҭқарра арратә комиссар.
ТАМШЬ АҚЫҬАН ЕИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАЗ АЦҚЬА НИКӘАЛА АЏЬАШЬАХӘҞАҴАҨЫ ИХЬӠ ЗХУ АНЫХАБАА АԤШЬАРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Асабша, ажьырнаҳәымза 28 рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан ааигәа еиҭашьақәыргылаз Ацқьа Никәала Аџьашьахәҟаҵаҩы ихьӡ зху ажәытәӡатәи аныхабаа аԥшьара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Анцәахаҵаратә литургиа мҩаԥыргеит Аԥснытәи аиашахаҵаратә уахәама ахада, аиереи Виссарион (Аԥлиаа), Аԥсны адинмаҵзура аԥшьаҩцәеи. Аныхабаа аҿы ашәа аҳәон Аҟәатәи акафедралтә ныхабаа ауахәаматә хор.
ЕДУАРД БЫҬӘБА ҬҞӘАРЧАЛТӘИ АХӘЫШӘТӘЫРҬА ДАҬААИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа даҭааит.
Аминистр иарбоу амедусбарҭа аусура шымҩаԥысуа гәеиҭеит, апациентцәа дрыҿцәажәеит, ареспубликатә хәышәтәырҭа хада аусзуҩцәа алархәны аилатәара мҩаԥигеит.
Ҭҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа иахьа ақалақь еиԥш араион ақыҭақәеи рҟынтәи апациентцәа рыхәшәтәа иазку аусура нанагӡоит. Ахәышәтәырҭа аҿы аус ауеит ирласу амедицинатә цхыраара астанциа. Адырра шаароулак еиԥш аҳақьымцәа еиуеиԥшым араион ақыҭақәа рахь, ашьха иаԥну ақыҭақәагьы уахь иналаҵаны, иаразнак амҩа иқәлоит. Ари ахықәкқәа рзы атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра адгылареи Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз ацхыраареи иабзоураны иҳаҩсыз ашықәс азы автомашьына ҿыц аахәан. «Ҳара ҳавтопарк аҿы амашьынақәа разымхара ӷәӷәала иаҳныԥшуеит. Иҳамоу ирласу амедицинатә цхыраара амашьына ачымазаҩ иахь ианцалак, ҳара даҽаџьара ааԥхьара ҳаур ҳазлацоз, мамзаргьы апациент иаагара азы амашьына ҳамаӡамызт. Ҳара ари азҵаара анықәҳаргыла ашьҭахь уи ҳтәыла аԥыза-министри ҳҳәынҭқарра Ахадеи рҟынтәи иаразнак азхьаԥшра аиуит. Исымоу алшара схы иархәаны уи азы аԥыза-министри Аҳхәынҭқарра Ахадеи даараӡа иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп»,- ҳәа илҳәеит Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Лали Гаргәылиа.
УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АНАПХГАРА АУААЖӘЛАРРАТӘ АВИАЦИА АУСХКЫ ИАДҲӘАЛОУ АЗАНААҬҚӘА РЫЛА АҴАРАИУРҬАҚӘА РҾЫ АҴАРАЗЫ АԤСНЫ 32 КВОТА АЗОУНАЖЬИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аекономика Аминистрреи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакреи, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ауаажәларратә авиациа аусхкы иадҳәалоу азанааҭқәа рыла Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿы 2023/2024 шш. аҵарашықәс азы аҵаразы Аԥсны 32 квота азоунажьит ҳәа адырра ҟарҵоит.
Еиҳа инарҭбаау аинформациа аиуразы Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра ахь адҵаалара ахәҭоуп. (ақ. Аҟәа, аинрал Дбар имҩа, аҩ.№ 3, 2-тъи аихагыла, аофис 326, аимадаразы аҭел: (+7 840) 223-33-53, (+7 940) 730-09-90, электронная почта: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees. , Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees. ).
АТӘАНЧАҨРАТӘ ФОНД ЗЕИЦҴАЛЫҴ 104,3 МЛН. МААҬ РҞЫНӠА ИНАӠО АЖЬЫРНЫҲӘАМАЗЫ АТӘАНЧАХӘҚӘА, АԤАРАТӘ ЦХЫРААГӠАТӘҚӘА, АЦҴАҚӘА РФИНАНСТӘРА ИНАГӠАНЫ ИМҨАԤНАГЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. 2022 шықәсазы Атәанчаҩратә фонд аганахьала атәанчахәқәа, аԥаратә цхыраагӡатәқәа, ацҵақәа ршәара азы иазоужьхеит 1 млрд. 276 млн. 933,5 нызықь мааҭ, уи 2021 шықәса рзы иҟаз арбагақәа раасҭа 76 млн. 513,5 нызықь мааҭ рыла еиҳауп, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Аԥсны Атәанчаҩратә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.
«2022 шықәса азы Ареспублика Аԥсны Атәанчаҩратә фонд ахь абгаԥсатә шәатәқәа раҳасабала иалагалахеит 1 млрд. 200 млн. 54,5 нызықь мааҭ, уи 2021 шықәса азы аасҭа 161 млн. 556,2 нызықь мааҭ рыла еиҳауп. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи адотациақәа реицҵалыҵ 160 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ԥхынҷкәынмза, 2022 шықәса азы иҟаз адыррақәа рыла, атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәеи зауоз рхыԥхьаӡара 49 528-ҩык рҟынӡа инаӡон, уи 2021 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 1 011-ҩык рыла еиҳауп», – ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа.
Ԥхынҷкәынмза, 2022 шықәса азы иҟаз адыррақәа рыла, атәанчахәы ахь ацҵақәа зауаз рхыԥхьаӡара 11 845-ҩык рҟынӡа инаӡон, уи 2021 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 1 617-ҩык рыла еиҳан.
«2022 шықәсазы атәанчахәқәа рахь ацҵақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 307 млн. 682,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон, уи 2021 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 99 млн. 670 нызықь мааҭ рыла еиҳауп», – ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа.
Афонд анапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, ашәатәқәа рыцҵара жьҭаарамза 1, 2021 шықәса азы 10 категориак иаҵанакуа атәанчахәқәа рахь ацҵақәа рыцҵара ауп изыдҳәалоу.
«Ареспублика Аԥсны Атәанчаҩратә фонд 2022 шықәса азы иазыԥҵәоу аҽҳәара иахымгакәа ианаамҭоу атәанчахәқәа ршәара алнаршеит», – ҳәа иҳәеит иара.
«2021 шықәса алагамҭазы ашәатәқәа ршәара аганахьала мызкы еиҳаны аиҵахара ыҟан, 2021 шықәса ахь ииасыз ауал аицҵалыҵ - 97 млн. 50,1 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон. 2022 шықәса алагара азы ашәатәқәа ршәара аганахьала мызкы еиҳаны аиҵахара ыҟан, 2022 шықәса ахь ииасыз ауал азеиԥш еицҵалыҵ – 47 млн. 570,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон», - ҳәа иазгәеиҭеит Денис Гәылариа.





