Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2022 шықәса. Апсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҟны ажьырныҳәамза, 2023 шықәса аламҭалазы архәҭақәа рырратә зыҟаҵара иазкны инагӡаз аусмҩаԥгатәқәа реихшьаалақәа ҟарҵеит.
Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада анапхгаҩы, аинрал-леитенант Владимир Савченко ихантәаҩрала имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩцәа, арратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа, атәылахьчаратә хылаԥшырҭа аҟәшақәеи амаҵзурақәеи рнапхгаҩцәа, арратә хәҭақәа ркомандаҟаҵаҩцәа, амедицинатә маҵзура анапхгаҩы, ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи ркомиссарцәа.
Ажәахәқәа ҟаҵо иқәгылеит: арратә комендант (азинеиҿкаара аҭагылазаашьа азы), аԥшыхәра анапхгаҩы (арра-политикатә ҭагылазаашьа азы), аибашьратәии аморал-психологиатәии ҽазыҟаҵара аусбарҭа анапхгаҩы (архәҭақәеи арратә ҟәшеиҵақәеи рҿы аибашьратә ҽазыҟаҵара аҭагылазаашьеи ааӡаратәии акультура-ԥсшьаратә усура аиҿкаареи рзы), Аԥсны Аҳәынҭқарра арратә комиссар.
Иазыӡырҩит арратә хәҭақәа ркомандаҟаҵаҩцәа арратәии амобилизациатәии зыҟаҵара иазкны аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара, иара убас иқәыргылоу ахыдҵақәа рынагӡара азыхиара азы иҟарҵаз ажәахәқәа.
Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада анапхгаҩы хаҭалатәи аилазаара архәҭақәа рырратә зыҟаҵара аҩаӡара аизырҳареи атәылахьчаралшара аҩаӡара ашьҭыхреи рзы инарыгӡаз аусура азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Аиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо, иара арратәи аморал-психологиатәии ҽазыҟаҵара иазку аусмҩаԥгатәқәа еффективла рымҩаԥгара хымԥадатәиуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.