АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Жәабран.2023

214 – ҨЫК АМАШЬЫНАРНЫҞӘЦАҨЦӘА ИЖӘНЫ АМАШЬЫНА АԤСҞЫ АХЬЫРКЫЗ АЗЫ АДМИНИСТРАТИВТӘ ХЬЫРХӘРА ИАҚӘЫРШӘОУП.

Аҟәа. Жәабранмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥгаз апрофилактикатә реидтә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, иҳаҩсыз амчыбжь азы иаарԥшхеит  1 963 инарзынаԥшуа амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа реилагара, ҳәа иаанацҳауеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.   Урҭ рахьынтә:

185-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа автосаркьақәа рыԥшшәахәыркра анормақәа реилагара азы;

214-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы акра азы административтә хьырхәра иақәыршәоуп.

Ареидтә усмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәуеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аппарат Хада аҟәшеиҵақәа, аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа хаҭалатәи аилазаара, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ақалақьтә усбарҭақәеи араионтә ҟәшақәеи русзуҩцәа.  

Ареидтәии апрофилактикатәии аусмҩаԥгатәқәа рылҵшәақәа рзы адырра есыҽны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит аҿы икьыԥхьхоит.

 

 


Read 295 times - Ашәахьа, 13 Жәабран 2023 16:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.