АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Жәабран.2023

ЖӘАБРАНМЗА 13 ИНАРКНЫ АӠИА РИҴА АХЬ АӠЫНТӘИ АГЬЕЖЬХАРԤАҚӘА ЗМАМ АМАШЬЫНАҚӘА РЫЛА АНЫҞӘАРА ҞАЛАӠОМ.

Аҟәа. Жәабранмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 13 инаркны Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк ахырхарҭа ала ашәарҭадара атехника анормақәа реилагарала аныҟәара азы азин ҟалаӡом.  

«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны, Риҵатәи атрассеи ареликтә милаҭтә парки иахьрыҵанакуа  иуадаҩу аҭыԥқәа рҿы амҩатә шәарҭадара аиқәыршәара хықәкыс иҟаҵаны, аӡынтәи агьежьхарԥақәа змам амашьынақәа рыла аныҟәара азы азин ҟалаӡом», - ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.

Ари ауснагӡатә аӡынтәи аамҭахәҭа азы амҩаҿы амашәыртә хҭысқәа рыԥхьырҟәҟәаареи иара убри ала Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи ргәабзиареи рыԥсҭазаареи рыхьчареи рзы ихымԥадатәиуп.

Ас еиԥш аԥкра алагалахоит жәабранмза 13 инаркны атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахада иҟынтәи уи аԥыхразы иҷыдоу адҵа ҟалаанӡа.  

Аҳәынҭинспекциа – амашьынарныҟәцаҩцәеи ашьаҟауааи уи ишиашоу дара рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ишадҳәалоу еилкааны, амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа ишахәҭоу ала инарыгӡаларц азы абжьгара ҟанаҵоит.


Read 240 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.