АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Жәабран.2023

ДАУР АҚАҨБА ЛИУДМИЛА ГӘЫМҨА ЛИУБИЛЕИ ЛЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны жәлар рартистка, «Ахьӡ-Аԥша» ll аҩаӡара аорден занашьоу Лиудмила Гәымба ашәахьа, жәабранмза  13 рзы 70 шықәса лхыҵит.

Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба ашәаҳәаҩ длыдныҳәалеит, агәабзиара, агәамч, аԥсҭазаара бзиа, даҽа акыр шықәса лзыӡырҩцәа лырҿиаратә усура ала илыргәырӷьаларц азы азеиӷьашьара ҟаиҵеит.

«Гәык-ԥсыкала ишәыдыснышәалоит шәиубилеи. Шәара – ажәлар рыбзиабара иаԥсахаз уаҩуп. Шәыԥсҭазаара зегьы шәыжәлар рымаҵ аура иазышәкит, шәырҿиаратә мҩа – иахьатәи аҿар рзы иҿырԥшыганы иҟоуп, уи арҿиареи аҟазареи ишрызныҟәатәу зеиӷьаҟам ала иунарбоит», - ҳәа иазгәеиҭеит акультура аминистр.

Лиудмила Хьынкәыр-иԥҳа Гәымба – аԥсуа шәаҳәаҩы, аԥышәа ду змоу амузыка арҵаҩы, Аԥсны жәлар рартистка диит жәабранмза 13, 1953 шықәса рзы. Далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт  афилологиатә факультет. Далахәын аԥсуа естрада апионер Иури Гериа иаԥиҵаз астуденттә естрадатә ансамбль.

1972 шықәсазы Лиудмила Гәымба авокал-инструменталтә ансамбль «Аԥсны-67» асолиткас дҟалоит. Уи аԥҵан 1967 шықәсазы, Аԥсны жәлар рартист Шьалуа Аҩардан напхгара аиҭон.  80-тәи ашықәсқәа рзы ансамбль  «Аԥсны-67» - Асовет Еидгыла ателехәаԥшра Хада ателедыррақәа - «Споемте, друзья» и «Шире круг», иара убас аспорткомплексқәа «Динамо», «Олимпийский» рҿы урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии аестрада алархәны имҩаԥысуаз агала-концертқәа еиԥынкыланы ирылахәхон.  

1988  шықәсазы Лиудмила Гәымба Витебск ақалақь аҿы имҩаԥысуаз аполиак ашәа Жәларбжьаратәи афестиваль алауреатра лоуит.   Уи ашьҭахь уи Польшаҟа аконцертқәа рымҩаԥгаразы ааԥхьара лоуит. Лара Германиа-Асоветеидгыларатә еиҩызареи Кампучиа-Асоветеидгыларатәи еиҩызареи  реилазаарақәа  рааԥхьарала  агастрольқәа лыманы Германиа, Кампучиа дырҭаахьан.  Араҟа уи лықәгыларақәа акыр қәҿиара дула имҩаԥысит. Изныкамкәа Асовет Еидгыла ареспубликақәа рахь агастрольқәа мҩаԥылгахьан.

Авокалтә усура инамаданы лара аҿар рыбжьара аҟыбаҩ злоу рыԥшаара иазкны активла аус луан. Уи хыԥхьаӡара рацәала имҩаԥысуаз арҿиаратә конкурсқәа, апроект «Апсны Стар» уахь иналаҵаны, изныкымкәа аӡбаҩцәа реилазаараҿы дыҟан.


Read 244 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.