pressadmin-2
ААУ АԤСНЫ ИҞОУ УРЫСТӘЫЛА АХӘААХӘҬРАТӘ ХАҬАРНАКРА АУС АЦУРА ИАЗХИОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Гәарамиа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова диԥылеит. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Гәарамиа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭратә хаҭарнак дылԥылеит.
Аганқәа ахәаахәҭратә хаҭарнакреи аҳәынҭқарратә университети рыбжьара аусеицура аҿиара аперспективақәа ирылацәажәеит, иара убас ахәаахәҭра-економикатә хыдҵақәа рынагӡара аҿы ахәҭакахьала, аексперт-аналитикатә хәшьара аҭареи алкаақәа рыҟаҵареи рҿы аҵараиурҭа анаукатәи аинтеллектуалтәии апотенциал рхархәара алыршара иазааҭгылеит.
ОЧАМЧЫРЕИ ҬҞӘАРЧАЛИ ҬЫРҚӘТӘЫЛЕИ ШЬАМТӘЫЛЕИ РЗЫ АГУМАНИТАРТӘ ЦХЫРААРА АИЗГАРА РХЫ АЛАДЫРХӘУЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыреи Ҭҟәарчали Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз адгьылҵысра аҿы ааха зауз рзы агуманитартә цхыраара аизгара активла рҽаладырхәо иалагеит.
Акциа рхы аладырхәуеит аурыс школ №2, ашкол-интернати рҵаҩцәа, еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа, абизнесменцәа, хазхаҭалатәи ахаҿқәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Очамчыра-информ» Инстаграм аҿы иҟоу адаҟьа.
Очамчыратәи Абылрацәыхьчара-еиқәырхаратә ҟәша анапхгаҩы Мурман Ԥачлиа арыцҳара иақәшәаз ацхыраара рыҭара азы агәазыҳәара аарԥшны оперативла агуманитартә еидара еизызганы Очамчыраҟа аагара алзыршаз Ҭҟәарчал ауааԥсыра иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР АУСУРАТӘ ВИЗИТЛА МОСКВАҞА ДЦЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аусуратә визитла Москваҟа дцеит.
Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа ахада Урыстәыла аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа рԥылареи аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратәи аусеицура иадҳәалоу еиуеиԥшым актуалра злоу азҵаарақәа рыла рыҿцәажәареи азԥхьагәаҭаны имоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
ААУ АИААИРА 30-ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИАЗКУ АСАХЬАҬЫХРАТӘ ҞАЗАРА АЗЫ АРҾИАРАТӘ КОНКУРС АМҨАԤГАРА РЫЛАНАҲӘОИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ааигәа иҟалараны иҟоу 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет асахьаҭыхратә ҟазара азы астудентцәа рыбжьара арҿиаратә конкурс «Ҳара иаҳгәалашәоит!» шымҩаԥгахо азы алаҳәара ҟанаҵоит.
Ари аконкурс, егьырҭ, зымҩаԥгара азԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгтәқәеи рхықәкы хаданы иҟоуп – астудентцәа апатриотизми Аԥсадгьыл ахь абзиабареи аветеранцәа ҳаҭырқәҵарала рызныҟәареи рылааӡара, аҵара зҵо рдунеихәаԥшышьа арҭбаара, атәыла иҿыцӡоу аҭыоурых ахь ирымоу аинтереси ахшыҩзышьҭреи реизырҳара.
АСЛАН БЖЬАНИА АУСУРАТӘ ВИЗИТЛА МОСКВАҞА ДЦЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 14 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа усуратә визитла Москваҟа дцеит. Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аҟны аиԥыларақәа мҩаԥигараны дыҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
АЖЬЫРНЫҲӘАМЗА 21, 28 ԤСШЬАРАМШҚӘАНЫ ИРЫЛАҲӘОУП.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Ареспублика Аԥсны аныҳәатәи агәалашәаратәи амшқәа рзы» азакәан иалагалоу аиҭакрақәа инарықәыршәаны, ажьырныҳәамза 19, 2023 рзы Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҿы ирыдыркылаз Ақәҵара ала 2023 шықәсазы Аусеиҿкааратә мзар аиҭакрақәа алагалахеит.
АԤСНЫ АРБЏЬАРМЧҚӘА РҾЫ АРРАТӘ МАҴЗУРА АХЫСРАЗЫ АРРАТӘ ААԤХЬАРА ИАҴАНАКУА АҾАР РАЗЫҞАҴАРА АЗЫ АМЕДИЦИНАТӘ ЕИҚӘЫРШӘАРА АПРОГРАММА ШЬАҚӘЫРӶӘӶӘОУП.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Аминистрцәа Реилазаара атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра 2023 шықәсазы анапхгаратә хықәкытә программа «Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы арратә маҵзура ахысразы арратә ааԥхьара иаҵанакуа аҿар разыҟаҵара азы амедицинатә еиқәыршәара азы» апрограмма шьақәнарӷәӷәеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Ари апрограмма афинанстәра мҩаԥысуеит ареспубликатә биуџьет аԥаратә хәархәагақәа рыла. 2023 шықәсазы уи иазоужьхоит 450 нызықь мааҭ.
Апрограмма ахықәкы – Аԥсны Арбџьармчқәа маха-шьахалеи психикалеи згәы бзиоу арра ирго аҿар рыла аиқәыршәара алыршара.
Апрограмма ахыдҵақәа: – атәылауаа ганрацәалатәи рмедицинатә гәаҭара амҩаԥгара:
а) раԥхьатәи арратә шәҟәҭагалара иаҵанакуа;
б) арратә уалԥшьа анагӡара азы арратә ааԥхьара иаҵанакуа.
ХАТӘГӘАԤХАРАЛАТӘИ АИБАШЬЦӘА ҴӘЫЏЬБЕИ БИЏЬЕВИ РҬААЦӘА МИЛЛИОНК МИЛЛИОНК РЗЫРШӘОИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Аминистрцәа Реилазаара аҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз, Донбасс имҩаԥысуа иҷыдоу арратә операциа аан иҭахаз Дмитри Ҵәыџьбеи Казбек Биџьеви рҭаацәа рзы зныктәи асоциалтә шәатәы шьақәырӷәӷәахеит.
Хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рҭаацәа 1 млн. мааҭ инарзынаԥшуа зныктәи асоциалтә шәатәы рызшәахоит.
Уи азы ақәҵарақәа рыдыркылеит ажьырныҳәамза 19 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы.
АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АПРОГРАММА «АԤСНЫ АУААԤСЫРА АИМҲӘАДУ РАЦӘЫХЬЧАРА ИАЗКУ АЦХЫРААРА АИӶЬТӘРА» АЗЫ 2023 ШЫҚӘСАЗЫ ИАЗОУЖЬХОИТ 7 МЛН. МААҬ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Ажьырныҳәамза 19 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы «Аԥсны ауааԥсыра аимҳәаду рацәыхьчара иазку ацхыраара аиӷьтәра» азы 2023 шықәсазы атәыла агәабзиарахьчара анапхгаратә хықәкытә программа шьақәырӷәӷәахеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Апрограмма афинанстәра мҩаԥысуеит ареспубликатә биуџьет аԥаратә хархәагақәа рыла. 2023 шықәсазы иарбоу апрограмма иазоужьхоит 7 млн. мааҭ.
Апрограмма атәыла аҿы аимҳәаду ала аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иазырхоуп.
2023 ШЫҚӘСАЗЫ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ МЕДИЦИНАТӘ УСБАРҬАҚӘА РЗЫ АХӘШӘҚӘЕИ АМЕДИЦИНАТӘ ХАРХӘАГАҚӘЕИ РААХӘАРА АЗЫ ИАЗОУЖЬХОИТ 150 МЛН. МААҬ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Аминистрцәа Реилазаара аҿы атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра 2023 шықәсазы «Аԥсны аҳәынҭқарратә медицинатә усбарҭақәа рзы ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи еизакны раахәара азы» атәыла анапхгаратә хықәкытә программа шьақәырӷәӷәахеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Апрограмма афинанстәра ареспубликатә биуџьет ахархәагақәа рыла имҩаԥысуеит. 2023 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә медицинатә усбарҭақәа рзы еизакны ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи раахәара азы иазоужьхоит 150 млн. мааҭ.





