АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Ажьырныҳәа.2023

254–ҨЫК АМАШЬЫНАРНЫҞӘЦАҨЦӘА ИЖӘНЫ АМАШЬЫНА АԤСҞЫ АХЬЫРКЫЗ АЗЫ АДМИНИСТРАТИВТӘ ХЬЫРХӘРА ИАҚӘЫРШӘАХЕИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акомплекстә реидттә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иалҵшәаны иҳаҩсыз амчыбжь азы иаарԥшхеит 2182 амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа реилагара иадҳәалоу афактқәа, урҭ рахьынтә 203 – автомашьынақәа рсаркьақәа рыԥшшәахәыркра анормақәа реилагара ауп. 254-ҩык амашьынарныҟәҵаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы ахьыркыз азы админитративтә хьырхәра иақәыршәоуп. Амаҵуратә машьынаргыларҭақәа рҿы иргылоуп 19-ҩык азинеилагара ҟазҵаз рмашьынақәа. 

«Аҟәшеиҵа хаҭалатәи аилазаара аусура амҩа-транспорттә хҭысқәа рыпрофилактика амҩаԥгареи урҭ рыхҟьаԥҟьақәа излауа ала реиҵатәреи еиуеиԥшым аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа активла рылахәхареи иазырхоуп. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аппарат Хада аҟәшеиҵқәа, аҳәынҭқарратә ватоинспекциа Аусбарҭа хаҭалатәи аилазаареи аҩныҵҟатәи аусқәа ақалақьтә усбарҭақәеи араионтә ҟәшақәеи русзуҩцәеи», - ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.

Ареидтәии апрофилактикатәи аусмҩаԥгатә рымҩаԥысшьеи рылҵшәақәеи рзы еиҳа инарҭбаау аинформациа есыҽны икьыԥхьхоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит аҟны. 


Read 297 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.