АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Ажьырныҳәа.2023

УРЫСТӘЫЛЕИ АԤСНИ ИРЫБЖЬОУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲӘАА АҾЫ АҬАҬЫН ААЛЫҴ ЗҬАЗ АМАШЬЫНАҚӘА ԤШЬБА ААНЫРКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз амчыбжь азы Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҟы аҳазылхратәии аҳәаахьчаратәии агәаҭара амҩаԥгараан Аԥснынтәи Урыстәылаҟа изакәанымкәа аҭаҭын аалыҵ злаиаргоз ԥшь-автомашьынак ааныркылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Ҳазылхратә Маҵзура аофициалтә саит. 

Автомашьынақәа ргәаҭараан урҭ рыҩныҵҟа ирыԥшааит 34 400 пачка асигареҭ.

Краснодартәи аҳазылхратә Усбарҭа Ганрацәалатәи автомашьынатә аужьҭра-гәаҭаратә Ԥыԥшырҭа «Адлер» аҿы амобил-инспекциатә гәаҭара акомплекс ахархәарала анаҩстәи аҳазылхратә гәаҭараан, автомашьына  FORD GALAXY ашәқәа, атәарҭақәа рыҵҟьақәеи, иара убас агьежьтә хыргьагьа ацҟьеи рыҩныҵҟа иҭаҵәахыз асигареҭқәа рыԥшааит.

Краснодартәи аҳазылхратә Усбарҭа Ганрацәалатәи ашьаҟамҩатә аужьҭра-гәаҭаратә Ԥыԥшырҭа «Адлер» аҿы иара убас атәылауаа рымаҭәа иҵаҵәахны (250 пачка), иара убас анапылаеидаралагьы: ачемоданқәа, апакетқәа, асумкақәа рыла (3000 пачка) асигареҭ пачкақәа рыиагара азы рҽазышәарақәа ԥхьырҟәҟәаахеит. 

Аконтрабаҭ ҭаҭын аалыҵи уи зҭаз автомашьынақәеи уажәазы изтәыз ирымхуп. Урыстәыла  Административтә Зинеилагарақәа рзы Азакәеидкыла ахәҭаҷқәа 16.1 ахәҭа.2, 16.3 рыла аусеилыргарақәа хацыркуп. 

Ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәса инаркны Краснодартәи аҳазылхратә Усбарҭа Ганрацәалатәи аужьҭра-гәаҭаратә Ԥыԥшырҭа «Адлер» аҿы рыԥхьырҟәҟәаара алыршахеит Аԥснынтәи изакәанымкәа аҭаҭын аалыҵ алгара иадҳәалоу 36 инарзынаԥшуа азинеилагарақәа.

Аҭаҭын аалыҵ изакәанымкәа аиагара иадҳәалоу афактқәа зегьы рыла административтә зинеилагарақәа рзы 72 усеилыргара хацыркуп.  

Ирымхыз аҭаҭын аалыҵ ахыԥхьаӡара 600 блок (120 000 сигареҭ) рҟынӡа инаӡоит.


Read 223 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.