Аҟәа. Жәабранмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аконтрбати аҳазылхратә цәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы аҳазылхратә усбарҭа «Гал» аусзуҩцәа рыла ироуз аоперативтә информациа ала, жәабранмза 9 рзы аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Егры» аҟны аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа иаауаз атәылауаҩ инапылаеидара агәаҭара мҩаԥыргеит. Уи идырбалеит иагьимырхит амра фымцатә батареиа ала еиқәыршәоу апортативтә фымцатә станциа акомплект. Уи иҟоу аԥҟарақәа инақәыршәаны ишахәҭоу ала ашәҟәы иҭагалаӡамызт.
Жәабранмза 10 рзы аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан, аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Егры» аҟны Аԥсныҟа иаауаз атәылауаҩ инапылаеидара агәаҭара мҩаԥыргеит. Аҳазылхыҩцәа ирбеит иагьимырхит ашәҟәы иҭагаламыз 14 еилаҳәара, зыкапан 14,5 кьыла рҟынӡа инаӡо аххылақәеи 200 цыра ашәыршьышьи.
Иарбоу административтә зинеилагара азы аматериалқәа зегьы аусеилыргаразы Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҳазылхратә усеилыргарақәа рыҟәша ахь инашьҭуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.