АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Ажьырныҳәа.2023

АНАУКА АҾЫ АУСУРАЗЫ ГЬ.А.ӠИӠАРИА ИХЬӠ ЗХУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ПРЕМИА АИУРАЗЫ АКОНКУРС РЫЛАҲӘОУП.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа азы Акомиссиа, анаука аҿы аусура азы Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху апремиа аиуразы аконкурс шымҩаԥгахо азы алаҳәара ҟанаҵеит. 

Гь.А.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ауаажәларратә зхаҵара ду зауз, Аԥсны анаука аҿиара аҿы илагала дуны иԥхьаӡахаз, агуманитарттәии аԥсабарадырратәии анаукақәа рҿы иналукааша аихьӡарақәа рзы иранашьахоит.

Аҳәынҭқарратә премиа аирузы иқәыргылахар ҟалоит афундаменталтә наукатә ҭҵаара дуқәа реиԥш, авторцәа ртеориатә ҭҵаарақәа рыла ишьаҭарку аҵараиурҭақәа рзы иоригиналу арҵагашәҟәқәагьы. 

Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәыргылахар ауеит аҵыхәтәантәи хы-шықәса (2020 - 2022 шш.) рыла икьыԥхьыз аусумҭақәа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аусумҭақәа рықәыргылара анаукатә усбарҭақәеи аҵараиурҭақәеи рколлективқәа рыла имҩаԥгахоит.

Аконкурс ахь ицәыргоу аусумҭақәа рыдкылахоит жәабранмза 1 инаркны хәажәкырамза 1, 2023 шықәса аҟынӡа, Аҟәа ақалақь, Академик Марр имҩаду, аҩны №9 аҿы иҟоу Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа азы Акомиссиа аҟны.  

Аконкурс алахәхара азы ихымԥадатәиу аусшәҟәқәа рсиа: 

1.Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәгылоу инысымҩа (автобиографиа);

2.Аусуратә ҭыԥ аҟынтәи аҟазшьеилыркаага;

3.Акьыԥхь збахьоу аусумҭақәа рсиа;

4.Атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхь;

5.Аконкурс ахь ақәыргылара мҩаԥызгаз аиҿкаара аколлегиалтә усбарҭа апкаанҵа агәылҩаа;

6.Ашәҟәы 5 екземплиар рҟынӡа;

7.Иқәыргылахо аусумҭа азы ареценциа ацзар ахәҭоуп;

8.Аконкурс ахь иқәзыргыло аиҿкаара аҟынтәи ашәҟәыцҵа.

Азҵаарақәа зегьы рыла абарҭ аҭелқәа рыла адҵаалара ҟалоит:  +7(940)728-03-44; +7(840)226-77-13.


Read 234 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.