АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Ажьырныҳәа.2023

АРЕСПУБЛИКАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АМАРУГА ҾЫЦҚӘА РЫЛА ЕИҚӘЫРШӘАХЕИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы ахатәы биуџьеттә хархәагақәа рхарџь ала алабараториеи аҳәса рыдкыларҭеи рзы 1 млн 113 нызықь мааҭ рҟынӡа иркуа амаруга ҿыцқәа раахәара алыршахеит.

Иаархәаз аиқәыршәагақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп –   «аспиратор Лавриновича» ҳәа изышьҭоу акыраамҭатәи (5-мши-ҵхи рҟынӡагьы инареиҳангьы) арԥҳакәырша аҩныҵҟантәи аӡшьари агази ралхра (аспирациа) иазку аппарат.

Аспиратор ааоперациа ҟаҵарҭақәеи аоперациашьҭахьтәи ауадақәеи рҿы, иара убас ареанимациақәа, ахәыҷтәы хирургиа,  отоларингологиатә кабинетқәа, астоматологиақәа, ахшараиурҭақәа, ҿыц ииз рышьҭаҵарҭа аҟәшақәа, уҳәа рҿы ахархәара аиуоит.

Иара убас Ареспубликатә хәышәтәырҭа администрациа иаанахәеит абинокулиартә фымцатә микроскопқәа быжьба. Урҭ рыла иарбоу ахәышәтәырҭа аҿы иҟоу алабораториақәа ах-блокқәа зегьы еиқәдыршәеит. Ацхыраагӡатә еиқәыршәагақәа рыла еиқәдыршәеит аҳәса рыдкыларҭагьы.

 

 


Read 195 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.