АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Жәабран.2023

АԤСНЫ ҬЫРҚӘТӘЫЛЕИ ШЬАМТӘЫЛЕИ ИҞЫЛАЗ АДГЬЫЛҴЫСРА АҾЫ ААХА ЗАУЗ РЗЫ АГУМАНИТАРТӘ ЦХЫРААРА АИЗГАРА МҨАԤЫСУЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аофис хада аҿы иҳаҩсыз амчыбжь инаркны Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны ааха зауз ауаа ацхыраара рыҭара  азы агуманитартә еидара адкылара апункт аус ауеит. Ареспублика ауааԥсыра апункт ахь амаҭәа ԥхақәа, ахызақәа, афатә аалыҵқәа, аԥаҭлыкақәа ирҭоу аӡрыжәтә, ахатәы гигиена азы ахархәагақәа наргоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

Агуманитартә цхыраара аизгара азы аиҿкааратә зҵаарақәа рымҩаԥысшьа азы аҳәаанырцә иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа дырԥыло далацәажәеит иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа.

Аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа ахада иажәақәа рыла, агуманитартә акциа активла рхы аладырхәуеит атәыла араионқәа зегьы.

Агуманиатартә цхыраара ааха зауз Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рраионқәа рахь анагара аганахьала ицәырҵуа азҵаарақәа зегьы Аԥсны анапхгара адипломатиатә каналқәа рыла аамҭа кьаҿ ала аӡбара алнаршоит.  

 

 


Read 207 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.