АЖӘАБЖЬҚӘА

Items filtered by date: Аԥшьаша, 07 Ԥхынҷкәын 2023

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, абиуџьети афинансқәеи акредиттә еиҿкаарақәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь алархәны  аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент аҿы актәи аԥхьарала ирыдыркылеит «Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа атәылауаа рсоциалтә маҵзура ашьаҭақәа рзы» азакәан апроект.

Уи аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза 7 рзы имҩаԥысыз Апарламент асессиа аилатәара аҿы адгалара мҩаԥигеит иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратә Усбарҭа аҿы Аҳәынҭқарра Ахада есымшатәи ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.

Уи, иарбоу азакәан апроект атәылауаа Аԥсны рсоциалтә маҵзура азинтә шьаҭақәа рышьақәырӷәӷәара, атәылауаа (аҭаацәарақәа) рзинқәа рыхьчара алыршара, амаҵзура ахаҭабзиара, аҩаӡара, анаӡара, аеффективра, ашәарҭадара, уҳәа рыҩаӡара ашьҭыхра  иазырхоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Уажәы Аԥсны атәылауаа рсоциалтә маҵзура аганахьала аизыҟазаашьақәа рҭышәынтәалара иазку азакәан ыҟаӡам.

«Ари азакәан апроект атәылауаа рсоциалтә маҵзура азинтә, аиҿкааратә, аекономикатә шьаҭақәа алнакаауеит, асоциалтә маҵзура зауа, иара убас урҭ назыгӡо рзинқәеи рҭакԥхықәақәеи шьақәнарӷәӷәоит. Азакәан апроект Ареспублика Аԥсны атәылауаа, ареспублика аҿы инхо аҳәаанырцәтәи атәылауаа, атәылауаҩра змам ахаҿқәа, иара убас реиҿкаара-зинтә форма иадҳәаламкәа аиуристтә хаҿқәагьы   ирызкуп. Азакәан апроект атәылауаа рсоциалтә маҵзура аусхкы аҿы аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа, азинмчы змоу аусбарҭа, атәыла аминистрцәа Реилазаара азинмчқәа рышьақәырӷәӷәара азԥхьагәанаҭоит»,  – ҳәа иаҳәоит аусшәҟәы иацу аилыркаагатә шәҟәы аҿы.   

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Апарламент актәи аԥхьарала Ауаажәларратә Палата ашьақәгылара апринцип иадҳәалоу аиҭакрақәа Аԥсны азакәанԥҵаратә актқәак ралагаларазы ажәалагала ҟанаҵеит.  

Ажәалагалақәа рыдгалара мҩаԥигеит адепутат Дмитри Маршьан.

«Ареспублика Аԥсны Ауаажәларратә Палата азы» иҟоу азакәан ахәҭаҷ 8, ахәҭа  5 инақәыршәаны, Ауаажәларратә Палата  Ауаажәларратә палата 35-ҩык рыла ишьақәгылоуп. 13-ҩык ахада иалихуеит, 11-ҩык – аҭыԥантәи ахадарақәа, аҽа 11-ҩык аиустициа Аминистрра аҿы ашәҟәы иҭагалоу аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи.

Адепутатцәа Ауаажәларратә Палата алахәылацәа 25-шықәсатәи ақәратә ценз алагаларазы, иара убас Ауаажәларратә Палата алахәылас аҟалара алзмыршо амзызқәа рырҭбаара азы адгылара ҟарҵоит. Убас Ауаажәларратә Палата алахәылас  рыҟалара алмыршазароуп аҩыжәра мыцхәы зҽадызцало, анаркотикатә маҭәашьрқәа здызкыло, атаксикоаниа, илаҽу апсихикатә чымазарақәа змоу, иара убас аполитикатә партиақәеи аидгыларақәеи ирылаху ауаа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Аникотин злоу аалыҵқәеи урҭ злашьақәгылоу ахәҭақәеи аелементқәеи рхархәара азы ахархәагақәа реиҭарсра аҭышәынтәалара азы» азакәан апроект рыдыркылеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит адепутат Инар Гыцба.

«Азакәан апроект аус адулоуп ареспублика Аԥсны ауааԥсыра ргәабзиареи рыԥсҭазаареи рыхьчаразы, аиҳаракгьы зықәра намӡац аникотин злоу аалыҵ ахархәара аҟынтәи ргәабзиара аԥхасҭа аҭара аҟынтәи рацәыхьчаразы. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа авеиперқәа ҳәа изышьҭоу ахаратә хархәагақәа реикәыршара аизҳара шыҟоу убаратәы иҟоуп», – ҳәа иҳәеит Инар Гыцба.

Уи иара убас иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы иарбоу априборқәа рхархәара шазшаз ашколхәыҷқәеи зықәра наӡам ахәыҷқәеи рыбжьара. Уи агәҭынчымра узцәынамгар залшаӡом.

 «Еиҳа ишәарҭам», «згьама бзиоу», «алҩа зхылымҵуа» иҿыцу аалыҵқәа еиҳа-еиҳа ицәырҵуа иалагеит.  Арҭ  аалыҵқәа «ишәаҭам», мамзаргьы «згьама хаау» аалыҵ  ҳәа  адгалара ҟаҵо, иарбоу аалыҵ аҭыжьыҩцәа ахархәаҩ ҿыцқәа, ахәҭакахьала зықәра намӡац  радыԥхьаларазы амаркетигтә тактика рхы иадырхәоит, ахәыҷқәа аникотин иадыршьцылоит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәии аҵыхәтәантәи аԥхьарала «Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы азы» азакәан аԥсахрақәа ралагалара азы ақәҵара рыдыркылеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламентә Еилакы ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.

Иарбоу азакәан апроект иҟоу азакәан хазы игоу анормақәа реиҿкаареи реилыркаареи, иара убас иҟоу агхақәа рыриашареи азԥхьагәанаҭоит.

«Иарбоу азакәан апроект ала азакәан ахәҭаҷ 34 ахәҭа 4 аҟны иарбоу алкааҟаҵара «анхара азакәаншьаҭа» аиҭакрақәа алагалатәуп. Азакәан ахәҭаҷ 2 аҿы иарбаӡам зҵакы науырҳәа-аауырҳәыр ауа алкааҟаҵара «анхара азакәаншьаҭа» ҳәа зҳәо аиуристтә категориа.

Азакәан иалагалатәуп «анхараз азин аиура ирмариоу аԥҟара» ҳәа аилкаара. Ари аилкаара иаҵанакуеит анхараз азин аԥыжәара знаҭо ахаҿқәа;

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы инхо атәымтәылауаа иарбоу аамҭакала рынхара шьақәзырӷәӷәо АА АҩАР апаспорттә ҟәшеи аҵакыратә ҟәшақәеи зыҭара мҩаԥырго адокументқәа реиқәыԥхьаӡа ашьақәыргылара;

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы Административтә зинеилагарақәа рзы аусеилыргарақәа рыла аӡбареиҿкааразы Азакәанеидкыла аиҭакрақәа ралагалара азы азакәан апроект рыдыркылеит.

Аӡбаҩцәа азыӡбақәа зларыдыркыло административтә зинеилагарақәа рзы ахәҭаҷқәа рсиа иаларгалеит Административтә зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ 1651 («Аӡыргара азы азакәанԥҵаа аилагара»).

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы 2024 шықәсазы абиуџьетнҭыҵтә фондқәа фба рбиуџьетқа рзы азакәан апроектқәа рыдыркылеит.

2024 шықәсазы афондқәа зегьы рбиуџьетқәа дефицитдахоит.

1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи Афонд 2024 шықәсазы ахашәалеи ахарџьи рзеиԥш хышәаҵышәа 224, 696,9 млн. мааҭ артәеит.

Атәанчахәытә фонд 2024 шықәсазы ахашәалеи ахарџьи рзеиԥш хышәаҵышәа 1 млрд 565 млн 726,5 нызықь мааҭ артәеит.

Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса афонд 2024 шықәсазы ахашәалеи ахарџьи рзеиԥш хышәаҵышәа 71 млн 425,9 нызықь мааҭ артәеит.

Арепатриациа афонд 2024 шықәсазы ахашәалеи ахарџьи рзеиԥш хышәаҵышәа 263 млн. 069,0 263,069 нызықь мааҭ  артәеит.

Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рфонд 2024 шықәсазы ахашәалеи ахарџьи рзеиԥш хышәаҵышәа 197 млн. 812,5 нызықь мааҭ артәеит.

Амҩатә фонд 2024 шықәсазы ахашәалеи ахарџьи рзеиԥш хышәаҵышәа 130,0 млн мааҭ артәеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи Апарламент аҟны актәи аԥхьарала «2024 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы» азакәан апроект рыдыркылеит.

2024-тәи ашықәс азы Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә биуџьет апараметр хадақәа абасала ишьақәгылеит:

Ахашәалахәқәа рыла – 14 млрд. 361 млн. 093,4 нызықь мааҭ;

Аныхтәқәа рыла – 15 млрд. 789 млн. 411,2 нызықь мааҭ;

Абиуџьет адефицит – 1 млрд 428 млн. 317,8 нызықь мааҭ.

Ареспубликатә биуџьет апараметр хадақәа:

ахашәалахәқәа рыла – 10 млрд. 931 млн. 384,9 нызықь мааҭ;

ахарџьқәа рыла – 12 млрд. 197 млн. 026,1 нызықь мааҭ.  

Абиуџьет адефицит – 1 млрд. 265 млн. 641,2 нызықь мааҭ.

Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо афинанстә цхыраара:

3,9 млрд мааҭ Ареспублика Аԥсны  асоциал-економикатә ҿиаразы 3 млрд 900 млн. 732,7 нызықь мааҭ;

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәнмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аинтернет маҵзура азы атарифқәа рышьҭыхра иадҳәалоу аҭагылазаашьа иадҳәалан Аимадареи амассатә коммуниациақәеи  ацифратә ҿиареи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы имҩаԥысыз аусуратә еилатәара.  Уи рхы аладырхәит амобилтә еимадареи аинтернет-аҳамаҵдгалаҩцәеи роператорқәа рхаҭарнакцәа. Абри азы адырра ҟанаҵоит аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.    

Аимадареи амассатә коммуниациақәеи  ацифратә ҿиареи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Роланд Берулаа амобилтә еимадареи аинтернет-аҳамаҵдгалаҩцәеи роператорқәа рхаҭарнакцәа аҵыхәтәантәи аамҭазы атарифқәа рышьҭыхра инамаданы ауааԥсыра акыр агәынамӡара шаадырԥшуа иҳәеит, иара убас ишьақәгылаз аҭагылазаашьа мзысқәак иамоу атәы еиҭарҳәарц азы аҳәара ҟаиҵеит.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза 7 рзы имҩаԥысыз асессиа аилатәараҿы аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала «Атәылауаҩратә ҭагылазаашьазы актқәа рзы»  Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы»азакәан апроект рыдыркылеит.  

Аԥсахрақәа инарықәыршәаны, азакәан VIII ахы аредакциа ҿыц ала еиҿкаахоит: "Аԥсуа милаҭреи аԥсуа жәлеи реиҭашьақәыргылара аҳәынҭқарратә ҭаҩраз" ҳәа.

Ари азакәанԥҵараҿ иҟаз агха ханарҭәаауеит, заԥсуа милаҭреи заԥсуа жәлеи реиҭашьақәыргылара зҭахыз аԥкрақәа рыхнахуеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.