Items filtered by date: Ахаша, 06 Ԥхынҷкәын 2023
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза 7 рзы имҩаԥысраны иҟоу Жәлар Реизара-Апарламент аилатәара амшхәаԥштә иалагалоуп 18 зҵаара.
Адепутатцәа актәи аԥхьараҿы иахәаԥшраны иҟоуп абарҭ азакәан апроектқәа:
«2024 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет азы»;
«Аԥсны арепатриациа Афонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы»,
«Ареспублика Аԥсны асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы Афонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы»,
«Ареспублика Аԥсны Амҩатә Фонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы»,
«1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рзы Аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи Афонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы»,
«Ареспублика Аԥсны Атәанчаҩратә Фонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы»,
«Ареспублика Аԥсны ихымԥадатәиу амедицианатә бгаԥса азы Афонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы».