
pressadmin-2
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа араионқәа рышколқәа рзы арбаатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Жәабранмза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Араионқәа рышколқәа рҵаҩцәа рзы арбаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿыркааит гәдоуҭатәи аԥсеиқәырхаҩцәа.
Акциа араион аҵара аҟәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭанаркра ахаҭарнакцәеи рыла иаԥшьган, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Кәыдрытәи аҩхаа аҿы арҭҟәацратә усурақәа мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Жәабранмза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апиротехникатә ҟәша аусзуҩцәа Кәыдрытәи аҩхаа аҿы арҭҟәацратә усурақәа мҩаԥыргеит.
Аслан Бжьаниеи Аԥсны аҿари реиԥылара мҩаԥысит.
Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 27 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҿар русқәеи аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы еиҿнакааз аиԥылара далахәын.
Аиԥылара аартуа, аилак ахантәаҩы иҳәеит Ҭаращь Ҳагба далацәажәеит аԥсуа спортсменцәа 2024 шықәсазы ироуз алшарақәа ртәы. Убас, мышқәак рыла 100-ҩык злахәу Аԥснытәи аделегациа Шәача ақалақь аҟны Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль «Сириус» иалахәхараны иҟоуп.
«Шәара зеиԥш ыҟам алшара шәымоуп жәлабжьаратәи аренаҟны ақәгыларазы. Шәара ижәго аиааира ашьҭахь есқьынгьы аԥсуа бираҟ шьҭыххоит. Зегьы ираҳартә иҟалоит аԥсуа гимн! Аҭагылазаашьа шәымоуп ҳҭоурых арҿиаразы», - иҳәеит Ҭарашь Ҳагба.
Аҟәатәи аҩҭаҭәаратә зауад аамҭала аҭыжьратә усура ааннакылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аҩҭаҭәаратә зауад абар шьҭа мызкы еиҳауп аусура аанкыланы иҟоуижьҭеи. Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо уи зыдҳәалахаз амзызқәа дрылацәажәеит Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи» аҩыҟаҵаҩ хада Валери Аҩӡба.
«Аминистрцәа Реилазаара аҿы ареспублика ахь иаарго аҩыҟаҵаратә маҭәахәқәа 30-процент рҟынӡа инаӡо акцизтә шәахтә рықәҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит. Уи, жәаҳәарада, еидараны аҭыжьратә усура иақәлеит, иара убри ала иҭыжьхо аалыҵгьы ахаҭаԥса шьҭымҵыр залшом, – ҳәа иҳәеит Валери Аҩӡба. – Ҳара ҳдистрибиутерцәа ҳаалыҵ ахәԥса шьҭаҳхыр, усҟан дара уи шырзымҭиуа азы адырра ҳарҭеит. Убри инамаданы ҳара аамҭала ҳусура аанаҳкыларц ҳаӡбеит. Ҳара атәыла Анапхгара ҳрыҿцәажәоит, агәыӷра ҳамоуп хара имгакәа аминистрцәа Реилазаара уаанӡа иаднакылаз аӡбамҭа аԥыхра шалнаршо, иара убри ала ари апроблема шыӡбахо».
Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара хәажәкырамза 1 инаркны шықәсыбжак рҟынӡа абылтәы аекспорт ақәиҭымтәра алагалара азԥхьагәанаҭоит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа аминистрцәа Реилазаара хәажәкырамза 1, 2024 шықәса инаркны шықәсыбжак рҟынӡа абылтәы аекспорт ақәиҭымтәра алагалара азԥхьагәанаҭоит. Иарбоу аԥкрақәа ирыҵанакӡом Евразиатәи аекономикатә Еидгыла иалоу атәылақәа, иара убас Аахыҵ Уаԥстәыла, Аԥсны, Монголиа, Узбекьысҭан, ҳәа Урыстәылатәи Афедерациа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Навка ихаҭарнак иахь азхьарԥш ҟаҵо иаанацҳауеит Урыстәыла аҳәынҭқарратә информациатә Маҵзура «ТАСС».
Алеқсандр Анқәаб Аԥснытәи ажурналистцәа Амассатә информациа ахархәагақәа Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб агазеҭ «Аԥсны» аредакциа аколлективи Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа зегьы рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалара атекст аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит иаразнак ҩ-ныҳәак – раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны» аҭыҵра ианалагаз амш 105-шықәса ахыҵреи Ареспублика Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рымшныҳәеи.
Амилаҭтә литература ашьаҭаркҩы, аҵарауаҩ-алингвист, Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа ила иаԥҵаз агазеҭ «Аԥсны» ҳҳәынҭқарра аҭоурых иахәҭакхеит.
Очамчыра ақалақь аҿы иогылахо Сергеи Багаԥшь ибаҟа азы иреиӷьу апроект азы аҩынтәтәи иаарту аконкурс рылаҳәахеит.
Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амонументалтә ҟазара азы аҳәынҭқарратә комиссиа Очамчыра ақалақь, араион Ахадара ахыбра аҿаԥхьа иргылахо Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь ибаҟа азы иреиӷьу апроект алкааразы жәларбжьаратәи иаарту аконкурс аиҭамҩаԥгара шыҟало рыларҳәеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит атәыла акультура Аминистрра.
Урыстәыла атранспорт Аминистрра мшаԥымза 30 инаркны цәыббрамза 30 рҟынӡа «иаку» абилеҭ ала ауаа Урыстәылантәи Аԥсныҟа, иара убас шьҭахьҟа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа рымҩангара иалагоит.
Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла атранспорт Аминистрра мшаԥымза 30 инаркны цәыббрамза 30 рҟынӡа «иаку» абилеҭ ала ауаа Урыстәылантәи Аԥсныҟа, иара убас шьҭахьҟа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа рымҩангара иалагоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәыла атранспорт Аминистрра Иаку атранспорттә напхгараҭара.
Раԥхьаӡа "иаку" абилеҭ ала Урыстәылантәи Аԥсныҟа аара еиҿкаан 2017 шықәсазы.
2024-тәи ашықәс азы акурорттә аамҭахәҭа азы абилеҭқәа рыҭира иалагахьеит.
Адлер аихамҩа авокзали Шәача аҳаирбаӷәазеи рҟынтәи ауаа автобус маҷқәа рыла имҩаныргоит Аԥсны хә-қалақьк рахь: Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Аҟәа.
2023 шықәсазы Гал араион аихшьалатә биуџьет ахатәы хашәалақәа рыла 300,3 млн. мааҭ иартәеит, ахарџьқәа рыла 307,6 млн. мааҭ.
Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Гал араион администрациа ахада 2023 шықәсантәи аусура аихшьалақәа рзы аҳасабырба идиикылеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Константин Ԥлиа Ахада иҟны инарҭбааны аҳасабырба ҟаиҵеит 2023 шықәса аҩныҵҟа Гал араион аҿы иҟаз аҭагылазаашьеи 2024 шықәсазы аҿиара аԥеиԥши ирызкны.
«Иҳаҩсыз ашықәс араион азы акыр алҵшәа аманы имҩаԥысит, уи азы шаҳаҭра руеит ашәахтәтә еизгатәқәа рыплан инацҵаны анагӡара ахьалыршаз.
Аслан Бжьаниа аҳәара ҟаиҵеит арбагақәа рзааҭгыларзы, араион абиуџьет инарҵауланы алацәажәаразы.
«2023 шықәсазы Гал араион аихшьалатә биуџьет иартәеит ахашәалақәа рыла 300,3 млн. мааҭ, ахарџьқәа рыла 307,6 млн. мааҭ. Азымхара ҟалеит 7 млн. мааҭ рҟынӡа. Гал араион абиуџьет ахашәалатә хәҭа анагӡара ахатәы хашәалақәа рыҟны 2023 шықәсазы иартәеит 87,3 млн. мааҭ (аплан аҟны иарбаз 68,2 млн. мааҭ раан), 19,1 млн мааҭ рыла еиҳаны, инагӡоуп 128 %. 2022 шықәсазы иадкыланы иаааиз ашәахтәқәа 31,9 млн. мааҭ рыла еиҳауп», - ҳәа иазгәеиҭеит Константин Ԥлиа.
2023 шықәсазы Аҟәа араион абиуџьеҭ ахатәы ааимҭақәа рыплантә рбагақәа 136% рыла инагӡоуп.
Аҟәа. Жәабранмза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион администрациа ахада 2023 шықәсантәи аусура аихшьалақәа рзы аҳасабырба ҟаиҵеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәа араион администрациа ахада 2023 шықәсантәи аусура аихшьалақәа рзы аҳасабырба идикылеит.
«Процентла иаҳҳәозар аҭагылазаашьа абас иҟоуп: ахатәы ааимҭақәа рыплантә рбагақәа нагӡоуп 136% рыла (планла иарбаз 105,3 млн мааҭ аан ааимҭақәа идыртәеит 143,3 млн мааҭ). Адотациақәеи асубсидиақәеи рзы аплан ала - 100%. Иаҳцәыӡыз аплантә рбагақәа идыртәеит 256,1 млн мааҭ - инагӡоу 249,6 млн мааҭ, даҽакала иаҳҳәозар, 98%», - араион аҟны иҟоу аҭагылазаашьа дахцәажәеит Алхас Ҷыҭанаа. Ахада дазҵааит ареспубликатә биуџьет аҟнытә ахархәагақәа реихшара шыҟалаз, изызкыз.
«2023 шықәсазы ҳара ареспубликатә биуџьет аҟнытә иҳауит 18,8 млн мааҭ. Арҭ ахархәагақәа еиҳарак асоциалтә проблемақәа рыӡбарахь идәықәҵан, ауаа еиԥҟьарада ӡыла реиқәыршәарагьы убрахь иналаҵаны.
Иара убас ареспубликатә биуџьет аҟнытә аԥара азоужьын абарҭ апроектқәа рынагӡаразы: Ешыра ақыҭаҟны аспортшҭа аиҿкааара (4,5 млн мааҭ); анхарҭа ҩны № 24 Гәмысҭа ақыҭаҟны шьаҭанкылатәи арҽеиратә усура (0,5 млн мааҭ); Ҷанба имҩаҟны, 1 амҩаҿахҵәа акаҭран ахҟьаразы шьаҭанкылатәи арҽеиратә усура (3,7 млн мааҭ).