Аҟәа. Нанҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аиустициа Аминистрра аҿы аминистр ихаҭыԥуаҩ Руслан Лагәлаа ихантәаҩрала аттестациатә комиссиа аилатәара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аиустициа Аминистрра апресс-маҵзура.
Рзанааҭтә дырра аҩаӡара аилкаареи иааныркыло аҭыԥқәа рашьашәалареи, иара убас аӡбаратә нагӡаҩцәа рыла Ареспублика Аԥсны аӡбарҭақәа русура ишьақәыргылоу аиҿкаашьа аҭышәынтәалареи аӡбаратә шәҟәынҵақәеи егьырҭ аусбарҭақәеи амаҵурауааи рышәҟәынҵақәеи рынагӡареи рзы азанааҭдыррала, ибзианы рзинмчы анагӡара азы, аиустициа Аминистрра аҿы ишьақәырӷәӷәоуп, аусурахьгьы инагоуп «Аԥсны Аҳәынҭқарра аиустициа Аминистрра аҟны иҟоу аӡбаратә анагӡаҩцәа Рмаҵзура аӡбаратә анагӡаҩцәа раттестациа азы Аԥҟара».
Аттестациатә ԥышәара ахысра аихшьаалақәа рыла, хәҩык аӡбаратә нагӡаҩцәа иааныркыло амаҵуратә ҭыԥқәа иақәнаганы иааныркылоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Уи – Кьышмариа Т. Н., Гопиа А. Р., Ахвледиани С. Т., Смыр Д. В. , Џьынџьал С. Г. роуп.
«Аӡбаратә нагӡаҩцәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 4 инақәыршәаны, аӡбарақәа рынагӡаратә усбарҭақәа рахь ирыдыркылаз аусзуҩцәа зегьы аӡбаратә нагӡаҩы иҭоуба шьҭарҵеит.