АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль аҿы Чувашиа Ахада Олег Николаев Аԥсны аделегациақәа дырԥылеит. Ареспублика Ахада убри азы адырра ҟаиҵеит иара ителеграм-канал аҿы.

Аҟәа. Жәабранмза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа иахәаԥшит аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьарала иагьрыдыркылеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект.

Ажәахәҟаҵаҩ – Жәларбжьаратәии апарламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы Аилак ахантәаҩы Барцыц Алхас.

Азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит Аԥсны иаднакыло аиқәшаҳаҭрақәа нап рыҵаҩра ҟалаанӡа урҭ Жәлар Реизара ардырра.

Иара убасгьы иалацәажәан жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рпроектқәа Апарламент ахь рнагара аҿҳәаратә аамҭа.

Азакәан иалагалахо аиҭакрақәа инарықәыршәаны, Аҳәынҭқарра Ахада  Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала ибжьаҵахо жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа нап рыҵаҩразы аӡбамҭа адкылара ҟалаанӡа 10-мыш шыбжьоу  урҭ Жәлар Реизара ардырразы  анагара алиршоит.

Аминистрцәа Реилазаара уи ахьӡала иаднакыло  жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рыпроектқәа анапаҵыҩразы аӡбамҭа адкылара ҟалаанӡа 10-мыш шыбжьоу урҭ Жәлар Реизара ардырразы  анагара алнаршоит.  

Аҟәа. Жәабранмза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ахаша, жәабранмза 18 рзы имҩаԥысыз Жәлар Реизара-Апарламент изаамҭанытәиу ааԥынтәи асессиа аилатәара аҿы адепутатцәа «Аҟәатәи акондитертә фабрика» априватизациа иаҵанакуа аобиектқәа реиқәыԥхьаӡа алаҵареи, уи априватизациа аԥҟарақәа рышьақәырӷәӷәареи рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра  Аминистрцәа реилазаара  2023 ш. ԥхынҷкәынмза 1 аҟнытә  Ақәҵара № 140 Ақәҵара ашьақәырӷәӷәаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Иара убас «Аҟәа ақалақь Аҟабардақәа рымҩа, 7 аҟны ԥасатәи атуристтә сасааирҭа «Амтҟьал» амазаратә комплекс апривтизациа иаҵанакуа аобиектқәа реиқәыԥхьаӡа алаҵареи, уи априватизациазы аԥҟарақәа  рышьақәырӷәӷәареи рзы»  Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара 2023 шықәса ԥхынгәымза 12 аҟн. № 79 Ақәҵара ашьақәырӷәӷәаразы» аӡбамҭа рыдыркылеит.

Ажәахәҟаҵаҩ – Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Бадрик Ԥлиа.

Адепутатцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра  Аминистрцәа Реилазаара Лаԥсҭарха ақыҭаҟны 1,26 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьыл» акатегори аҟнытә «аиланхарҭатә ҭыԥқәа рыдгьылқәа» рҵакы змоу адгьыл акатегориахь аиагара ақәиҭтәразы» Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ақәҵара рыдыркылеит. Иарбоу адгьылхәҭа анаҩс  Хазхаҭалатәи Аусдкылаҩ Ԥалаванӡиа Аслан Руслан-иԥа аргыларақәа рымҩаԥгаразы изоужьхоит.  

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭаҟны 1,5 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ «абнатә фонд  аҵакы змоу адгьылқәа» ркатегори аҟнытә «аиланхарҭатә ҭыԥқәа рыдгьылқәа» рҵакы змоу адгьыл акатегориахь аиагара ақәиҭтәразы» азин арҭеит.  Ари  адгьыл ҭыԥ анаҩс Адинтә аиашахаҵаратә еиҿкаара «Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама» аберҭыԥтә комплекс зцу аиашахаҵаратә уахәама аргыларазы иазоужьхоит.  

Адепутатцәа Гәылрыԥшь араион Дранда аҳаблаҿы иҟоу 0,35 га зҵазкуа адгьыл аҭыԥ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьыл» акатегори аҟнытә «аиланхарҭатә ҭыԥқәа рыдгьылқәа» рҵакы змоу адгьыл акатегориахь аиагара ақәиҭтәразы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ақәҵара рыдыркылеит.

Дара иара убас Гәылрыԥшь араион Ахадара 0,35 га зҵазкуа адгьыл аҭыԥ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьыл» акатегори аҟнытә «аиланхарҭатә ҭыԥқәа рыдгьылқәа» рҵакы змоу адгьыл акатегориахь аиагара ақәиҭтәразы иҟанаҵаз ажәалагала  иақәшаҳаҭхеит..  

Иақәшаҳаҭхеит иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара Калдахәара ақыҭаҟны   0,35   га зҵазкуа адгьыл ҭыҧ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьыл» акатегориаҟнытә «аиҭашьақәыргыларатә ҵакы змоу адгьыл» акатегориахь аиагара ақәиҭтәразы» Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Ақәҵара ашьақәырӷәӷәара. Иарбоу адгьы аҭыԥ анаҩс атәылауаҩ Сымсым  Д. Б. ахатәы ҩны аргыларазы изоужьхоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 4, 1949 шықәсазы рзы диит Аҧсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада (2005-2011 шш.),  зыуаҩреи зқьиареи ҳаракыз, зыҧсадгьыл аизырҳара, арҿиара еснагь иашьҭаз, Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара иасимволхаз Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь. Ари амш азы иԥсы ҭазҭгьы иара ихыҵуан 75шықәса.

Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит хәажәкырамза 4, 1949 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы.  10 - тәи Ашьхарыуаа рышкол даналга ашьҭахь дҭалоит Қарҭтәи ақыҭанхаҩтә асубтропикатә институт аограном изанааҭ ала. Уи аҵара бзианы иҵон, убри инамаданы аусгьы иуан, аԥхьа аус иуан аҩыҟаҵарҭатә завод аҿы. Нас аус иуан аҳәынҭқарратә банкаҿ инкосатырс. Истудентә ԥсҭазаараҿ бзиа ибон аспорт, дыҟан капитанс Аԥсны еидкылаз амҵәышәмпыл асраҿы.

1972 шықәсазы Мықәтәи  ақыҭанхамҩатә аҟәша аефирхәшатә совынхара еиҳабыс аус иуан. 1973-1974 шш. рзы дахысит аррамаҵура. Уи далган данаа ашьҭахь дҟаҵан Аԥснытәи аобком акомҿар рымҩақәҵаҩ еиҳабыс.

Сухум. 4 марта 2024. Апсныпресс. Хәажәкырамза 4 рзы жәиԥшь шықәса ҵит Аԥсны Актәи Ахада, аҭоурыхдырҩы-амрагылараҭҵааҩ, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор, Аԥсны Афырхаҵа  Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥсҭазаара далҵиижьҭеи (1945 – 2010 шш.).

14 шықәса раԥхьа, хәажәкырамза 4, 2010 шықәсазы, акыраамҭа ихьуаз ачымазара ӷәӷәа иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит иналукааша аҳәынҭқарратәии аполитикатәии аусзуҩ, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, аҭоурыхдырҩы-амрагылараҭҵааҩ ду, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба. 

Владислав Григори-иԥа Арӡынба диит лаҵарамза 14, 1945 шықәса рзы Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан. Араҟа уи ихигеит ихәыҷреи ишкол аамҭеи.

1962 - 1966 шш. Владислав Арӡынба аҵара иҵон Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Институт, аҭоурыхҭҵааратә факультет аҿы. Уи даналга ашьҭахь Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа иатәу мрагылараҭҵаара Аинститут аспирантура дҭалеит. Қәҿиарала уи даналга ашьҭахь Владислав Арӡынба ари Аинститут аҿы 1969 шықәса инаркны 1988 шықәанӡа аус иуит. Уи Азиа Маҷ, ахәҭакахьала ахаттааи ахеттааи  ркультуреи рҭоурыхи рыҭҵаара инапы алакын. 

Владислав Арӡынба 1985 шықәсазы адоктортә диссертациа ихьчеит, 1987 шықәсазы Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа мрагылараҭҵаара Аинститут Ажәытә Мрагылара акультуреи аиделогиеи рсектор анапхгаҩыс дҟаҵан.

Владислав Арӡынба 40 инареиҳаны анаукатә усумҭақәа дравторуп.

1988 шықәсазы Владислав Арӡынба Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт адиректорс дҟарҵоит. Иара убри ашықәсан далырхуеит Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс, анаҩс 1989 шықәсазы  - Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс, араҟа уи автономтә еиҿкаарақәа рзинтәии рҳәынҭқарратәии астатус азы акомисиеиҵа напхгара аиҭеит, иара убас Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум алахәылас дҟалеит.

Аҟәа. Жәабранмза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутутцәа иахәаԥшит иагьрыдыркылеит актәи аԥхьараан:  «Аҳәынҭқарратә аидкылаахәаразы» азакәан апроект. Азакәан апроект адкыларазы рыбжьы рҭиит – 31 –ҩык адепутатцәа,  депутатк абжьыҭира иҽалаимырхәӡеит.

Ажәахәҟаҵаҩ – Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы Аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа.

««Аҳәынҭқарратә аидкылаахәаразы» азакәан апроект адкылара абиуџьетә ԥаратә хархәагақәа ихшыҩыркны рныхра алнаршоит», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

«Аҳәынҭқарратә аидкылаахәаразы» азакәан апроект аҳәынҭқарратә аахәарақәа реиҿкаареи рынагӡареи рзы афундаменталтә шьаҭақәа аԥнаҵоит, деталла аахәаратә уснагӡатәқәа ҳәаақәнаҵоит.

Иарбоу азакәан апроект актәи ахы аҿы иарбоуп абри азакәан аҳәаақәҵареи уи ахархәаразы аусхкқәеи  аҳәынҭқарратә аахәарақәа рымҩаԥгара ихадоу апринципқәеи.

Аахәарақәа разԥхьагәаҭарақәа ирылагоит аплан-аграфик анышьақәыргылахалак ашьҭахь. Аахәарақәа рымҩаԥгаразы аплан-график аиқәыршәара  иааиуа афинанстә шықәса азы аахәарақәа рымҩаԥгаразы азинмчы змоу аусбарҭала имҩаԥгахалоит.

Апроект аҿы инарҭбааны иарбоуп аахәарақәа ирылаху зегьы рахь ахыдҵақәа. Иарбоу анормақәа зыламыс цқьам алахәылацәа аахәаратә уснагӡатәқәа рахь рынамышьҭра  иазырхоуп.

Аҟәа. Жәабранмза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа иахәаԥшит актәи аԥхьараан иагьрыдыркылеит «Авалиутатә ҳәаақәҵареи авалиутатә хылаԥшреи рзы»  азакәан апроект.

Ажәахәҟаҵаҩ – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Изинмчы змоу Ахаҭарнак Баҭал Аиба. Иарбоу азакәан апроект адкыларазы рыбжьы рҭиит - 26 – ҩык адепутатцәа, мап ацәыркит – ҩыџьа.

Азакәан апроект шьақәгылоуп хә-хык рыла: азеиԥш ҭагылазаашьақәа; авалиутатә ҳәаақәҵара; арезидентцәа рыла аҳәаанырцәтәи авалиутеи Ареспублика Аԥсны аофициалтә валиутеи  арепатриациа азура;  авалиутатә хылаԥшра ; ахыркәшаратә ԥҟарақәа.

«Иарбоу азакәан апроект Аԥсны иахьаҵанакуа авалиутатә ҳәаақәҵареи авалиутатә хылаԥшреи рзы азинтә шьаҭеи апринципқәеи, авалиутатә ҳәаақәҵара азы аусбарҭақәа рзакәанмчы, иара убас арезидентцәеи резидентцәас иҟами авалиута ахархәара, аахәара, Аԥсны аофициалтә валиутеи зыхә дуу аҩныҵҟатәи ақьаадқәеи рыла аикәыршара, ахархәара, аахәара, уҳәа рзы ирымоу азинқәеи аԥхықәрақәеи шьақәнаргылоит. Уи анаҩс, иарбоу азакәан апроект    иарбоуп авалиутатә хылаԥшра назыгӡо аусбарҭақәеи агентцәеи», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Баҭал Аиба.

Аҟәа. Жәабранмза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа иахәаԥшит актәи аԥхьараан иагьрыдыркылеит «Ақытанхамҩазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан  аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект. Ажәахәҟаҵаҩ – Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиан.

Зыдгалара мҩаԥгоу аиҭакрақәа ралагалара ақыҭанхамҩа амеханизациа азҵаарақәа рыӡбара аҿы анорма-зинтә шьаҭақәа рҿы иҟоу агхақәа рырҽеира ауп хықәкыс иамоу.  

Ақыҭанхамҩа аусхкы аҿы аҳәынҭқарратә информациатә еиқәыршәара асистема ақыҭанхамҩатә техника ахыԥхьаӡареи ахаҭабзиареи, иара убас иазоужьхо абылтәи ахархәара зауа афымцамчи рзы аинформациа аларгалеит.

Аҟәа. Жәабранмза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба анхаратә зҵаарақәа рзы  Аҟәа ақалақь Ахадара ауаажәларратә комиссиа аилазаара ашьақәырӷәӷәара азы Адҵа инапы аҵаиҩит.

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба напхгара зиҭо анхаратә зҵаарақәа рзы  Аҟәа ақалақь Ахадара ауаажәларратә комиссиа аилазаара иалалеит:

Иури Дбар – Аҟәа ақалақь Ахадара Анхара-Коммуналтә Нхамҩа адепартамент адиректор;

Мимоза Габниа – Аҟәа ақалақь Ахадара Анхара-Коммуналтә Нхамҩа адепартамент анхарҭаҭыԥ амҽхак аҳасабырбара азы аспециалист хада (акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ);

Аҟәа. Жәабранмза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокуратура Хада Азербаиџьан атәылауаҩ Дадашов Нидџьаҭ Ибрагим-оглы иганахьала аԥара ахшәаарала заанаҵтәи ацәыҵеицәажәарала гәҭакыла ауаҩшьра азы ихацыркыз ашьаус (Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 217 ахәҭа  1, ахәҭаҷ  99, ахәҭа 2 апунктқәа «д», «з») ала идыз ахарадҵа шьақәнарӷәӷәеит.

Ашьаус аматериалқәа рыла, Дадашов Нидџьаҭ, заанаҵтәи ацәыҵеицәажәарала  аҳәаанырцәтәи ацәгьоуратә гәыԥ «Халил АЕ» аиҳабы иҟынтәи иоуз адҵа ала ацәгьоуратә гәыԥ «Далтон» алахәылацәа рышьра гәҭакыс иҟаҵаны Аԥсныҟа дааит. Ауаҩшьразы уи 60 нызқь доллар 60 000 Еиду Америкатәи Аштатқәа рдоллар аԥара изыршәараны иҟан.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.