АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Хәажәкыр.2024

Хәажәкырамза 4 рзы диит Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь.

Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 4, 1949 шықәсазы рзы диит Аҧсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада (2005-2011 шш.),  зыуаҩреи зқьиареи ҳаракыз, зыҧсадгьыл аизырҳара, арҿиара еснагь иашьҭаз, Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара иасимволхаз Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь. Ари амш азы иԥсы ҭазҭгьы иара ихыҵуан 75шықәса.

Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит хәажәкырамза 4, 1949 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы.  10 - тәи Ашьхарыуаа рышкол даналга ашьҭахь дҭалоит Қарҭтәи ақыҭанхаҩтә асубтропикатә институт аограном изанааҭ ала. Уи аҵара бзианы иҵон, убри инамаданы аусгьы иуан, аԥхьа аус иуан аҩыҟаҵарҭатә завод аҿы. Нас аус иуан аҳәынҭқарратә банкаҿ инкосатырс. Истудентә ԥсҭазаараҿ бзиа ибон аспорт, дыҟан капитанс Аԥсны еидкылаз амҵәышәмпыл асраҿы.

1972 шықәсазы Мықәтәи  ақыҭанхамҩатә аҟәша аефирхәшатә совынхара еиҳабыс аус иуан. 1973-1974 шш. рзы дахысит аррамаҵура. Уи далган данаа ашьҭахь дҟаҵан Аԥснытәи аобком акомҿар рымҩақәҵаҩ еиҳабыс.

1978 шықәса рзы Сергеи Багаԥшь Қырҭтәылатәи аинформациатә сектор аҿы еиҳабыс дҟаҵан, иара убас уи инадҳәалан дҟаҵан аҿар рқыҭанхамҩатә усуҩ еиҳабыс.

1980 шықәса рзы дыҟан Қырҭтәыла Асовет Еидгылазегьтәи Ленинтәи-комсомолтәи Аҿар Рхеидкыла (ВЛКС) Аԥснытәи аобком маӡаныҟәгаҩс.

1982 шықәса рзы Сергеи Багаԥшь дахаргылан РК Қырҭтәыла Акоммунисттә Партиа Очамчыратәи Араионтә Комитет актәи амаӡаныҟәгаҩыс.

1989 шықәсазы далахәын Аԥсны имҩаԥысуаз аилыхара. Уи аилыхараҿ иоуит ахәра. Уи аилыхара дахьалахәыз азы имхын ипартиатә маҵура.

1989-1991 шш. дыҟан Аԥсны АССР  агроаалыхратә Аилак аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс.

1992 шықәсазы С. Багаԥшь Аминистрцәа Реилазаара ахантәаҩы 1 тәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан.  

1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра актәи амш инаркны Аҟәа иалахаз аԥсуа ҭаацәара рхәҷқәеи дареи ралгара дацхрааит. Уи аиҿцәажәарақәа мҩаԥигон. Сергеи  Багаԥшь ихы зызкыз ижәлар ишахәҭаз џьаԥҳанылеи хәшылеи  амедицинатә аныхтә маҭәахәқәеи абылтәи рыла реиқәыршәара акәын. Уи имҩаԥигон аиҿкааратә усқәа мраҭашәаратәи Урыстәылеи Нхыҵ-Кавкази хатәгәаԥхарала иааз рыбжьара.

Аибашьра ашьҭахь аминисторцәа Реилазаара ахантәаҩы  1 тәи ихаҭыԥуаҩ иаҳасабала Аԥснынтәи дышьҭын Москваҟа, Урыстәылатәи аҳәынҭқарреи Аԥсны аицхыраара рыбжьалараҿы аиқәшаҳаҭрақәа мҩаԥигон, иара убас уа иҟаз аԥсуаа рыцхырааразы.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 90-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аиҳабыра дахагылеит.

2005 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас далхын атәылаҿы ауаажәларра-политикатә еибырххарақәа раамҭазы. Усҟан иара илшеит аҭагылазаашьа аҭышәнартәалара.

2009 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас деиҭалхын.

Сергеи Багаԥшь аҳәынҭқарра данахагылаз аамҭазы аибашьра ашьҭахь Қырҭтәыла амчрақәа зхаԥаны иҟаз Кәыдрытәи аҩхаа аҿы Аԥсны аиурисдикциа еиҭашьықәыргылахеит.  Сергеи Багаԥшь ихьӡ адҳәалоуп Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара аиура.

2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит, анаҩс уи азханаҵеит Венесуела, Никарагуа, Науру, Тувалу. Сергеи Багаԥшь напхгара зиҭоз аԥснытәи аделегациа нанҳәамза 2010 шықәсазы аибадырратә визит аҳасабала Лаҭынтәи Америка атәылақәа ирҭааит.

Сергеи Багаԥшь аҳынҭқарра данахагылаз аамҭазы Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара аныҟала ашьҭахь раԥхьаӡа акәны ареспублика аусуратә визитла даҭааит Урыстәылатәи Афедерациа аԥыза-министр Владимир Путин (2009 ш.), нанҳәамза, 2010 шықәсазы усҟан Урыстәыла Ахадас иҟаз Дмитри Медведев.  

Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь 63-шықәса дшырҭагылаз иаамҭамкәа иԥсҭазаара далҵит лаҵарамза 29, 2011 шықәсазы.  Сергеи Багаԥшь Урыстәылатәи Афедерациа Москватәи аклиникатә хәышәтәырҭа №83 аҿы дышьҭан. Уи игәамбзиара аҭагылазаашьа иҟаз ала, ишьақәыргылан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ирыԥҳа акьыба шамаз.  Ирыԥҳақәа рҿы иҟаҵаз аԥҟара ашьҭахь мчыбжьык ааҵуаны  лаҵарамза 27 ауха Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь игәабзиара зынӡа ицәгьахоит. Уи ацхыраара ӷәӷәа шимазгьы, ичымазара дзазымиааикәа идунеи иԥсахуеит. Сергеи Багаԥшь Анышә дамадоуп Очамчыра араион, иқыҭа гәакьа Џьгьарда иани иаби рывараҿы. ***   

 

 

 

 

 


Read 252 times - Ашәахьа, 04 Хәажәкыр 2024 12:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.