АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Хәажәкыр.2024

14 шықәса раԥхьа иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба.

Сухум. 4 марта 2024. Апсныпресс. Хәажәкырамза 4 рзы жәиԥшь шықәса ҵит Аԥсны Актәи Ахада, аҭоурыхдырҩы-амрагылараҭҵааҩ, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор, Аԥсны Афырхаҵа  Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥсҭазаара далҵиижьҭеи (1945 – 2010 шш.).

14 шықәса раԥхьа, хәажәкырамза 4, 2010 шықәсазы, акыраамҭа ихьуаз ачымазара ӷәӷәа иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит иналукааша аҳәынҭқарратәии аполитикатәии аусзуҩ, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, аҭоурыхдырҩы-амрагылараҭҵааҩ ду, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба. 

Владислав Григори-иԥа Арӡынба диит лаҵарамза 14, 1945 шықәса рзы Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан. Араҟа уи ихигеит ихәыҷреи ишкол аамҭеи.

1962 - 1966 шш. Владислав Арӡынба аҵара иҵон Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Институт, аҭоурыхҭҵааратә факультет аҿы. Уи даналга ашьҭахь Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа иатәу мрагылараҭҵаара Аинститут аспирантура дҭалеит. Қәҿиарала уи даналга ашьҭахь Владислав Арӡынба ари Аинститут аҿы 1969 шықәса инаркны 1988 шықәанӡа аус иуит. Уи Азиа Маҷ, ахәҭакахьала ахаттааи ахеттааи  ркультуреи рҭоурыхи рыҭҵаара инапы алакын. 

Владислав Арӡынба 1985 шықәсазы адоктортә диссертациа ихьчеит, 1987 шықәсазы Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа мрагылараҭҵаара Аинститут Ажәытә Мрагылара акультуреи аиделогиеи рсектор анапхгаҩыс дҟаҵан.

Владислав Арӡынба 40 инареиҳаны анаукатә усумҭақәа дравторуп.

1988 шықәсазы Владислав Арӡынба Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт адиректорс дҟарҵоит. Иара убри ашықәсан далырхуеит Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс, анаҩс 1989 шықәсазы  - Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс, араҟа уи автономтә еиҿкаарақәа рзинтәии рҳәынҭқарратәии астатус азы акомисиеиҵа напхгара аиҭеит, иара убас Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум алахәылас дҟалеит.

Владислав Арӡынба аполитика далалеит Аԥсныгьы уахь иналаҵаны, Асовет Еидгыла аҭоурых аҿы зегьы раасҭа иуадаҩыз аамҭақәа руак азы. Ԥыхьатәи Асовет Еидгыла ажәларқәа рзинқәа рырҭбаара иԥсҭазаара ахықәкы хаданы иҟалоит. Владислав Арӡынба Асовет Еидгыла ажәларқәа рзинқәа еиҟараны рыҿиара азы азинтә шьаҭа аԥҵара аҿы илагала дууп, уи иаԥшьгарала, хаҭала иалахәхарала Азакәанқәа реиқәыршәареи рыдкылареи алыршахеит, иара убас ԥыхьатәи автономтә республикақәа рхьыԥшымра шьақәзырӷәӷәоз Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла Аконституциа ахь аиҭакрақәеи ацҵақәеи алагалахеит.

1990 шықәсазы Владислав Арӡынба Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс далырхит. Ареспублика данахагыла, Владислав Григори-иԥа Аԥсны ажәлар ихьыԥшым аҳәынҭқарра аԥҵара азы ирымоу иузаҟәымҭхо азин анагӡара иазку акурс амҩаԥгара далагеит.

1992 шықәсазы, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аналага, Владислав Арӡынба Аҳәынҭқарратә тәылахьчара акомитет Ахантәаҩыс дҟалоит, уи аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара напхгара аиҭоит.  Аибашьра анцоз аамҭазы аԥсуа ар аԥҵарала, Владислав Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хадас дҟалеит.

Цәыббрамза, 1993 шықәсазы Владислав Арӡынба инапхгарала Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы аиааира агара алыршахеит, ари ишьаарҵәыраз аибашьра аҿы агрессор ареспублика аҟынтәи дықәцан.

Абҵарамза 26, 1994 шықәсазы Владислав Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахадас далырхит, жьҭаарамза  3, 1999 шықәсазы уи ҩаԥхьа Аҳәынҭқарра Ахадас далырхуеит.

Владислав Григори-иԥа Арӡынба  аепохатә ҭоурыхтә хҭысқәа рыла игәылҭәааз аԥсҭазааратә мҩа данысит. Уи Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет аҿы аума, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс даныҟаз аамҭа азы аума, анаҩс – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас даныҟала аума активла инаигӡоз аполитикатә усура  инагӡаны хаҭала илаз аҟыбаҩ ҷыда:  изанааҭдырра ҳаракы, ихадоу алкаара азы алшара, ахықәкынагӡара, иара убас амилаҭтә интересқәа рыхьчараан ахьаҳә-хьачарадара. Аиҳарак ахақәиҭратә қәԥара аан иаарԥшхаз Владислав Григори-иԥа илаз аԥхьагыларатә ҟазшьақәа роуп 1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҵыхәтәа аҿы ихадоу ароль назыгӡаз. Иара убри алагьы уи ииашаны ажәлар рыбзиабара даԥсахеит.

Ҿыц ишьақәгылаз ареспублика азы ԥышәара дуны иҟалеит аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа, усҟан уи аекономикатәи аполитикатәии блокада иҭакын, уи адәныҟатәи атәылақәа жәпакы рганахьала ӷәӷәала ақәыӷәӷәара аиуон. Аи иуадаҩӡаз аамҭагьы аԥсуа жәлар лыԥхала ирхыргеит ҳәа уҳәар алшоит Владислав Григори-иԥа ихарахәыцратә политикеи иҟәышреи игәеицамкреи, иара убас жәаҳәарада ажәлар иаадырԥшыз акзаареи ирыбзоураны.

Владислав Григори-иԥа аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи атәыла Аконституциа аиқәыршәареи адкылареи, иара убас амчра аинститутқәа раԥҵареи рҿы инаигӡаз ароль ахә ашьара акыр иуадаҩуп.

Владислав Арӡынба – аҭоурыхҭҵааратә наукақәа рдоктор, академик, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа алахәыла, Адыгатәи Жәларбжьаратәи анаукақәа Ракадемиа алахәыла, 1995 шықәсазы Жәларбжьаратәи Кандуровтәи апремиа алауреат.

Дҵарауаҩ дуны иҟаз иара адоуҳатә усхкы, анаука, аҵарадырреи акультуреи акыр ахшыҩзышьҭра аиҭон. Уи иабжьгарала иаԥҵан Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа, аԥсуа бызшәа аҿиара апрограмма еиқәыршәан. Адунеи зегьы иалаԥсоу ҳџьынџьуаа амҳаџьырцәа рхылҵышьҭрақәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра иара изы хадара злоу ахықәкқәа ируакын. Амилаҭ аидкылара иазку аидеиа хада анагӡара хықәкыс иҟаҵаны, Владислав Григори-иԥа иаԥшьгарала иаԥҵан аџьынџьуаа рырхынҳәра азы аҳәынҭқарратә Еилакы. Иԥсадгьыл аҿы Владислав Григори-иԥа Арӡынба инаигӡаз аҳәынҭқарратә усура ду азы даара ҳаҭыр-пату иқәуп. Владислав Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи рҿы илагала ду азы, иара убас Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иара инапхгарала Арбџьармчқәа рыла аиааира агара алзыршаз арратә операциақәа қәҿиарала рымҩаԥгареи рзы ианашьахеит «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара. Аԥсадгьыл ахьчараан иааирԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы Владислав Григори-иԥа Арӡынба Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак ихҵоуп.

Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥсҭазаареи илшамҭақәеи зегьы, аҭакԥхықәра зцу, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш зырҿио аҭоурыхтә аамҭахәҭақәа рзы ауаҩы ихаҭашьара зырҵабыргуа акакәны иҟоуп. Урҭ еиҵагыло абиԥарақәа рзы  зыжәлари зыԥсадгьыли  гәык-ԥсыкала, хамеигӡарала рымаҵ аура аҿырԥшы аҳасабала наунагӡа ажәлар ргәалашәараҿы иаанхоит. 

 

 

 

 

 


Read 235 times - Ашәахьа, 04 Хәажәкыр 2024 11:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.