Аҟәа. Жәабранмза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа иахәаԥшит актәи аԥхьараан иагьрыдыркылеит «Авалиутатә ҳәаақәҵареи авалиутатә хылаԥшреи рзы» азакәан апроект.
Ажәахәҟаҵаҩ – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Изинмчы змоу Ахаҭарнак Баҭал Аиба. Иарбоу азакәан апроект адкыларазы рыбжьы рҭиит - 26 – ҩык адепутатцәа, мап ацәыркит – ҩыџьа.
Азакәан апроект шьақәгылоуп хә-хык рыла: азеиԥш ҭагылазаашьақәа; авалиутатә ҳәаақәҵара; арезидентцәа рыла аҳәаанырцәтәи авалиутеи Ареспублика Аԥсны аофициалтә валиутеи арепатриациа азура; авалиутатә хылаԥшра ; ахыркәшаратә ԥҟарақәа.
«Иарбоу азакәан апроект Аԥсны иахьаҵанакуа авалиутатә ҳәаақәҵареи авалиутатә хылаԥшреи рзы азинтә шьаҭеи апринципқәеи, авалиутатә ҳәаақәҵара азы аусбарҭақәа рзакәанмчы, иара убас арезидентцәеи резидентцәас иҟами авалиута ахархәара, аахәара, Аԥсны аофициалтә валиутеи зыхә дуу аҩныҵҟатәи ақьаадқәеи рыла аикәыршара, ахархәара, аахәара, уҳәа рзы ирымоу азинқәеи аԥхықәрақәеи шьақәнаргылоит. Уи анаҩс, иарбоу азакәан апроект иарбоуп авалиутатә хылаԥшра назыгӡо аусбарҭақәеи агентцәеи», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Баҭал Аиба.
Азакәан апроект аҿы ишьақәырӷәӷәоуп Аԥсны аҩныҵҟа авалиутатә ҳәаақәҵареи авалиутатә хылаԥшреи рзы ихадоу апринципқәа. Урҭ иреиуоуп:
- авалиутатә ҳәаақәҵара аганахьала аҳәынҭқарратә политика анагӡара аҿы аекономикатә уснагӡатәқәа рԥыжәара;
- аҳәынҭқарреи уи аусбарҭақәеи иҵаҵӷәыданы арезидентцәеи резидентцәас иҟами инарыгӡо авалиутатә операциақәа рҽалагалара алмыршара;
- Аԥсны адәныҟатәии аҩныҵҟатәии авалиутатә политика акзаара;;
- авалиутатә ҳәаақәҵареи авалиутатә хылаԥшреи рсистема акзаара;
- авалиутатә операциақәа рынагӡараан арезидентцәеи резидентцәас иҟами рзинқәеи рекономикатә интересқәеи аҳәынҭқарра аганахьла рыхьчара алыршара.
«Аилаӡара апаспорт еиԥш иҟоу азинтә институт уахь иналаҵаны, авалиутатә ҳәаақәҵара иаку асистема аԥҵара, анхамҩатә структурақәа ршәахтәқәҵара ахылаԥшра арӷәӷәара, иара убри ала аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ахь ашәахтә лагалақәа рышьҭыхра алнаршоит. Авалиутатә ҳәаақәҵара аекономика аҿы астатистикатәии аналитикатәии афункциақәа реиӷьтәреи Аԥсны иаку ашәаратә баланс ашьақәыргылареи иацхраауеит», - ҳәа иазгәаҭоуп азакәан апроект иацу аилыркааратә шәҟәы аҿы.