«Ақыҭанхамҩатә техника ахыԥхьаӡареи ахаҭабзиареи, иара убас иазоужьхо абылтәи ахархәара зауа афымцамчи рзы аинформациа умамкәа, иарбоу аусхкы аҿы аҳәынҭқарратә политика ашьақәыргылара залыршахом. Иарбоу азакәан апроект адкылара атехника аус адулареи аныҟәгареи рзы астандартқәа рықәныҟәара алнаршоит, иара убас Аҳәынҭхылаԥшра атехника аҭагылазаашьа агәаҭара аганахьала аусура арманшәалоит, атракторқәа, акомбаинқәа, абульдозерқәа, ахаланыҟәа-ргыларатә машьынақәеи егьырҭ амашьынақәеи урҭ ирыцу ацраҳәақәеи, уҳәа рҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара еиҿнакаауеит», – ҳәа иҳәеит Ашот Миносиан.
Ақыҭанхамҩатә техника ихадоу аарыхратә хархәагақәа рахь иаҵанакуеит, убри аҟнытә уи астратегиатә ҵакы амоуп.