АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥны аминистрцәа Реилазаара аизарақәа рзал аҿы имҩаԥысит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара ҩынтәны  ашәахтәқәҵара ацәцареи ахашәалазы ашәахтәқәа рыцәхьамҵреи рзы Аиқәшаҳаҭра» анапаҵаҩра ацеремониа.

Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Урыстәылатәи Афедерациа афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алеқсеи Сазанов.

Владимир Делба ари аиқәшаҳаҭра аиқәыршәареи анапаҵыҩреи акыр зҵазкуа хҭысуп ҳәа дахцәажәеит.

«Ҳаицны, ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны иҳалҳаршаз, ҳазнысыз амҩа сара сгәаанагарала акыр хра злоу усны иҟалеит. Сара иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп афедералтә напхгаратә усбарҭақәа рҟынтәи ҳколлегацәа имҩаԥыргаз аусура азы, иҳарҭаз адгылара азы. Агәра ганы ҳаҟоуп Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ашәахтә усхкы аҿы ҳаизыҟазаашьақәа иҿыцу аимпульс шанаҭо, ҳекономика  ахь аинвестициақәа ралагалареи уи иааизакны аҿиареи ирыбзоураны ҳауаажәлар реизҳазыӷьара шалнаршо», – ҳәа иҳәеит Владимир Делба.

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымзазы аҳәынҭқарратә биуџьет иалагалаз ашәахтә шәатәқәа реицҵалыҵ 496 млн. мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар  122% рҟынӡа инаӡеит. Убри аан аплан ала иазԥхьагәаҭан – 405,9 млн. мааҭ, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

2024 шықәса ԥшьымз рыҩныҵҟа аҳәынҭқарратә биуџьет иалагалаз ашәахтә шәатәқәа реицҵалыҵ 1508,1 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, убри аан планла иазԥхьагәаҭан  - 1226,6 млн. мааҭ. Аплан анагӡара 123% рҟынӡа инаӡоит. Аплан ала иазԥхьагәаҭаз арбагақәеи фактла иҟалаз алагалақәеи реицҵалыҵтә еивгара 281,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  Алагалара адинамика иҳаҩсыз 2023-тәи ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар - 119% рҟынӡа инаӡоит, уи аицҵалыҵ иааизакны 241,9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Пицундатәи аҟәша аусзуҩцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәша аузуҩцәеи Аунитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аусзуҩцәеи рыцырхырааны имҩаԥыргаз апрофилактикатә усмҩаԥгатә иалҵшәаны Пицунда ақалақь, аԥсаатәааӡарҭа азааигәара ирыԥшааит изакәанымкәа аус зуаз амаининг-ферма. Уи зтәыз Наҷҟьебиа Ҭемыр Ибрагим-иԥа иоуп. Иарбоу аиқәыршәагақәа русуразы ахархәара зауа афымцамч амчхара 40 кВт. рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 7 рзы  Ахада Аслан Бжьаниа  аиԥылара мҩаԥигеит Урыстәылатәи Афедерациа афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алеқсеи  Сазанов дызлахәыз аиԥылара.

Аиԥылара аԥхьа аминистрцәа Реилазаараҟны имҩаԥысит  «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара ҩынтәны  ашәахтәқәҵара ацәцареи ахашәалазы ашәахтәқәа рыцәхьамҵреи рзы Аиқәшаҳаҭра» анапаҵаҩра. 

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит  Аԥсны Аҳәынҭқарра афинансқәа рминистр, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Владимир Делба, Урыстәылатәи Афедерациа афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алеқсеи Сазанов.

Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа аԥсшәа раҳәо, иазгәеиҭеит,  Аԥсны ас еиԥш аҵак ду змоу адокумент аҵаҩра иазыԥшуижьҭеи акыр шыҵуа. «Ари адокумент алшара дуқәа аанартуеит ҳтәыла аекономика аҿиареи урыстәылатәи аинвестициақәа еиҳа лассы радԥхьалареи рзы», - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазалхратә ҭыԥ «Аҳаирбаӷәаза Шәача»  аҿы Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа апассаџьырцәеи урҭ реидареи ргәаҭара амҩаԥгара азы аԥышәатә дыррақәа раиура азы рԥышәахысра мҩаԥысит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Шәача ақалақь аҿы иҟоу Краснодартәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Иарбоу аусмҩаԥгатә аиҿкааразы аԥсуа ган иҟанаҵаз ажәалагала ҳазҭоу ашықәс нанҳәамзазы имҩаԥысраны иҟоу аԥышәатә ԥыррақәа, иара убас  2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартра иадҳәалоуп. Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟан Аҳазалхратә шәҟәҭагалареи аҳазалхратә гәаҭареи рзы Аусбарҭа Хада аҳазалхратә ҭыԥ «Аҟәа» аиҳабы Ҭемыр Амҷба,  иара убас Аусбарҭа аҟәшақәа рнапхгаҩцәеи аспециалистцәеи.

Аԥышәахысра амҩаԥгараан Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы амаҵурауааи аҳазалхратә ҭыԥ «Аҳаирбаӷәаза Шәача» аусзуҩцәеи аҳазалхратә гәаҭара амҩаԥгареи аҳаиртә транспорт ала еиҭаҵуа апассаџьырцәа, аидарақәа, анапылеидара рганахьала аҳазалхратә операциақәа рымҩаԥгареи  ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.  Аԥсуа ган аҳазалхратә ҭыԥ аусура атехнологиатә схема гәарҭеит, ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭеит аиҳарак ақәыӷәӷәара аныҟәоу аԥхынтәи аамҭахәҭазы аҳазалхратә гәаҭара иамоу аҷыдарақәа, иара убас апрограмматә хархәагақәа рфункционалтә лшарақәа.  

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Инал Арӡынба Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр имаҵзураҟынтәи ихы ақәиҭтәра азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Лаҵарамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Мирра Хотелашвили-Инал-иԥа лыԥсҭазаара алҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.

Адышшыларатә цҳамҭаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Гәалсра дула сшәыдышшылоит иналукааша аҭоурыхҭҵааҩ, археологиа, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу Мирра Хотелашвили-Инал-иԥа лыԥсҭазаара алҵра инамадны.

Мирра Константин-иԥҳа лыԥсҭазаара зегьы аҭҵаарадырра иазкын. Ахә ашьара уадаҩуп аԥсуа жәлар рҭоурых-культуратә ҭынха,  ҳтәыла археологиеи аетнографиеи рыҭҵаареи реиқәырхареи рыҟны ллагаламҭа. 

Аҟәа. Мшаԥныҳәа 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Мшаԥныҳәа рыдиныҳәалеит.

 

Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аԥсҭазаара ҿыц, ҩныҵҟала аиҭеира иазҳәоу Мшаԥы лаша аныҳәа ду!

Ари аныҳәа аԥсуа жәлар ҳзы жәытәнатә аахыс ныҳәа дуун, аныҳәақәа зегьы иреиҳан. Абри аҽны даҽа аамҭанык еиԥшымкәа зегьы ауаҩра, аилибакаара, аҳаҭыреиқәҵара реиԥш иҟоу аҵас бзиақәа ирымоу аҵакы ҳазхәыцуеит, урҭ рықәныҟәаразы агәаԥхара ҳауеит. Амшаԥ ныҳәа иацны ҩнаҭацыԥхьаӡа инеиааит агәыӷра лаша, анасыԥ. Ԥхаррала, бзиабарала иҭәызааит шәыгәқәа,

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.    1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 79-шықәса ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан,  1944 шықәсазы абарҭ аҭыԥқәа рҿы иҭахаз аԥырҩы, алеитенант Николаи Григори-иԥа Гаид еиҭашьақәыргылаз ибаҟеи  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз, иҭахаз Гальченко Иури Николаи-иԥа ибаҟеи раартра иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсуа телехәаԥшра.

«Ҳара иахьа ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит усҟантәи аибашьраҟынтә изыхнымҳәыз. Иаҳгәалаҳаршәоит ҳветеранцәеи атыл аҿы аџьабаа ду збози аибашьра ахәыҷқәеи. Асовет Еидгыла усҟантәи аибашьра хлымӡаах аҿы аиааира агара алшеит, уи зыбзоурахаз ажәларқәа реидгылареи реиҩызареи ауп», – ҳәа агәалашәаратә митинг аҿы дықәгыло иҳәеит Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа.

«Николаи Гаида ифотосахьа сара абар шьҭа  45  шықәса раахыс иҵәахны исымоуп. Уи сара исылҭеит Николаи Григори-иԥа иаҳәшьа гәакьа Зоиа Григори-иԥҳа.   Ааигәанӡа уи иаҳәшьцәа есышықәса арахь иаалон. Иахьа-уажәраанӡа аимадара ҳабжьоуп Николаи Григори-иԥа иаҳәшьаԥҳаи сареи. Ҳара ахаангьы иаҳхашҭраны ҳаҟаӡам Зыԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз Асовет Ар афицар, аԥырҩы Николаи Гаида еиԥш иҟаз арԥарцәа афырхацәа», –  ҳәа иҳәеит Кәтол ақыҭан инхо Вахтанг Кәарацхьелиа.

Аҟәа.  Лаҵарамза 2, 2024. Аԥсныпресс.  Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рыҟәша аусзуҩцәеи Аҳәынҭстандарт ахаҭарнакцәеи еицхырааны имҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатә иабзоураны Гәдоуҭа араион Хыԥсҭа ақыҭан абнара иахьаҵанакуа ирыԥшааит акриптовалиута арҳара иазку амаининг-ферма.  Ззеиԥш мчхара 55 кВт/с. рҟынӡа инаӡоз 22 цыра аппарат Аԥсны аамҭала инхо Урыстәыла атәлауаҩ  Борисенко Владислав Павел-иԥа ишитәу еилкаахеит.  Аиқәыршәагақәа зегьы аконфискациа мҩаԥгоуп, Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.