Абри ашьҭахь Аслан Дочиа ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтә адәахьы дахьындәылҵыз Ешсоу Жьиба иашьа Нарсоу Жьиба диҿаҳаит. Дочиа Нарсоу Жьиба ԥшьынтә иреиҵамкәа диеихсит. Уигьы иоуз ахәрақәа рҟынтәи иара уааҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит.
Иара убри аҽныҵәҟьа Аслан Дочиа дааныркылеит. Аҟәа ақалақь апрокуратура уи иганахь ала ашьаусгьы хацнаркит. Аслан Дочиа Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99, ахәҭа 2, апунктқәа «а», «е» рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоура (азеиԥшәарҭара зҵоу аҟаҵашьала ҩыџьа, ма иеҳаны ауаа рышьра), иара убас ахәҭаҷ 217, ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура (изакәанымкәа абџьар аныҟәгара азы) дыгәҩароуп.
Ажьырныҳәамза 14 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Аслан Дочиа ирбаандаҩра азы аусеилыргаҩ иҟаиҵаз аҳәара иақәшаҳаҭхеит.