Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа инарымаданы ааԥхьара ҟанаҵеит.
Ареспублика Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг инапы зҵаиҩыз ааԥхьара атекст, ахәҭакахьала иаҳәоит:
«Ҳаҭыр зқәу ажурналистцәа, амассатә информациа ахархәагақәа рнапхгаҩцәа!
Ҳтәылаҿы ауаажәларратәии аполитикатәи активра цәырызго акыр зҵазкуа аполитикатә процесс мҩаԥысуеит – Ареспублика Аԥсны Ахада иалхратә кампаниа.
Ари акампаниа ихадоу аетапқәа иреиуоуп амассатә информациа ахархәагақәа рҿы алхранӡатәи агитациа.
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла амассатә информациа ахархәагақәа рредакциақәеи ажурналистцәеи русураҿы иҟоу алхратә закәанԥҵареи амассатә информациа ахархәагақәа рзы Азакәани ирықәныҟәаларц, апрофессионалтә етика анормақәа нарыгӡаларц, Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа зегьы рзы еиҟароу аинформациатә ҭагылазаашьақәа аԥырҵаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.
Алхратә тематика иазку аматериалқәа акандидатцәа зегьы рганахьала аобиективтә ҟазшьа рымазароуп, ганкы иадымцәыло, ииашаны аинформациа аарԥшра иазырхазароуп. Ажурналистцәа Реидгыла Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа раҳаҭыри русуратә репутациеи лазырҟәуа аинформациа аларҵәара мап ацәыркырц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.
Ажурналистцәа ҭакԥхықәрала рзанааҭтә уалԥшьа анагӡара алхыҩцәа ихьыԥшымкәа ргәаанагара, ртәылауаҩратә позициа аарԥшреи иҭышәынтәаланы алхратә процесс аиҿкаареи амҩаԥгареи иацхраауеит.