АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Архангельсктәи аобласт агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ Ваге Петросиан зхадараҿы дыҟоу аделегациа идикылеит. «Бзиала шәаабеит Аԥсынтәыла, шәбара сеигәырӷьоит. Инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп Шәара ҷыдала инашәыгӡо амиссиа. Уи иаанаго ҳара иҳабжьаҳҵаз аимабзиаратәи аусеицуратәи аизыҟазаашьақәа хра злоу аҿиара шамоу, уи жәаҳәарада алҵшәа бзиақәа аанарԥшраны иҟоуп ҳаԥхьаҟа», –  ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада аделегациа ахаҭарнакцәа рыла Архангельсктәи аобласт ахада ихьӡала Аԥсныҟа ааԥхьара ишьҭит. Ваге Петросиан Аслан Бжьаниа адкылара бзиа азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит, иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа традицианы ишыҟалаз.

«Аиашазы, ҳаиԥыларақәа ибзиоу традицианы иҟалеит. Саацыԥхьаӡа избоит Аҟәа еиҳа-еиҳа ишҿио, аҽшаԥсахуа. Еиҳа-еиҳа имаҷхоит 30 шықәса раԥхьа аҭыԥ змаз арыцҳара ашьаҭақәа. Агәахәара унаҭоит ареспублика аҿиара», - ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2024 шықәса.  Аԥсныпресс. Мшаԥымза 27 рзы  Краснодартәи аипподром аҿы иаатуеит 2024 шықәсазтәи аҽырыҩратә сезон. Уи аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа рыхьӡала аҽырыҩра мҩаԥгахоит.

Аҽырыҩратә сезон аартра аԥхьахә агаразы хы-шықәса зхыҵхьоу арабтәи аҽыҩқәа рыбжьара 1800 метра аҩра иалахәхоит Аԥсны аҿари аспорту русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы   иатәу Колхида Терск ҳәа ахьӡҷыда змоу  аҽыҩ, иара убас Осман Абан ҳәа ахьӡҷыда змоу  аԥснытәи аҽаҽааӡаҩ Беслан Абхазаа иҽыҩ.

1992-1993шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара ахьӡала аԥхьахә агара азы 1800 метра аҩра иалахәхоит Ахра Ашәба иҽыҩ  Џьалил Гранд .

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә нотариалтә конторақәа русура ахылаԥшреи агәаҭареи рсистема аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиустициа аминистр ихаҭыԥуаҩ Еснаҭ Лакербаиеи анотариати АҬАРи русбарҭақәа ахылаԥшра рыҭара аҟәша аиҳабы Саида Оҭырбеи аџьатә еиҿкаара аԥҟарақәа рықәныҟәара алыршара азы Гагра араион аҿы аус зуа анотариалтә конторақәа уаанӡа иазԥхьагәаҭамыз ргәаҭара мҩаԥыргеит.

«Аиустициа Аминистрра ахь аҵыхәтәантәи аамҭазы атәылауаа рҟынтәи лассы-лассы иаауа иалагеит аҳәынҭқарратә нотариалтә конторақәак рҿы аџьамш аԥҟарақәа реилагара азы азашшрақәа. Аиустициа Аминистрра ахь иаауа ааԥхьарақәеи арзаҳалқәеи зегьы аоперативла азхьаԥшра аиуоит. Убри инамаданы, аҳәынҭқарратә маҵзурақәа ианаамҭоу, ишахәҭоу ала рынагӡара алыршара хықәкыс иҟаҵаны планла иазԥхьагәаҭам агәаҭарақәа еиҿкаахоит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Апарламент адепутатцәа аҩбатәи ахыркәшаратә аԥхьараҿы «Аҳәынҭқарратә баџь азы» азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Иарбоу азакәан апроект азы рыбжьы рҭиит 29-ҩык адепутатцәа.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.

Азакәан апроект ахәдықәҵаразы аиқәшаҳаҭрақәа рышьақәырӷәӷәара азы аҳәынҭқарратә нотариалтә конторақәа рнотариусқәа инарыгӡо ауснагӡатәқәа  рзы аҳәынҭқарратә баџь алхра иадҳәалоу азакәанхархәаратә ԥышәа аиӷьтәра хықәкыс иаманы еиқәыршәоуп.  Иарбоу азакәан апроект ала иалххо аҳәынҭқарратә баџь анаӡаратә ҩаӡара шьақәыргылахоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат истатус азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан ахәҭаҷ 273 аиҭакра алагаларазы», азакәан апроект рыдыркылеит.

Иарбоу азакәан апроект Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Актәи ааԥхьара адепутатцәа ртәанчахәытә еиқәыршәара азинтә шьаҭақәеи ашәатәқәа рынагӡара аԥҟарақәеи закәанԥҵаратәи ралкаара иазырхоуп.  

Иабоу азакәан апроект Азакәан апроект абҵарамза, 1996 шықәсанӡа  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат изинмчы назыгӡоз Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ирызшәахо есымзатәи аԥаратә шәатәқәа азԥхьагәанаҭоит. 

Аҟәа. Мшаԥымза 25,  2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада акурорттә аамҭа аҽазыҟаҵара иадҳәалаз азҵаарақәа ирызкны инарҭбааз аиԥылара мҩаԥигеит

Аизара иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, уи ихаҭыԥуаа, аԥыза - министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба,  аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аекономика аминистр Кристина Озган, атуризм аминистр Ҭемраз Хышба, агәабзиахьчара аминистр Едуард Быҭәба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, Аҳәынҭқарра ашәарҭадара амаҵзура Ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба, ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рхадацәа, еишьашәалоу аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа.

Аизара аартуа, Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аҭакԥхықәратә еилазаарақәа зегьы атуристтә аамҭа ишахәҭоу еиԥш разыҟаҵареи русеицуреи ртәы. «Ҳара ҳтәыла алшара ду амоуп, ари аусхк аекономика ахырхарҭа хадақәа ируакуп, асоциал-економикатә ҿиара алагала ду анаҭоит», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Акурорттә аамҭа аҽазыҟаҵара аус шымҩаԥысуа ала ажәахә хада ҟаиҵеит атуризм аминистр Ҭемраз Хышба.  Иара иазгәеиҭеит 2024 шықәса рзы аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара наӡарц ахьынӡалшо,  аԥсшьаҩцәа здызкыло ахыбра ҿыцқәа рхыԥхьаӡара, ашьҭаларҭатә ҭыԥқәа, аусурҭатә ҭыԥқәа. «Ҵыԥхтәи арбагақәа рыла, 1, 4 млн. ҩык аԥсшьаҩцәа ыҟазҭгьы, сынтәа 2024 шықәсазы атуристцәа раара аизҳара азгәаҭоуп. Атуроператорцәа иҟарҵо азгәаҭақәа рыла, Аԥсны иаҭаауа аԥсшьаҩцәа 15% инаркны 25% аҟынӡа еизҳауеит», - ҳәа иҳәеит Ҭемраз Хышба. Иара убас иазгәеиҭеит,  ажьырныҳәамза 1 инаркны аномертә фонд ишартәо 46 275 ашьҭаларҭатә-ҭыԥ, аԥсшьаҩцәа здызкыло аобиектқәа 1025 шыҟоу.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи атуристә фымцадәыӷба «Ласточка» Аҟәаҟа аԥышәатә реис нанагӡеит.

Ари афымцадәыӷба раԥхьаӡа акәны Аҟәаҟа иааит. Иҳаҩсыз ашықәс азы уи Шәачеи Гагреи ирыбжьан.  

Ареспубликатә Униатартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» адиректор Хада Арсоу Ҷыҭанаа адәыӷба аараҟны аихамҩа аусзуҩцәа ирыӡбараны иҟоу ауадаҩрақәа аарԥшын ҳәа иазгәеиҭеит. «Ари раԥхьатәи Аҟәанӡа аԥышәатә реис ауп. Иҟоуп азгәаҭарақәак, аха урҭ зегьы рырҽеира алшоит. Гагранӡа ҳабзиан ҳааит, уи анахыс Аҟәанӡа иахьабалак аанҿасырҭақәеи атоннельқәеи рыҟны ҳаангылон, зегьы ҳрыхәаԥшит, зегь анаҳҵеит», -ҳәа иҳәеит иара.

Иара иажәақәа рыла, ихадоу уадаҩрас иҟоу –афымцадәыӷба  «Ласточка» иаабац адәыӷбақәа иахьреиҳау ауп.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 3,5 млн. мааҭ азоужьхоит 2024 шықәсазы Аҟәа араион аҿы ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма анагӡара азы.  Апрограмма  шықәсырацәа изызҳауа абаҳчарақәа реиҭаҳара азԥхьагәанаҭоит.

Актәи аетап аҿы апрограмма алахәылацәа алкаахоит. Араион Ахадараҿы апретендентцәа рҟынтәи азыҳәамҭақәеи аусшәҟәқәеи здызкыло, анаҩс урҭ апрограмма ралагалара, мамзаргьы мап рыцәкра азы аӡбамҭақәа здызкыло акомиссиа аԥҵоуп.

Аҩбатәи аетап аҿы араион абиуџьет аҟынтәи аусмҩаԥгатәқәа рфинансыркра мҩаԥыслоит.

Апрограмма алахәхаразы апретендент, ахәҭакахьала Аҟәа араион, ақыҭараҿы инхо, акомиссиа ишьақәнаргылаз аҽҳәарақәа ирҭагӡаны азыҳәамҭа ҩны араион Ахадара ахь иалеиҵоит. Шықәсырацәа изызҳауа аҵиаақәа реиҭаҳара азы аусшәҟәқәа рашәарамза 31 аҟынӡа  иалаҵатәуп.

Апретендент иааркьаҿны апроект ахҳәааи уи ахарџьынҵеи шықәсырацәа изызҳауа аҵиаақәа ахьеиҭаҳахо адгьыл анализи ацны аусшәҟәқәа акомиссиа ахь инаигар ахәҭоуп.  

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Санкт-Петербурги Ленинградтәи аобласти рҿы ахьырхәра ақәыршәара азы Афедералтә Маҵзура Аусбарҭа аҟны иҟоу Ауаажәларратә Хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Иан Волков дидикылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аиԥылара рхы аладырхәит Санкт-Петербурги Ленинградтәи аобласти рҿы ахьырхәра ақәыршәара азы Афедералтә Маҵзура Аусбарҭа аҟны иҟоу Ауаажәларратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ - Андреи Кушнеревич, Аԥсны иҟоу агәыҳалалратә Фонд «Рука помощи» адиректор Виачеслав Филиппов, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргаанӡатәи аамҭалатәи аԥхьакырҭа аиҳабы Даҭо Жьиба.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 25  рзы Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, ААУ аурыси аҳәаанырцәтәи алитература аҭоурых акафедра арҵаҩы еиҳабы, Д. И. Гәлиа Илитература-мемориалтә музеи ҳаҭыр зқәу адиректор Татиана Дырмит-иԥҳа Гәлиа  (25.04.1919 – 21.02.1997 шш.) диижьҭеи шәи хәба шықәса ҵуеит.

Татиана Дырмит-иԥҳа Гәлиа – аԥсуа шәҟәыҩҩы, жәлар рпоет, аԥсуа ҩыратә литература ашьаҭаркҩы, раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны» аредактор Хада, ароман «Камаҷыҷ», аԥсуа сахьаркыратә литература аҿы раԥхьатәи ажәабжь «Атәым жәҩан аҵаҟа» равтор Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа иԥҳа. Татиана Гәлиа диит мшаԥымза 25, 1919 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы, далгеит аҿырԥшыгатә аԥсуа школ, анаҩс дҭалеит Қырҭтәи аҳәынҭқарратә Университет афилологиатә факультет, уи ашьҭахь лҵара иацылҵеит аспирантура аҿы.  Татиана Дырмит-иԥҳа Гәлиа лырҵаҩратә усура хацлыркит М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә Институт аҿы, аурыси аҳәаанырцәтәи алитература аҭоурых арҵаҩы еиҳабыс аус луан, ажәытә урыстә асоветтә литература аспециаолистс дыҟан.  1961 шықәсазы амедал «За доблестный труд» ланашьахеит, 1976 шықәсазы –  амедаль «Аџьа аветеран». 1980 шықәса инаркны лара аус луан Дырмит Гәлиа илитература-мемориалтә музеи адиректорс. Лара ааԥсарак ҟамҵа иналыгӡо аусура иабзоураны, амузеи харҭәаахеит Д.И.Гәлиа ихатәы маҭәақәа рыла, Татиана Дырмит-иԥҳа Гәлиа лаб изы лгәалашәарақәа ракәзар, урҭ амузеи аусура аҿы акыр зҵазкуа ароль нарыгӡеит, лара Дырмит Гәлиеи аҵарауаа дуқәеи, иналукааша ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи  акультуреи аҟазареи русзуҩцәеи  реимадара шьақәзырӷәӷәо аматериалқәа реизгаҩыс дыҟан.  Убас, Татиана Гәлиа  лылшамҭақәа рыла амузеи Аԥсны аинтерес зҵоу ҭыԥны иҟалеит, уи иаҭаауа иалагеит хыԥхьаӡара рацәала ҳтәыла ауааԥсыреи асасцәеи, ашколхәыҷқәеи  астудентцәеи, иара убас аԥсуа сахьаркыратә литература ауасхыр шьҭазҵаз  Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа иаҳаҭыр збар зҭаху зегьы.  

Лара лыԥсҭазаара зегьы алитература азааԥсара иазылкит: зеиҳараҩык анаҩс арҵаҩцәаны иҟалаз астудентцәа аҵара ахьыдлырҵоз аинститут аҿы, иара убас зыҭӡқәа Аԥсны ажәлар рзы акыр зҵазкуа агәалашәара хьчо иаазго амузеи аҿы.  Татиана Гәлиа лыстудентцәеи аус лыцзухьазгьы еицҿакны уи аамсҭашәара злаз, зхы инаркны зшьапаҟынӡа иинтеллигентыз, иқьиаз, агәцаракра аазырԥшуаз уаҩын ҳәа илыхцәажәоит. Лара аиумор злаз уаҩын, астудентцәа рызнеишьа лдыруан, дара урҭгьы лара ҳаҭыр ду лықәырҵон.  

Татиана Гәлиа лҵаҩцәа ракәын ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи аӡәырҩы – урҭ дреиуоуп  Мушьни Таи-иԥа Лашәриа, апоет, аиҭагаҩ, акритик, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа алахәыла. Татиана Дырмит-иԥҳа лыстудентцәа аӡәырҩы уи илҿыԥшны убасҵәҟьа  анаука амҩа алырхит, дара уажәы аурыси аҳәаанырцәтәи алитература аҭоурых акафедра аҿы аус руеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: ААУ аурыси аҳәаанырцәтәи алитература аҭоурых акафедра адоцент Бахиа Наҭелла Гьаргь-иԥҳа, арҵаҩы еиҳабы Каиун Наталиа Уасил-иԥҳа, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор, апрофессор  Папасқьыр Алеқсеи Луман-иԥа, арҵаҩы еиҳабы Кобахьиа Елена Владимир-иҳа, уҳәа убас егьырҭгьы. Иахьатәи амш азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет, афилологиатә факультет аҿы иаԥҵоуп Татиана Дырмит-иԥҳа Гәлиа лыхьӡ зху апремиа.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.