АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Ԥхынҷкәын.2024

Апарламент аҿы иҟалаз ахысраан адепутат Вахтанги Голанӡиа дҭахеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Апарламент аҿы ахысра ҟалеит.

Иҟалаз ахысра иахҟьаны ахәрақәа роуит адепутатцәа Кан Кәарҷиеи Вахтанги Голанӡиеи. Урҭ Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахь инаган.

Ԥыҭрак ашьҭахь, агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵаз адыррақәа рыла, адепутат Вахтанги Гәаланӡиа иоуз ахәрақәа ирхырҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәа иҟаиҵаз адыррақәа рыла,  адепутат Кан Кәарҷиа, ахәрақәа иманы Ареспубликатә хәышәтәырҭа аԥсеиқәырхарҭаҿы дышьҭоуп. Уи уажәы аҳақьымцәа ацхыраара ирҭоит.

Апарламент аҿы ахысраҿы игәҩароу Апарламент  адепутат Адгәыр Ҳаразиа ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтәи дцеит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы.

Азинхьчаҩцәа Аԥсны ахада и.н. Бадра Гәынба адырра ирҭеит Апарламент аҿы иҟалаз ахысра шыҟалаз атәы.

Бадра Гәынба ахысраан ахәрақәа зауз ахьнаргаз Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днеит.


Read 237 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.