Бадра Гәынба Апарламент аҿы иҟалаз ахысра аан ааха зауз ахьнагаз Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахь днеит.
Атәыла агәабзиарахьчара аминистри Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хадеи Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо адырра ирҭеит иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара дшалҵыз Апарламент адепутат Голанӡиа Вахтанги. Адепутат Кан Кәарҷиа ахәрақәа иоуит, аха иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылаӡам.
Иахәҭоу ахәшәтәратә усмҩаԥгатәқәа зегьы мҩаԥысуеит.
Атәыла апрокурор Хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа апрокуратура Хада иҟалаз ацәгьоура афакт ала имҩаԥнаго аусмҩаԥгатәқәа рзы адырра ҟаиҵеит.