
pressadmin-2
2025 шықәса I аԥшьбара азы Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәааҿы 110-ҩык инареиҳаны аҳәааеилагаҩцәа аанкылан.
Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәса I аԥшьбара азы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзуреи Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аҳәаахьчаратә Усбарҭақәа русзуҩцәа рыла Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәааҿы 110-ҩык инареиҳаны аҳәааеилагаҩцәа аанкылан. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.
Иаанкылаз атәылауаа административтә хьырхәра иақәыршәоуп.
Едуард Быҭәба ацхыраара лас аусзуҩцәа зегьы рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аԥсны амедицинатә цхыраара лас аусзуҩцәа зегьы рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Шәара аус рацәаны ижәуеит, иарбан аамҭазаалакгьы, уахи-ҽни шәазыхиоуп ҳуааԥсыра реиқәырхара. Шәара шәнапы иануп ауааԥсыра рыԥсҭазаара. Амедицинатә цхыраара лас аҿы аус зуа дарбанызаалакгьы, амҩақәҵаҩ, амашьынарныҟәцаҩ, афелшер, аҳақьым, аҟәша аиҳабы, уҳәа зегьы ахачҳареи, ауаҩы иахь ақьиареи арыцҳашьареи рылоуп, уаҳагьы ари аус узынагӡарым.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа афорум «Аҭынха ду — еицаҳзеиԥшу аԥеиԥш» иалахәуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟоу аделегациа, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра иазку Аидгыларатә ҳәынҭқарра Жәларбжьаратәи афорум «Аҭынха ду —еицаҳзеиԥшу аԥеиԥш» алахәхаразы Волгоградҟа инеит.
Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩцәа Фазлыбеи Аҩӡбеи Асҭамыр Аршбеи, Урыстәыла иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниеи.
Ашәарҭадаразы аинтерактивтә урок мҩаԥыргеит Очамчыратәи ашколхәыҷқәа рзы.
Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны амчратә усбарҭақәа Рассоциациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи аҵара Аминистрреи рыцхыраарала Очамчыра ақалақь аҿы ашәарҭадаразы аинтерактивтә урок мҩаԥнагеит.
Ашколхәыҷқәа лабҿаба ирбеит есыҽны дара ршәарҭадара зыхьчо ауаа аус шыруа атәы.
Ашәарҭадаразы аинтерактивтә урок мҩаԥыргеит Очамчыратәи ашколхәыҷқәа рзы.
Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны амчратә усбарҭақәа Рассоциациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи аҵара Аминистрреи рыцхыраарала Очамчыра ақалақь аҿы ашәарҭадаразы аинтерактивтә урок мҩаԥнагеит.
Ашколхәыҷқәа лабҿаба ирбеит есыҽны дара ршәарҭадара зыхьчо ауаа аус шыруа атәы.
Гагра ақалақь аҿы хҩык аботулизм рыдырбалеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь аҿы хҩык аботулизм рыдырбалеит.
Асанитар-епидемиологиатә Маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, ичмазаҩхаз ауаа ирфаз амшынаалыҵ рԥырхагахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Аботулизм ҳәа адиагноз ззықәыргылаз хҩык ауаа Шәачатәи иҷыдоу амедусбарҭақәа рахь идәықәҵахеит. Урҭ иахәҭаз амедицинатә цхыраара рыҭахеит, уажәазы дара илрҩаахьеит, рҭагылазаашьа шәарҭаӡам. Уаҳа аботулизм иадҳәалоу ахҭысқәа аарԥшӡам.
Рашид Темрезов Аԥсны ҳамҭас иаиҭеит ирласу амедицинатә цхыраара амашьына.
Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ҟарачы-Черқесстәи Ареспублика Ахада Рашид Темрезов Ареспублика Аԥсны ҳамҭас иаиҭеит ирласу амедицинатә цхыраара амашьына.
Аԥсны анапхгара аӡбамҭа ала агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ари амашьына Гәдоуҭа араион ақыҭақәа руааԥсыра рымаҵ аура азы иазоуижьит.
Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак амазаара азҵаарақәа рҭышәныртәаларазы Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәаразы ашәҟәқәа реимдареи ашьақәырӷәӷәаратә шәҟәқәа реимдареи рзы Аԥкаанҵа анапаҵаҩреи.
Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак амазаара азҵаарақәа рҭышәныртәаларазы Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәаразы ашәҟәқәа реимдареи ашьақәырӷәӷәаратә шәҟәқәа реимдареи рзы Аԥкаанҵа анапаҵаҩра мҩаԥысит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа ианаамҭоу адырра рынаҭоит – Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра роуразы иазгәаҭахо аԥҟарақәеи аҭагылазаашьақәеи рзы.
Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә усеицура аҟәша аиҳабы Џьемал Бганба аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа адырра рнаҭоит, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵаз, ҩ-тәылауаҩрак аиура азҵаарақәа рыӡбаразы аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра иахьа инаркны амчра шаиуа. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа азхьанарԥшуеит аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа инарықәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Урыстәыла атәылауаҩра аиура ирмариоу апроцедурала иахысырц азы Урыстәыла Ахада Иусԥҟа шьаҭаны ишыҟоу.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра АА ААР Иҷыдоу аотриад аусзуҩцәа дрыдныҳәалеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада АА ААР Иҷыдоу аотриад быжь-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә далахәын.
«Аҩызцәа аофицерцәа!
Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Ирласны анырра аҟаҵаразы Иҷыдоу аотриад быжьшықәса ахыҵра. Шәара шәыпрофессионалра ала ацәгьоура аҿагылара иазку иарбанзаалак ауснагӡатә анагӡара шәшазхиоу шьақәшәырӷәӷәеит. ААР Иҷыдоу аотриад аҟны аррамаҵура иахысуеит иарбан ҭагылазаашьак еффективла, хамеигӡарада ииашаны ақәҿыҭра зылшо. Агәра згоит ари архәҭа аринахысгьы аҩаӡара шыҳаракхо анапынҵақәа рынагӡараҟны», – иҳәеит Гәынба Бадра.