pressadmin-2
АҞӘАТӘИ АИНФЕКЦИАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҲАҚЬЫМ ХАДА АСҬАМЫР ГӘЫНИА УРЫСТӘЫЛАЗЕГЬТӘИ АДИСКУССИАТӘ КЛУБ «COVID-19 UPDATE» АУСУРА ИХЫ АЛАИРХӘИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 22 – 23 рзы имҩаԥысуеит анаука-практикатә конференциа. Онлаин-дискуссиа амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи аекспертцәа акоронавирусттә ҿкы чымазара апандемиа аҿагылараан ироуз аԥышәа иалацәажәоит.
Аспикерцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – Беларусиа, Азербаиџьан, Узбекьысҭани Аԥсни рҟынтәи аҳақьымцәа. Аԥснынтәи аконференциа ихы алаирхәуеит Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәыниа.
Асҭамыр Гәыниа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Аԥсны апандемиа аныҟаз аамҭа зегьы иалагӡаны, иаарԥшын 60 нызықь ҩык инарзынаԥшуа ачымазара злаҽыз ауаа, 9714 – ҩык ахәышәтәырҭақәа рҿы рҽархәышәтәуан, 695 –ҩык рыԥсҭазаара иалҵит. Раԥхьаӡа акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз аарԥшын мшаԥымза, 2020 шықәса рзы.
«Хәажәкырамза, 2020 шықәса рзы еиҿкаан аминистрцәа Реилазаара аҟны иҟоу аоперативтә Штаб, иара убас агәабзиарахьчара аҟны иҟаз, уахы-ҽни инеиԥынкыланы аус зуаз аканалрацәатәи аколл-центр. Араионтә хәышәтәырҭақәа руак аҿы еиҿкаан 250 шьҭаларҭа рыла еиқәыршәаз аковидтә хәышәтәырҭа Хада. Аиҳарак ақәыӷәӷәара ахахьы иагеит амбулатортә хәҭа. Уи ааԥын, 2022 шықәсанӡа адистанциатә режим ала аԥсшьарамшқәа рыда аус ауан», - ҳәа иҳәеит Асҭамыр Гәыниа.
Ачымазара алаҽра аизҳарала, ҭагалан, 2020 шықәса рзы акадртә дефицит аҟазаара еиҳа-еиҳа иубаратәы иҟало иалагеит, аиҳарак ареаниматологцәа рганахьала. Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра ацхыраарала Урыстәылатәи Афедерациа еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи Аԥсныҟа рҽеиҭныԥсахло иаауа иалагеит ареаниматологцәа ргәыԥқәа. Иара убри аамҭазы иара убас апандемиа аамҭахәҭа иалагӡаны Аԥсныҟа ҩынтә идәықәҵахеит Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчра Аминистрра иатәу амобилтә арратә Хәышәтәырҭа. Уи Аҟәа ақалақь, асасааирҭа «Аиҭар» иахьаҵанакуа ишьақәыргылан.
Ҭагалан, 2020 шықәса инаркны аҳҭнықалақь аинфекциатә хәышәтәырҭа аковидттә хәышәтәырҭаны иҟаҵан, араионтә хәышәтәырҭақәа рҿы аковидттә ҟәшақәа аартын.
«Апандемиа аан ахәышәтәра астандартқәа инеиԥынкыланы аиҭакрақәа ахьалагалоз инамаданы, агәабзиарахьчара Аминистрра аштабтә режим аусура иабзоураны ахәышәтәра асхема ҿыцқәа оперативла ралагалара алыршахон. Ҿырԥштәыс иааугар алшоит Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара Аиҿкаара уи азы абжьгарақәа шыҟанамҵозгьы, астационар аҿы здоза ҳараку агормоналтә маҭәашьарқәа рыдкылара амҩаԥгара. Иара убас «цитокиновыи шторм» ҳәа изышьҭоу хра злам аимуннатә реакциақәа рыԥхьырҟәҟәаара иазкыз атерапиа амҩаԥгара, мамзаргьы уахыки-ҽнаки рышьҭахь аклиникатә еффект аҟамзаараан абиомаҭәашьарқәа даҽазныкгьы рхархәара», - ҳәа иҳәеит Асҭамыр Гәыниа. Уи инацҵаны ишазгәеиҭаз ала, уажәы уи акоронавирустә ҿкы чымазара иуадаҩны амҩаԥысра аан рхы иадырхәо ахәашәтәратә станртны ишьақәыргылахахьеит. «Аха усҟантәи аамҭазы ас еиԥш астандартқәа ыҟаӡамызт, ус иуаҳәар ауазар, ҳара иҳадаҳкылоз аӡбарақәа акыр ашәарҭара шаҵазгьы агәаӷьра ааҳарԥшуан. Уи аиашазы аҵыхәтәаны хра злоу алҵшәагьы аанарԥшит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Асҭамыр Гәыниа.
ЦӘЫББРАМЗА 1 АЛАМҬАЛАЗЫ АԤСНЫНТӘИ УРЫСТӘЫЛАҞА ЕКСПОРТ ҲАСАБЛА ИДӘЫҚӘҴАХЕИТ 2 960 ТОНН АМАНДАРИН.
Аҟәа. Абҵарамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ацитрустә шәырқәа рекспорт Аԥсны иалагеит ҳазҭоу ашықәс цәыббрамза 1 азы. Иарбоу аамҭа иалагӡаны, аҳәынҭқарратә аҳазылхратә Еилакы адыррақәа рыла, Аԥсны анҭыҵҟа зынӡа ииагахеит 2 960 тоннеи 508 кьыла амандарин.
Иара убас, експорт ҳасабла идәықәҵахеит: афеихоа - 702 тоннеи 869 кьылеи, алимон - 107 тоннеи 676 кьылеи, ахәырма - 70 тоннеи, 512 кьылеи, араса - 1 587 кьыла.
АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТР ЕДУАРД БЫҬӘБА ГӘЫЛРЫԤШЬТӘИ АРАИОНТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬЕИ АРРАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА ХАДЕИ ДЫРҬААНЫ РУСУРА ГӘЕИҬЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гәылрыԥшь араионтә хәышәтәырҭеи Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иатәу арратә хәышәтәырҭа Хадеи дырҭааны русушьа гәеиҭеит. Иарбоу амедицинатә усбарҭақәа русура атәы аминистр изеиҭарҳәеит аҳақьым хадақәа Гәырам Шьоууеи Алиас Џьынџьали.
Агәабзиара Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Едуард Быҭәба ахирургиатә ҟәша, анестезиологиа, ареаниматологиа аҟәшақәеи, арентгенограмма акабинет русушьа гәеиҭеит, иара убас иҷыдоу аҟәшаҟны абаандаҩцәа амедицинатә цхыраара рыҭара азы иҟоу аусуратә ҭагылазаашьақәа дрыхәаԥшит.
Алиас Џьынџьал ишеиҭеиҳәаз ала, рхатәы лшарақәа рыла, иара убас абзиаҟаҵаҩцәа рыцхыраарала аоперациатә блок шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара алыршахеит, аԥенџьырқәа, ашәқәа, афымцамҩангагақәа ԥсаххеит, аҭӡамцқәеи аҭуани дырҽеит.
Арратә хәышәтәырҭа ацхыраара ду анаҭеит ареспублика агәабзиарахьчара Аминистрра. Амедицинатә усбарҭа иаҭан аоперациақәа рымҩаԥгаразы аиқәыршәагақәа рацәаны, иара убас арентгентә аппарати автоклави.
АПРОГРАММА «АҞӘА АРАИОН АҚЫҬАНХАМҨА АҾИАРА» АЛА 2022 –ТӘИ АШЫҚӘС АЗЫ 12 ПРОЕКТ АЛКААХЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 2022 шықәсазы, иҳаҩсыз ашықәс азы еиԥш, Аҟәа араион Ахадара ақыҭанхамҩа аҿиара азы ахықәкытә программа нанагӡоит.
Аԥсныпресс акорреспондент араион Ахадара аҿы иоуз адыррақәа рыла, акомиссиа иалнакааит 12 проект. Урҭ рынагӡра азы иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵадыҵ 3 млн. 452 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 11 проект шықәсырацәа изызҳауа аҵиаақәа (аԥҳәаса, афеихоа, амандарин, ажь) , уҳәа реиҭаҳара иазкхоит, проектк – акартош аиҭаҳара азы.
Абаҳчақәа ҟалоит Аҩадатәи Ешыра, Ешыра, Иашҭхәа, Ӡыгәҭа ақыҭақәа рҿы. Урҭ ирзоужьхоит 9,7 гектар инареиҳаны адгьыл. Шықәсыктәи акультура-акартош «Королева Анна» ашьха иаԥну ақыҭа Ԥсҳәы аиҭаҳара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.
АԤСНЫ АСАХЬАҬЫХЫҨЦӘА РЕИДГЫЛА АЦӘЫРГАҚӘҴАТӘ ЗАЛ ХАДА АҾЫ НЫГӘЗАР ЛОГӘУА ХАҬАЛАТӘИ ИЦӘЫРГАҚӘҴА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 22 рзы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы имҩаԥысит еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхыҩ, аҿыханҵаҩ, арҵаҩы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҟазара афакультет адекан Ныгәзар Логәуа хаҭалатәи ицәыргақәҵа.
АԤСНЫ АГУМАНИТАРТӘ ҬҴААРАҚӘА РИНСТИТУТ АҾЫ АԤСУА НАУКАТӘ ЕИЛАЗААРА 100-ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИАЗКНЫ АНАУКАТӘ КОНФЕРЕНЦИА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Д. И. Гәылиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аконференц-зал аҿы имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи анаукатә конференциа «Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут – Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иахыҵхырҭоуп» Аԥсны анаукатә еилазаара 100-шықәса ахыҵра иазкуп.
Аконференциа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә Университети алархәны имҩаԥысуеит.
Аԥсны агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут адиректор Арда Ашәба аконференциа аҿы адныҳәаларатә ажәахә ҟаҵо дықәгылеит. Уи аконференциа иалаху зегьы Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут 100-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьаишьеит хра злоу аусуреи агәабзиареи.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аппарат аиҳабы Вадим Бжьаниа Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба ихьӡала адныҳәаларатә аацҳамҭа даԥхьеит.
ААУ аректор Алеко Гәарамиеи апрофессор-рҵаҩратә еилазаара зегьи рыхьӡала рколлегацәа-аҵарауаа дрыдныҳәалеит ААУ анаукатә усура азы апроректор Џьулиетта Адлеиба.
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АФЫМЦАМЧИ АИНВЕСТИЦИАТӘ УСУРЕИ ИРЫЗКУ ИАКТУАЛТӘУ АЗҴААРАҚӘА ИНАРЫМАДАНЫ АУСУРАТӘ ЕИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟа афымцамчи аинвестициатә усуреи ирызку иактуалтәу азҵаарақәа инарымаданы аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган адырра ҟалҵеит Аҳәынҭқарра Ахада идҵала иҳаҩсыз амчыбжьазы Урыстәылатәи Афедерациа Афымцамч аминистрраҟны имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа рылҵшәазы. Уи далацәажәеит "Аҽгәара" ацәаҳәаҟны аужьра-еиқәыршәаратә усурақәа рымҩаԥгаразы афымцамч аагареи, иара убас Егры Афымцатә станциаҟны аӡы аҩаӡара алаҟәреи ртәы.
Кристина Озган иҟалҵаз адыррақәа рыла, заанаҵтәи аиқәшаҳаҭра алыршоуп, иахьа иахымгакәа аамҭеихшареи аҿҳәарақәеи ртәы еибырҳәараны иҟоуп, анаҩс аспециалистцәа "Аҽгәара" аусурақәа рымҩаԥгаразы ицоит. Аминистр лажәақәа рыла, аусурақәа рымҩаԥгара аҿҳәара аинформациа ҟалоит аусурақәа рымҽхак ашьақәыргылара анаҩс.
Аҳәынҭқарра Ахада адҵа ҟаиҵеит есҽны имҩаҧысуа аусурақәеи алҵшәақәеи ирызкны адырра ирҭаларц.
Аслан Бжьаниа, ахатәтәра азин ала аԥсуа ган апринципреи хьаҳәа-ԥаҳәада агәаанагареи амазароуп: ашьҭԥраара-ртәаратә цәаҳәеи аҳаирбаӷәазатә инфраструктуреи хымԥада Аԥсны Аҳәынҭқарра иатәны инхароуп ҳәа инаҵшьны иҳәеит.
ИНАЛ АРӠЫНБА: «ҲШӘЫҲӘОИТ ҲДЕПУТАТЦӘЕИ ҲУААԤСЫРЕИ ҲАҬЫРҚӘҴАРЫЛА ШӘРЫЗНЕИРЦ».
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ахәаша, абҵара 18 рзы диԥылеит ҳтәылаҿ иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Аганқәа алацәажәеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызҵаатәқәа.
Ҩ-тәылауаҩрак раиура азҵаарақәа рзы Аиқәшаҳаҭра аратификациаз нап аркуп, амч аиуеит аратификациатә шәҟәқәа анеимырда амш инаркны.
Атәылақәа рыбжьара ахәҳаахәҭра-аекономикатәи, агуманитартәи, аполитикатәи еимадарақәа рзы иахәаԥшын "Аԥсны-Урыстәыла-Белоруссиа" х-ганктәи аформат ала аиҿкааратә механизм аԥҵара азҵаара. Ари азҵаараз аусурақәа ирыцҵоуп.
ЛАША АШӘБА: «АԤСУА ҬҴААРАДЫРРАТӘ ЕИЛАЗААРА – АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АХЫҴХЫРҬА».
Аҟәа. Абҵарамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Лаша Ашәба Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аиҿкааҩцәеи алахәцәеи дрыдныҳәалеит.
Иахьа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аусура хацнаркит Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара аԥҵоижьҭеи 100 аҵра иазку Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа «Аԥсуа ҭҵаарадырратә Еилазаара – Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахыҵхырҭа».
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иҟаиҵаз адҵала Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡада аконференциа аиҿкааҩцәеи алахәцәеи рзы иҟаҵаз адныҳәалара атекст даԥхьеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа асистема иаҵанакуа Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт иналукааша ҭҵаарадырратә усбарҭоуп. Аинститут аҭоурыхтә мҩа хацыркын 1922 шықәсазы Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара иатәыз Аҟәатәи ақыҭанхамҩатә еилазаара ашьаҭала. Раԥхьа ари аилазаара Аԥсны аарыхратә мчқәа, уи афлора, ақыҭанхамҩа азҵаарақәа, атәыла археологиеи аетнографиеи рызҵаарақәа рыҭҵаара иазкын.
УРЫСТӘЫЛАТӘИ АИДГЬЫЛУАА АСОЦИАЛТӘИИ АЗИНТӘИИ АЦХЫРААРА РЫҬАРА АЗЫ АССОЦИАЦИА АГӘЫҲАЛАЛРАТӘ ФОНД «ПОДДЕРЖКА» ИАНАҬЕИТ 100 ЦЫРАК ИНАРЗЫНАԤШУА АКОРРЕКЦИАТӘ УСУРА АЗЫ АШӘҞӘҚӘА.
Аҟәа. Абҵарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи аидгьылуаа асоциалтәии азинтәии ацхыраара рыҭара азы Ассоциациа згәабзиаара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа ацхыраара рызҭо агәыҳалалратә фонд «Поддержка» ианаҭеит 100 цырак инарзынаԥшуа, акоррекциатә усура иазку ашәҟәқәа.
«Ҳамҭас ирыҭаз алитература иахьатәи амш азы апрофиссионалтә практика аҿы акыр актуалра злоу, Аԥсны инхо, згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара иазку аусура аҿы ахархәара змоу материалны иҟоуп. Иҷыдоу ахәыҷқәа аус рыдызуло аспециалистцәа ацхыраара рыҭара аҿы ихадоу акакәны иҟоуп иарбоу аиҿкаарақәа реиԥш иҟоу аҵара-методикатә литература ала реиқәыршәара. Даараӡа иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иҳашәҭаз ацхыраара азы», - ҳәа илҳәеит афонд «Поддержка» адиректор Анетта Бганба-Павелкова.








