
pressadmin-2
«ЗЛАХЬЫНҴА ИАМЫХЬЧАЗ»: АИБАШЬРААН ХАБАРДА ИБЖЬАӠЫЗ ИРЫЗКУ АГӘАЛАШӘАРАҚӘА ЗНУ АШӘҞӘЫ ҬЫҴИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиеи «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» ҳәа хыс измоу иҭахаз афырхацәа ранацәа Рхеилаки «Злахьынҵа иамыхьчаз», - ҳәа ахьӡ аманы ашәҟәы ҭрыжьит.
Ари 1992 – 1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан хабарда ибжьаӡыз ирызку ажәабжьқәа реизга мацара акәӡам. Ари аизга аҟны икьыԥхьуп 151-ҩык рҟынӡа аибашьраан хабарда ибжьаӡыз рыуацәеи рҭынхацәеи ргәалашәарақәа.
«Ари хабарда ибжьаӡыз рыԥсҭазаара хәызмаӡам ахцәажәароуп, азхьаԥшроуп. Урҭ рыуацәа рыла еиҭаҳәоу рҭоурых ҳахдырраҿы еиԥш ҳагәқәа рыҿгьы рыԥсы ҭоушәа иаацәырнагоит», – ҳәа аҭыжьымҭа аԥхьажәа аҿы иҩит Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа ахада Натан Реис.
«Аԥсуа-қырҭуа еибашьра аналага амш инаркны абар шьҭа ҩажәижәаба шықәса ҵырц акагьы агым. Ари аамҭа иалагӡаны, Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиеи «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» иҭахаз афырхацәа ранацәа Рхеилаки рылшарала иҭыжьын ашәҟәы «Агәыӷра ԥсра ақәым», уи аҭаацәарақәа жәпакы рзы агәалашәара иасимволны иҟалеит. Ари ашәҟәы раԥхьатәи ԥышәаны иҟалеит, анаҩс 2010 шықәсазы Аԥсны иалагеит хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иазкны мҽхакы ҭбаала аусура. Ари аусура агуманитартә знеишьа аҳәаақәа ирҭагӡаны Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет ииашоу, анеитралтә бжьацәажәареи аконфликт иалаз аганқәа реиқәшаҳаҭреи иалҵшәахеит. Ҳара уи ахәшьара ҳаракы аҳҭоит. Уажәы аԥхьаҩцәа ирыдаагалоит хабарда ибжьаӡыз ирызку даҽа шәҟәык. Актәи ашәҟәы ирацәаны ашаҳаҭтә фактқәа алагалазҭгьы, ари ашәҟәы хабарда ибжьаӡыз зеиԥшраз, ҟазшьас ирымаз, гәаҳәарақәас ирымаз, раԥхьаҟа занааҭс иалырхраны иҟаз: исахьаҭыхыҩцәаны, ипоетцәаны, инапҟазацәаны, имузыкантцәаны, уҳәа аныԥшуеит. Дара изаамҭанымкәа зыԥсҭазаара ҿахҵәаз уаауп. Дарбанызаалак ауаҩы иԥсҭазаара аҭоурых атәыла аԥеиԥш ианыԥшуеит», - ҳәа иазгәаҭоуп «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» ҳәа хыс измоу иҭахаз афырхацәа ранацәа Рхеилак ахантәаҩы Гәыли Кьычба илыҩыз ашәҟәы аԥхьажәа аҿы.
ЕДУАРД БЫҬӘБА МАКСИМ ЕПИФАНОВСКИ «COVID-19 АҾАГЫЛАРАЗЫ» АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМЕДАЛ ИАНЕИШЬЕИТ.
Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Максим Епифановски «COVID-19 аҿагыларазы» агәабзиарахьчара Аминистрра амедал ианеишьеит. Максим Епифановски акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа аан Аԥсны Аминистрра агәабзиарахьчара Аминистрра амедицинатә ҵыҵәри аагара, аҵыҵәритә станциақәеи арезервуарқәеи ареспублика ахәышәтәырҭақәа рҿы рышьақәыргылар аҿы ацхыраара ҟаиҵон.
ҬЕИМУРАЗ ХЫШБЕИ ЕЛЕНА ЛЫСЕНКОВЕИ АԤСНЫ АТУРИЗМ АҾИАРА АПЕРСПЕКТИВАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Урыстәыла атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Елена Лысенкова дылԥылеит.
Ҭеимураз Хышбеи Елена Лысенковеи Аԥсны атуризм аҿиара аперспективақәа ирылацәажәеит.
АПАРТИА "АИҬАИРА" АМИРАН АДЛЕИБА ИИУБИЛЕИ ИНАМАДАНЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАНАҴЕИТ.
Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Аиҭаира» еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы, аскульптор, ҳаҳҭнықалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы игылоу Аиааира амонумент автор, Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа адиректор Амиран Адлеиба 70 - шықәса ихыҵра инамаданы идныҳәалеит.
АМИРАН АДЛЕИБА АԤСНЫ ЖӘЛАР РСАХЬАҬЫХҨЫ ҲӘА АҲАҬЫРТӘ ХЬӠЫ ИАНАШЬОУП.
Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Амиран Адлеиба "Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
АԤСНЫ АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА АУААЖӘЛАРРАТӘ ЕИҚӘШАҲАҬРЕИ АҬЫШӘЫНТӘАЛАРЕИ РЫШЬАҚӘГЫЛАРАҾЫ АЦХЫРААРА АҬАРА ИАЗХИОУП.
Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Гәыԥҩык ауаажәларратә усзуҩцәа ауаажәларратә еилазаареи атәыла анапхгареи рыбжьара адиалог абжьаҵара аҿы ацхыраара аҭаразы иҟарҵаз ааԥхьара инамаданы, Аԥсны Ауаажәларратә Палата ахатәы плошьадка аҿы ауаажәларра агәҭынчымра рызцәырызго азҵаарақәа зегьы рылацәажәарала аиқәшаҳаҭреи аҭышәынтәалареи рышьақәгылараҿы ацхыраара аҭара иазхиоуп ҳәа аҳәамҭа аланарҵәеит.
МИХАИЛ ШУРГАЛИН АԤСНЫ АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТР ДИԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 10 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи ахылаԥшырҭа анапхгараҭареи дырԥылеит.
АԤСНЫ АКУЛЬТУРА АМИНИСТР ДАУР АҚАҨБЕИ ПРИДНЕСТРОВТӘИ МОЛДАВТӘИ АРЕСПУБЛИКА АКУЛЬТУРЕИ АҬОУРЫХТӘ ҬЫНХЕИ РЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ МАҴЗУРА АНАПХГАҨЫ МАРИА КЫРМЫЗИ ZOOM-КОНФЕРЕНЦИА АФОРМАТ АЛА АИԤЫЛАРА МҨАԤЫРГЕИТ. АБХ.
Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Zoom-конференциа аформат ала имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика акультуреи аҭоурыхтә ҭынхеи рзы аҳәынҭқарратә Маҵзура анапхгаҩы Мариа Кырмызи реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура апресс-маҵзура.
Ҳазҭоу аамҭазы арҿиаратә коллективқәа, мамзаргьы аделегациақәа ареспубликақәа рахь рцара иадҳәаланы иҟоу ауадаҩрақәа ҳасаб азуны, аганқәа аусеицура азы егьырҭ аформақәа рхархәара алыршара иалацәажәеит.
Убас, онлаин аформат ала Аԥсны ахаҭарнакцәеи Приднестровие ахаҭарнакцәеи аконференциақәа, асеминарқәа, уҳәа акультура аусхкы иадҳәаланы ареспубликақәа рҿы еиҿкаахо егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа рылахәхара. иалацәажәеит.
АԤСНЫ АНАУКАҚӘА РАКАДЕМИА АҬҴААРАДЫРРАТӘ ИНСТИТУТҚӘА ХԤА РНАПХГАҨЦӘА РАЛХРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 10, ахашаҽны, имҩаԥысит Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аилатәара, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны анаукақәа Ракадемиа апресс-маҵзура. Аизара иалахәыз Аԥсны анаукақәа Ракадемиа иаҵанакуа аҭҵаарадырратә Институтқәа рдиректорцәа ралхра азы еицҿакны рыбжьы рҭиит:
Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт адиректорс далхуп афилологиатә наукақәа ркандидат Арда Енвер-иԥа Ашәба;
Аекологиа Аинститут аиҳабыс далхуп - абиологиатә наукақәа ркандидат - Роман Саид-иԥа Дбар;
Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут адиректорс далхуп – аекономикатә наукақәа рдоктор, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа академик Заур Иван-иԥа Шьалашьаа.
Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа Аԥҟаԥҵәеи иашьашәалоу аԥҟарақәеи инарықәыршәаны, Аинститутқәа ралхра иадҳәалоу апроцедура Анаукақәа Ракадемиа аилатәараҿы имҩаԥысуеит.
АЖЬЫРНЫҲӘАМЗА 2021 ШЫҚӘСА ИНАРКНЫ ԤХЫНГӘЫМЗА 1, 2022 ШЫҚӘСАНӠА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИААРԤШЫН 1987 ЦЫРА РҞЫНӠА АКРИПТОВАЛИУТА АРҲАРА ИАЗКУ АИҚӘЫРШӘАГАҚӘА.
Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада ҳазҭоу ашықәс актәи азбжазы асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аихшьалақәа рыҟаҵара иазкны аилацәажәара мҩаԥигеит. Аҳҭнықалақь аенергетикатә усхкы аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа далацәажәеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба. Аҳҭнықалақь ауааԥсыра фымцалашарала реиқәыршәара иазкуп аҳҭнықалақь амуниципалтә унитартә Наплакы Аҟәатәи Афымцалашаратә Станциа (СУЭС). Анаплакы аштат аҿы иҟоуп – 110 -ҩык, аҭира аҟәша аҿы аус руеит – 52 - ҩык.
Аҟәа ақалақь аҿы иҟоуп афымцамч амч ақәыӷәӷәара лазырҟәуа астанциақәа хәба (Синоп, Аҟәа- 1, Аҟәа- 2, Баслаҭ, Аекперименталтә паталогиеи атерапиеи рзы аҭҵаарадырратә Институт иатәу астанциа), аихшаратә станциақәа жәба, иара убас 325 атрансформатортә станциақәа.
Хыхь иарбоу алагаларатә станциақәа хәба рҟынтәи ԥшьба рҿы (Синоптәи астанциа уахь иналамҵакәа), иамоу ақәыӷәӷәара ахьымацху инамаданы, атехникатә ҭагылазаашьақәа раиура алыршаӡам.
Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿы, 2021 шықәсазы иаԥҵан изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара азы аоперативтә Штаб.
Ари аштаб аусура иалагӡаны, 2021 шықәса ажьырныҳәамза инаркны 2022 шықәса ԥхынгәымза 1 аҟынӡа имҩаԥгоу аусмҩаԥгатәқәа раан иаарԥшуп акриптовалиута арҳара иазку 1987 маруга. Х-фазак змоу ацәаҳәа иаҿыхуп 56 ҭыӡҭыԥ.