АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Жьҭаара.2022

АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АСАИТ АҾЫ АМҨАТӘ МАШӘЫРҚӘА РЗЫ АСТАТИСТИКАТӘ РБАГАҚӘА ДЫРҾЫЦИТ.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит аҿы икьыԥхьхеит 1990 шықәса инаркны 2022 шықәса жәымз ирылагӡаны иҟалаз амҩатә машәырқәа рыстатистика адиаграмма. Аинформациа ыҟаӡам мацара 1992 – 1993 шш. рзы. Убас, 1990 шықәса рзы  428 амҩатә машәыр хҭыс ҟалеит, урҭ рҿы иҭахеит  156-ҩык, 451-ҩык  еиуеиԥшым ахәрақәа роуит.  

Аибашьрашьҭахьтәи Аԥсны зегьы реиҳа амҩатә машәыр ҟалеит 2015 шықәсазы – 220 хҭыс.

Иара убри ашықәсан 327- ҩык еиуеиԥшым ахәрақәа роуит.

Аиҳарак авариақәа рҿы иҭахеит 2016 шықәса рзы – 80-ҩык.

2020-шықәсазы иҟалеит 198 амҩатә машәыр, иҭахеит  57-ҩык, еиуеиԥшым ахәрақәа роуит   282-ҩык.

2021шықәсазы иҟалеит 182 амҩатә машәыр, иҭахеит  42-ҩык,  еиуеиԥшым ахәрақәа роуит   246-ҩык.

2022 шықәса 9 мыз ирылагӡаны иҟалеит 157 амҩатә машәыр, иҭахеит 46-ҩык, еиуеиԥшым ахәрақәа роуит  223 - ҩык.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ареспублика аҿы автотранспорт ахыԥхьаӡара акыр иазҳаит. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵо адыррақәа рыла, 1994 шықәсазы Аԥсны ашәҟәы иҭагалазҭгьы 1232 автомашьына, 2010 шықәсазы – 23 794,  2022 шықәсазы урҭ рхыԥхьаӡара 68223 аҟынӡа иазҳаит..

34 821 автотранспорт ашәҟәы ианҭагалаз  2015 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 2022 шықәсазы урҭ рхыԥхьаӡара ҩынтә рҟынӡа иазҳаит.

 


Read 378 times - Аҩаша, 11 Жьҭаара 2022 22:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.