Аминистр Аҳәынҭқарра Ахада агәаларшәагатә медаль ианеишьеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аимнистрра аиубилеи инамаданы имҩаԥысыз аныҳәа аилатәараҿы.
Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ианашьоуп «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра 30 шықәса ахыҵра» иазку амедаль.
Аԥсны атәылахьчара аминистрра аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра инамаданы, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа Аслан Бжьаниа ианеишьеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра 30 шықәса ахыҵра» иазку амедаль.
Аминистр Аҳәынҭқарра Ахада агәаларшәагатә медаль ианеишьеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аимнистрра аиубилеи инамаданы имҩаԥысыз аныҳәа аилатәараҿы.