АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Жьҭаара.2022

АСЛАН БЖЬАНИА ЖЬҬААРАМЗАЗЫ ИҞАЗ АҚӘЫРШЫҨҚӘА ИРХЫРҞЬАНЫ ОЧАМЧЫРА АРАИОН ИАИУЗ АԤХАСҬА ИНАМАДАНЫ, АРАИОН АҚЫҬАҚӘА ДЫРҬААИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада  жьҭаарамзазы иҟаз ақәыршыҩқәа ирхырҟьаны Очамчыра араион иаиуз аԥхасҭа инамаданы, араион ақыҭақәа дырҭааит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа жьҭаарамзазы иҟаз ақәыршыҩқәа ирхырҟьаны Очамчыра араион иаиуз аԥхасҭа инамаданы, араион ақыҭақәа дырҭааит.

Аҳәынҭқарра Ахада ақыҭақәа Аӡҩыбжьа, Кындыӷ, Маркәыла, Очамчыра ақ. Дырҭааны ибеит. Уи ицын аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, Очамчыра араион  Администрациа ахада Беслан Бигәаа, ШЬАУ аиҳабы Ҭемыр Агрба.

Арҭ аиланхарҭа ҭыԥқәа рыҟны аҩнқәа аӡы рыҵалеит, амҩақәа аӡәӡәеит. Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ахатәы ҩнқәа акыр аԥхасҭа роуит.

Аӡҩыбжьа ақыҭа Администрациа ахада Дмитри Абыхәба Ахада аӡхыҵра иҟалаз азы адырра ииҭеит. Уи иажәақәа рыла, Аӡҩыбжьа аԥхасҭа роуит 8-ҩнык. Ахада аҩнқәа руак дахәаԥшны ибеит, аԥшәмацәа драцәажәеит.

Аслан Бжьаниа иҳәеит аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы ацхыраара шыҟаиҵо атәы.

Аусуратә ныҟәара аихшьалақәа рыла Ахада Очамчыра араион Администрациаҟны аилацәажәара мҩаԥигеит.

 


Read 344 times - Аҩаша, 11 Жьҭаара 2022 22:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.