АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Жьҭаара.2022

АԤЫЗА-МИНИСТР АԤСНЫ ИҞОУ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АЏЬАР ҞАԤШЬ АКОМИТЕТ АМИССИА АХАДА ҾЫЦ ДИДИКЫЛЕИТ. АБХ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иахьа дидикылеит змаҵуратә уалԥшьа анагӡара хзыркәшаз Натан Реиес имыцхәрас иҟарҵаз Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа ахада ҿыц  Родриго де Резенде.

Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Амиссиа ԥыхьатәи ахада   аԥыза-министр иҭабуп ҳәа еиҳәеит «атәыла анапхгара Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Амиссиа есымша ианаҭоз ацхыраареи адгылареи рзы», ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.  

Натан Реиес аԥыза-министр хаҭала иаԥшьгарала аԥсуа-қырҭуатә еибашьра аан хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара азы аусура аиҭахацыркра арццакит ҳәа ҷыдала иазгәеиҭеит. Уажәы иарбоу ахырхарҭала Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Амиссиеи иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи егьырҭ аԥснытәи аструктурақәеи активла аусеицура рыбжьоуп. Иара убри аамҭазы, амиссиа ԥыхьатәи ахада иажәақәа рыла, Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Амиссиеи Аԥсны анапхгаратә усбарҭақәеи рыбжьара егьырҭ азҵаарақәагьы рганахьала аусеицура абжьаҵара азы ажәалагалақәеи аԥшьгарақәеи аус рыдулара мҩаԥысуеит.

Аԥыза-министр Натан Реиес иҭабуп ҳәа еиҳәеит Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Амиссиа ахада имаҵураҭыԥ аҿы хра злоу иусура азы.

Аофис анапхгаҩы ҿыц Родриго де Резенде аԥсшәа иаҳәо,  Алеқсандр Анқәаб аԥсуа ган амиссиа аус ацуреи иахәҭоу адгылара аҭареи ишазхиоу азгәеиҭеит.    

 


Read 335 times - Аҩаша, 11 Жьҭаара 2022 23:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.